Мшаҧы 30, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажурналистцәа Реидгыла аҟны

Жәабранмза 25 рзы Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рымш иазку аныҳәатә хәылԥазы мҩаԥысит. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг еизаз зегьы ареспублика аҿы жәабранмза 27 рзы иазгәарҭараны иҟоу азанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.


«Аԥснытәи ажурналистцәа еиуеиԥшым абиԥарақәа ирыҵанакуеит, еиуеиԥшым адунеихәаԥшышьақәа рымоуп, аха доусы хра злоу азҵаарақәа рыӡбара, ауаажәларратә еилазаара ашьақәгылара, иааизакны иуҳәозар, ҳтәыла аҿиара аҿы илагала алеиҵоит», - ҳәа азгәеиҭеит Руслан Ҳашыг иқәгылараҿы.
Ари ахәылԥаз аҿы ирылаҳәахеит ажурналистцәа Реидгыла 2023 шықәсазы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҿы Аиааира агара Амш З0 шықәса ахыҵра инамаданы, «Цқьа идырым аибашьра аҭоурыхқәа» атема ала имҩаԥнагаз аконкурс аҿы аиааира згаз рыхьӡқәа.
Убас, аконкурс аҿы аиааира ргеит:
- аноминациа «Акьыԥхь» аҿы актәи апремиа ланашьахеит Леила Ԥачлиаԥҳа, аочерк «Ари агәалашәара лаӷырӡыла икаҭәоит» (агазеҭ «Республика Абхазия»);
- аҩбатәи апремиа лоуит – Елеонора Коӷониа, аочеркқәа рцикл «Нодар Шьаҟрыл иҭоурых» (Спутник- Аԥсны);
- ахԥатәи апремиа ланашьахеит – Есма Арџьениа, астатиа «Арратә ҭҟәацәа рзы Женеватәи аконвенциа иқәныҟәон» (агазеҭ «Республика Абхазия»).

Аноминациа «Ателехәаԥшра» аҿы актәи апремиа ианашьахеит - Руслан Ҳашыг (ателефильм «Ахьаа аиааира зылшаз анацәа», Абаза- ТВ);
- аҩбатәи апремиа ланашьахеит – Асҭанда Қьецба (адокумен­талтә фильм «Имтәаӡо ахьаа», Aԥсны Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра);
- ахԥатәи апремиа ланашьахеит ­– Елеонора Гилоиан (адокументалтә фильм «Аибашьра абацәеи аԥацәеи», Абаза -ТВ).

Аноминациа «Арадиои аинформациатә маҵзурақәеи» аҿы актәи апремиа ланашьахеит Елана Лашәриа, арадиоеиҿцәажәарақәа рцикл «Аветеранцәа иргәаладыршәоит» азы (Аԥсуа радио);
- аҩбатәи апремиа лоуит – Лана Абшьлааԥҳа, арадиодырраҭарақәа рцикл «Ицон аҳәса еибашьра» азы (Спутник- Аԥсны).

Аноминациа «Хатәгәаԥхарауаа» аҿы актәи апремиа ланашьахеит Фаина Матуаԥҳа, арепатриантцәа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирызкыз ателефильмқәа рцикл азы (Абаза -ТВ);
- аҩбатәи апремиа иоуит - Ахра Анқәаб хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирызкны аочеркқәа рцикл азы (Агазеҭ «Аԥсны»).
Иҷыдоу апремиақәа:

-аноминациа «Иреиӷьу ателе­хәаԥшратә проект» аҿы апремиа ланашьахеит Аида Базԥҳа, ателецикл «Аԥсадгьыл ахьчара зҽаԥсазтәыз» азы;
- аноминациа «Иреиӷьу ателе­хәаԥшратә проект» аҿы апремиа ланашьахеит - Лиана Ебжьноу, ателецикл «Аинформациатә фронт аибашьцәа» (Абаза -ТВ);
- аноминациа «Адокументалтә фильм» - аҿы апремиа ланашьахеит Надежда Боровикова, ателефильм «Аибашьра иазку ажәа» азы (Абаза-ТВ);
- аноминациа «Иуадаҩу аԥышәарақәа зыршаҳаҭуа» аҿы апремиа ланашьахеит Екатерина Бебиа, ашәҟәы «Шьала иҩу ашәҟәқәа» азы;
- аноминациа «Хашҭшьа зқәым аибашьра амшқәа» аҿы апремиа ланашьахеит - Саида Жьиба, аԥсуа ар аибашьцәа ирызку аочеркқәа рцикл азы (Спутник - Аԥсны);
- аноминациа «Арегионтә Теле­хәаԥшра аҿы адокументалистика» аҿы апремиа ланашьахеит - Кама Быҭәба, ателехәаԥшратә цикл «Ԥсра зқәым ахьӡқәа» азы (Гәдоуҭатәи Ателехәаԥшра);
- иҷыдоу апремиа ланашьахеит Асмаҭ Ҵәыџьба, аочерк «Абзиабара шсыцу сыԥсуеит. Рауф Дасаниа аҵыхәтәантәи ифырхаҵара» («Любя и умру. Последнее геройство Рауфа Дасания») азы. (Спутник-Аԥсны).

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me