Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:


«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа русзуаҩцәа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә кьыԥхь, амассатә информациа ахархәагақәа, агазеҭ «Аԥсны» 105 шықәса рхыҵра амш!
Ихьыԥшым ҳҳәынҭкарра аргылараҟны ахаангьы аԥхьатәи апозициақәа аанызкылоз Аԥснытәи ажурналистика ароль ахә ашьара уадаҩуп. Шәара ҳтәылаҟнеиԥш, уи анҭыҵгьы имҩаԥысуа ахҭысқәа аашәырԥшуеит, инашәыгӡоит актуалра злоу ауаажәларра-политикатә, асоциал-економикатә, арҿиаратә проектқәа, аполитикатә культуреи ауаажәларратә гәаанагареи раԥҵара шәацхраауеит, акыр анырра аҭара шәылшоит атәылаҟны аполитикатәи ауаажәларратәи процессқәа.
Шәара шәыҩныҵҟа есқьынгьы иҟан арҿиаратә уаа, абаҩхатәра змоу, ауаажәларра рҿаԥхьа ирыду аҭакԥхықәра атәы бзианы еилызкаауа, зыԥсадгьыл гәыкала бзиа избо, згәы азыбылуа. Шәара иахьа шәнапы злаку аус ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа редакторс даман 105 шықәса раԥхьа иҭыҵыз агазеҭ «Аԥсны» актәи аномер.
Абри аныҳәамш аҽны ҷыдала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп шәааԥсаразы, иаашәырԥшуа аобиективразы, шәыпрофессионализм азы. Сара агәра згоит аԥхьаҟагьы шәзанааҭтә уал шәшацәхьамҵуа, ҳреспубликаҟны имҩаԥсыуа ахҭысқәа ианаамҭоу рцәыргара шшәылшо, Аԥсны ахыԥша аиӷьтәра аус аҟны аҵак ду змоу шәлагаламҭагьы шыҟало.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, арҿиаратә еихьӡарақәа, еицакра змам агәазыҳәара шәнапы злаку аус аҟны!»

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me