Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Февраль 27 – аԥсуа милаҭтә кьыԥхь иамшуп

Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа изааигәаӡаз ицнагаҩцәа ируаӡәкыз, аамҭаказы «Аԥсны ҟаԥшь» аредакторс иҟаз, уимоу усҟантәи аамҭа иашьашәалаз агазеҭ ахьӡ «Аԥсны» «ҟаԥшь» нацҵаны «Аԥсны ҟаԥшь» ахьӡызҵаз еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, ановеллист Миха Лакрба Дырмит Ду изикыз иажәеинраала ацәаҳәақәа аҭагылазаашьа аԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш рызхәыцразы еснагь актуалра шрылоу иаанхоит.


Уԥшишь, иубома, амра гылоит,
Макьана ицәывҵыҷҷоит иара.
Убас хәыҷы-хәыҷла иҿыхоит.
Ҳара ҳазҽеихар, Аԥсынра…
105 шықәса рнаҩсан еиҭахгьы даҽа ҵәатәы шьаҟак ҳзаирсит Дырмит Гәлиа. Еиҭахгьы заҳҳәаз, 1921 шықәсазы Қарҭ иҭижьыз ишәҟәы хәыҷы ала ҳаԥсуа литература ауасхыр азышьҭеиҵахьан, уи ҳаԥсуа жәлар, ҳаԥсуа милаҭ – жәларык, милаҭк раҳасаб ала ишьақәзырӷәӷәоз, ишырҳәо еиԥш, раԥхьатәи ҵәатәы шьаҟан.
Уи ашьҭахь, быжьшықәса рнаҩсан, 1919 шықәса февраль 27 рзы иҭижьыз агазеҭ «Аԥсны» раԥхьатәи аномер ала аԥсуа милаҭтә кьыԥхь шьаҭаиркит. Ҳаԥсуа литература аамышьҭахь, хыхь ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, ахеиқәырхаразы – уи аҩбатәи ҵәатәы шьаҟан.
Абарҭ аҩ-факторк ирыбзоураны ауп 1921 шықәса инаркны 1931 шықәсазынӡа Аԥсны хазы иҟаз республикоуп ҳәа изырԥхьаӡозгьы.
Ииашаҵәҟьаны, хазы иҟоу республикан азоуп, 1922 шықәса декабр 30 азы СССР аԥҵаразы ирыдыркылаз адокумент, егьырҭ ареспублика дгьылҵакырақәа инарываргыланы, Асоветтә Аԥсны ахаҭарнак Н.Ақырҭаагьы уи инапы заҵаиҩыз. Убри ауп ирҳәо аҭоурыхтә фактқәа. Зегь иаадыруа ауми: 1931 шықәса инаркны ҳџьынџьтә еибашьра – 1992 шықәса азынӡа Аԥсны иавтономтә республиканы Қырҭтәыла аилазаара иалан. Автономтә республика – аригьы ҳәынҭқарратә шьақәгылашьан. Абарҭ еиқәаҳаԥхьаӡаз аҭоурыхтә хҭысқәа ҳажәлар рыԥсҭазаараҿы рыҟалара хыхь иааҳгаз ҩ-факторк ирыбзоуроуп ҳәа ҳҳәар имыцхәхом ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аҭоурых шаҳаҭуп рхатәы бызшәала аҩреи аԥхьареи ахьрымамыз иахҟьаны, хыԥхьаӡарала ҳара ҳаасҭагьы акырынтә иҳаиҳаз ажә́ларқәа ршәаџь зҳәо уаҩ дыҟамкәа аҭоурых аӡеибафара ишахәлабгахьоу.
Абарҭқәа заанаҵы еилкааны, игәынкыланы иман азоуп агазеҭ «Аԥсны» актәи аномер аҭыҵра дазгәдуны, аԥхьатәи адаҟьаҿы абарҭ реиԥш иҟоу ацәаҳәақәа игәы-иԥсы иалхны изаниҵаз Дырмит Гәлиа: «Аԥсацәа ражәа иалоуп: «амш ҽаԥарак аҟара иазҳаит» ҳәа, убас ҳаргьы ҽаԥарак аҟара ҳаԥхьаҟа ҳнеихеит иахьа. Шьҭа Анцәа иҳәауазар, ҳмыӡыр ҟалап, ари аус ҳхы иаҳзархәар. Шьҭа аԥсацәа лада шәыҟа, ҩада шәыҟа шәҽеидышәкыл ари «Абераҟ» аҵаҟа. Ари бераҟуп ҳара ҳзы».
Агазеҭ «Аԥсны» аргама иҭыҵуаз газеҭын Аԥсны аменшевикцәа рхаан, уи моу дара рақәыршаҳаҭрала ауп аҭыҵра излалагазгьы. Идыруп гәаанагарас ирымазгьы: ҳполитика иацзырӷызуа акәхоит» ҳәа иԥшын, аха…
Ҳәарас иаҭахузеи, ус иагьыҟалазҭгьы иахьа иҳамоу Дырмит Гәлиа зиакәхомызт. Ҩымцакы дрыбжьагылан усҟан иара. Иаахтны аменшевикцәа рҿагылара амалаҽшьра иаҩызан, аха зегь акоуп Дырмит ду агәаӷьреи аҟәыӷареи аарԥшны аԥсуа милаҭтә кьыԥхь уасхырс иазыҟалаз раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» урҭ амцқьақәа ридеологиа аидара иаҵало иҟаимҵеит…
Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа игазеҭ раԥхьатәи аномер аҭыжьраан даӡәызҭгьы, уи ашьҭахь иарӷьажәҩан иааивагылашаз ҟалеит аԥсуа интеллигенциа рҟынтәи. Аиашазы иара ишааиҳәаз еиԥшҵәҟьа, уи бираҟҵас ишьҭыхны, зыҵаҟа арҿиаратә абиԥара еидызкылоз акакәны иҟалеит. Иахьа уажәраанӡа ҳгазеҭ ашәхымс ихымҵыц, абра зырҿиамҭақәа раԥҵара хацзмыркыз шамахамзар, аԥсыуа шәҟәыҩҩык дҳамаӡам. Агазеҭ «Аԥсны» аԥсуа милаҭтә кадрқәа реиҵааӡаразы иӡрыжәырҭаны иҟан, иҟоуп.
Агазеҭ «Аԥсны» аҭыҵра шеиҿкааз еиԥш, раԥхьатәи аредакторгьы иара – Дырмит иакәын. Уи иаамышьҭахь инаимданы редакторцәас иамаз иреиуоуп иналукааша арҿиаратәи, ауаажәларратәи, анапхгаратәи усзуҩцәа: Самсон Ҷанба, Миха Лакрба, Нестор Ҭаркьыл, Мушьни Аҳашба, Нестор Абжарба, Рушьни Гадлиа, Николаи Киут, Руфеҭ Быҭәба, Сергеи Кәыҵниа, Борис Ҭыжәба, Владимир Қапба, Енвер Ажьиба. Досу изныз аамҭа ирыднаҵоз аҭакԥхықәрала аус руан, рыжәлар рҿахәы рҳәон.
… Мызқәак раԥхьа ҳажәлар гәацԥыҳәара дула иазгәарҭеит ҳџьынџьтә еибашьраҿы (1992-1993 ш.ш.) иргаз Аиааира ду 30 шықәса ахыҵра.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, ауаа хыма-ԥсыма аԥсеиқәырхара рҽаназыркуаз аамҭазы, агазеҭ «Аԥсны» аусзуҩцәа аредакциахь ауп еиханы иахьнеиз. Ирҭахын: «Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа, Аԥсны шәалҵ!» ҳәа нбан дула ианҵаны ргазеҭ ҭрыжьырц, аха уи излымҵуаз усын аҟынтә, ргәыԥжәареи дареи еизаанхеит. Убас шакәызгьы ргәы камыжькәа, Гәдоуҭа ицаны агазеҭ аҭыжьра напы адыркит. Убри азоуп Аԥсны жәлар рԥыза ду Владислав Арӡынба: «Аԥсуа газеҭ ҭыҵуанаҵы, аԥсуа ҳәынҭқаррагьы ыҟоуп» ҳәа зиҳәаз. Абригьы иааирак иаҩызан усҟан азы. Убри инаркны еиԥҟьарак амҭаӡакәан Гәдоуҭатәи араионтә типографиаҿы иҭыҵуан агазеҭ «Аԥсны» ҳаибашьра иааирала еилгаанӡа.
Аибашьраан агазеҭ аредакциа аусзуҩцәа , аредактор хада Борис Ҭыжәба раԥхьа днаргыланы. Владимир Чуаз, Рамиз Барцыц, Гьаргь Нарасқәуа, Валери Амаршьан, Сергеи Агындиа, Вахтанг Аԥҳазоу, Борис Қаџьаиа, Виктор Кәакәасқьыр, Генади Ҷолариа арратә корреспондентцәас иҟан. Зинаида Ақаҩба, Ламара Чамагәуа, Владимир Қапба афронт аҿы ахы иаҿагылан.
Агазеҭ аҭыҵра усҟан гәырӷьа­ҿҳәашак иаҩызаны, Аԥсны мрагылареи мраҭашәареи еигәныҩыртә еимаздоз акакәны иҟалеит.
Аԥсны жәлар аамҭа аӡыбларақәа акыр ишрыниахьоугьы, аханатәгьы ишырҳәо еиԥш, аӡы ахьцо иаццомызт. Ус иҟазҭгьы аӡсаразы «анапҟьашьагьы» рызҵомызт, уи иахҟьаны, ирыхьчогьы изыхьчогьы зыҟаломызт. Абарҭқәа еснагь игәаҭалатәуп, ҳәарада, избанзар макьанагьы ҳажәлар рыҩнуҵҟа иҟоуп иуашәшәыроу аҭыԥқәа.
Агазеҭ «Аԥсны» ́(«Аԥсны ҟаԥшь») ианакәзаалакгьы аԥсуа милаҭтә интеллигенциа рзы акыр зҵазкуа центрны иҟан. Ҳажәлар рҭагылазаашьа еиҳа иануадаҩӡаз, ианыхьанҭаз аамҭақәа рзы акәзар: жәлар рус, ҳбызшәа, ҳкультура, ҳдоуҳа, ҳполитика уҳәа – азҵаарақәа зегьы ахьышьҭырхуаз, иахьхацдыркуаз агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа рҿы акәын. Абасала сынтәа 105 шықәса зхыҵуа раԥхьатәи аԥсуа милаҭтә газеҭ «Аԥсны» изнысыз амҩа даара ишыхьанҭазгьы, аҳәызба аҿы иаҿагылоу ианиеиԥшыз шыҟазгьы, иара ашьапы зкыз рмилаҭтә идеиа рыларҵәаразы́, изнысыз амҩа уахәаԥшуазар, иалшаз хәызмаӡам лагалоуп ҳажәлар рдоуҳатә ркультура зегьы аҿы.
Агазеҭ Аԥсны 105 шықәса ахыҵра аназгәаҳҭо иақәнагоуп, иҳақуп иаҳгәалаҳаршәаларц уи ашьаҭаркҩы Дырмит Ду аԥхьа днаргыланы раԥхьатәи аномер инаркны аџьабаа баны зыԥсҭазаара азҭаз.
Ари аҭоурыхтә рыцхә инамаданы рзанааҭт́ә ныҳәа – Аԥсуа милаҭә кьыԥхь амш – февраль 27 рыдаҳныҳәалоит, хаҭала агазеҭ «Аԥсны» аҭыжьраҿы ишьаҭарку атрадициақәа еихаҳауа иахьатәи амш азы уи ҭзыжьуа, аџьабаа иаҵагылоу аредакциа аусзуҩцәа зегьы.
Ари амш рыдаҳныҳәалоит аԥсуа милаҭтә журналистика амаҵ азызуеи ҳгазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа рахь зҩымҭақәа аазго ҳавторцәеи ҳаԥхьаҩцәеи. Агәабзиареи арҿиаратә гәацԥыҳәареи шәыгымзааит! Шәалхәдамзааит ауаҩытәыҩса инасыԥ!

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me