Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

АԤСУА ЛИТЕРАТУРА АШЬАҬАРКҨЫ, АԤСНЫ ЖӘЛАР РПОЕТ ДЫРМИТ ИАСЫФ-ИԤА ГӘЛИА ДИИЖЬҬЕИ 150 Ш. АҴРА ИАЗКНЫ

Еицакра зқәым ахьӡ лаша

Февраль 21 рзы аҧсуа  литература ауасхыр азышьҭазҵаз, Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра амш азы ҳдоуҳатә культура аҿиараҿы акырӡа зҵазкуа аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаан.

          Аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иамоу ауаажәларратә ҵак ду аҳаҭыр азы, Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟа инақәыршәаны Аԥсны 2024 шықәса Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа ишықәсны  ирылаҳәоуп. Ишдыру еиԥш, агазеҭ «Аԥсны» 105 ш. ахыҵрагьы азгәаҭахоит.

 Дырмит Гәлиа имшира аҽны, Аҟәа анышә дахьамадоу игылоу абаҟаҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит,   аусмҩагатә ашҟа инеиз Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аԥсны Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Џьасыхә Нанба, Владимир Делба, Аиҳабыра  Реилазаара иалоу, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, аҿар, хыԥхьаӡарарацәала ашколхәыҷқәа, жәлар рышәҟәыҩҩы ирҿиара абзиабаҩцәа.

Дырмит Гәлиа ибаҟа амҵан еиҿкааз амитинг ааиртит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу. Уи иқәгылараан дазааҭгылеит: «иахьа 150 шықәса ҵит аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи. Даараӡа иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, ҳажәлар рдоуҳатә ԥыза ду дызгәалазыршәарц  арахь имҩахыҵыз Аԥсны Ахада, ҳтәыла анапхгара, арҿиаратә интеллигенциа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, аҵара-ааӡара амаҵ азызуа уҳәа зегьы. Аиубилеитә  усмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы Аԥсны Ахада идҵала иаԥҵоуп уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба хантәаҩыс дызмоу аҳәынҭқарратә комиссиа. Аԥсны Ахада Иусԥҟала 2024 шықәса Д. И. Гәлиа ишықәсны ирылаҳәоуп.  Иахьа, ҵабыргыҵәҟьаны, ҳара зегьы ҳазлахәу аҭоурыхтә ҵакы змоу ахҭыс мҩаԥысуеит ҳажәлар рдоуҳатә культуразы. Дырмит Гәлиа, иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи, аханатә еиԥш, иҿырԥшыгоуп. Уи дызнысыз, аԥынгыла дуқәа зцыз  иамҩа иаҳнарбоит ҳажәлар ирыхҭысхьоу, ирхыргахьоу, изҭагылаз аамҭа уадаҩқәа, насгьы ԥхьаҟатәи рԥеиԥш. Ус анакәха, ижәлар рзы, ахатәы бызшәа аиқәырхареи арҿиареи рзы илиршаз ахаангьы хашҭра ақәӡам».

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа иқәгылараан иазгәеиҭеит: «Ҳазҭалаз ашықәс ныҳәа дуӡӡоуп. Аҧсуа сахьажәа ахацыркҩы, ҳдоуҳатә ҧыза, арккаҩы Дырмит Гәлиа 150 шықәса ихыҵит. Амреиҧш икаххаа аҧсуаа ирзылҧхаз ауаҩы, сгәанала, дрыдукылар ҟалоит амифологиеи аепоси рҿы акультуратә фырхацәа-адемиургцәа. Урҭ ауаатәыҩса рыбла хызтыз, иуааны иҟазҵаз аҭагылазаашьақәа рзаҧырҵеит, аӡы, амца, ажәлақәа рзааргеит. Дырмит дугьы ижәлар ажәеинраала рзаҧиҵеит, аҵара-лашарахь амҩа дирбеит, адырреи ахдырреи рымаӡақәа рзааиртит».

Аҧсуа ҭҵаараҿы иахьанӡа Дырмит Гәлиа ихаҭареи ирҿиара амҽхаки рҵараҿы аҧсуа ҵарауаа иҟарҵахьоу шмаҷымгьы, акымкәа-ҩбамкәа амонографиатә усумҭақәеи, астатиақәеи, аочеркқәеи шҭыҵхьогьы, ҧхьаҟа иҟаҵатәу еиҳауп ҳәа иҧхьаӡоит академик З. Џьапуа.

Алитература-сахьаркыратә журнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа даԥхьеит Д. Гәлиа иажәеинраала «Сыԥсадгьыл», жәлар рпоет изку ихатәы жәеинраала.

Амитинг ахыркәшараан Д. Гәлиа иажәеинраалақәа ирыԥхьеит иара убас Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи  абжьаратәи ашколи, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратәи ашколи, Е. А. Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратәи ашколи рҵаҩцәа.

 

Аԥхара згым ахәышҭаара

Дырмит  Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра иазкыз аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵан Илитература-мемориалтә музеи аҟны. Арахь имҩахыҵит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, алитература абзиабаҩцәа.

Амузеи ашҭаҿ  ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиа анышә дахьамадоу игылоу абаҟа аԥхьа аҭааҩцәа рылаԥш наахон аамҭала идыргылаз Дырмит Гәлиа иԥа Гьаргь Гәлиа ҳамҭас ииҭахьаз  раԥхьатәи имашьына ласы «Волга». Иахьа уи ихатәуп Аҟәа инхо Арзадин Агрба.

Амузеи аиҳабы С. Қорсаиа аиқәшәара аартуа, еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит. Аиубилиар иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи дрылацәажәауа,  дырзааҭгылеит еиҳа акрызҵазкуа ахҭысқәа. Зегьы ишрыцку Дымит Гәлиа иҭынха аиқәырхара. Иналымҩатәны иазгәалҭеит амузеи аҟны ҳазну ашықәс азы аремонттә усурақәа хацыркхараны ишыҟоу.

Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иқәгылараан ахәҭакахьала иҳәеит: «зыԥсҭазаара зегьы зыжәлар рымаҵ аура, аԥсуа бызшәеи акультуреи рырҿиара  иазызкыз Д. И. Гәлиа ҳтәыла аҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда ааникылоит. Уи иҿаԥхьа зегьы аҭакԥхықәра ҳадзаауеит хәы-змам иҭынха, хымԥада, аиқәырхаразы».

Аиқәшәараҿы ирзыӡырҩын Д. И. Гәлиа имаҭацәа Татианеи Георгии Гәлиаа иаарышьҭыз авидеонҵамҭақәа. Имаҭа, ажурналист изанааҭ змоу Георги Гәлиа уаҟа иааркьаҿны Дырмит Гәлиа изкны иазгәеиҭеит: «ирҿиамҭақәа урыԥхьозар, уаҟа зегьы иҳәеит».

Жәлар рпоет иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи, насгьы ҳажәлар рдоуҳатә культураҿы иааникыло аҭыԥи ирылацәажәеит: Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа, ашәҟәыҩҩцәа Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Даур Наҷҟьебиа, иара убас Александр Гәлиа уҳәа егьырҭгьы. Д. И. Гәлиа иажәеинраалақәа  ирыԥхьеит  имаҭа имаҭа Дырмит Гәлиа, иара убас Аҟәатәи ашколхәыҷқәа.

Рҟазара ддырбеит ансабль «Гәында» ашәаҳәаҩцәа, адует «ANATRIO» уҳәа егьырҭгьы.

Аҽны аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаан иара убас  Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратәи ашколи Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатә ажәабатәи  абжьаратәи Ашьхарыуаа ршколи рҟны.

 

                                    Дырмит иаԥсшәа юныҩуан

Февраль 20 рзы  Д. И. Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазкыз аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥысит уи ихьӡ зху Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратәи ашкол аҟны.

 Уахь имҩахыҵит Аԥсны аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаа Авҭандил Сурманиӡе, Асҭамыр Ашәба, Ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл, акультура аҟәша аиҳабы Наала Ҳашыг, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, апоет Заира Ҭҳаиҵыкә уҳәа егьырҭгьы.

Иазгәаҭазар ахәҭоуп ашкол анапхгареи арҵаҩцәеи ирыбзоураны аҵаҩцәа даараӡа рыҽшазыҟарҵаз. Д. И. Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи сахьаркырала игәылыршәаны иаадырԥшуан ашәҟәыҩҩы   иажәеинраалақәеи, ипрозеи, игәалашәароақәеи, ипублицистикеи  рцыԥҵәахақәа ирыԥхьоз, еиуеиԥшым аинсценировкақәа цәырызгоз, ашәақәқәеи акәашарақәеи назыгӡоз аҵаҩцәа, хыԥхьаӡарарацәалагьы иалахәын.

Иубартә иҟоу ахәыҷқәа аҟыбаҩ бзиа шрылоу. Уи гәаҭаны ацәыргара, аӡыргара иацхраауа арҵаҩцәа рџьабаа, хымԥада,  ахәшьара бзиагьы аҭатәуп. Абасала, ашкол аҟны аҳра аман ахатәы бызшәа, аԥсшәа ҩныҩуан ашколхәыҷқәа рыбзоурала, егьрылшеит уи иаҵоу ахаареи иамоу аԥшӡареи рцәыргара.

Ашкол иаҭааз асасцәа рахьтә аҵыхәтәан Д. И. Гәлиа ииубилеи рыдныҳәалауа, зегьы еиҳау аихьӡарақәа рзеиӷьашьауа иқәгылеит: Аԥсны аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа.

                                    Жәлар рҵеи иуасхыр

Амилаҭтә сахьаркыратә литература ахыҵхырҭаҿы игылоу, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра аиубилеи ҳтәыла ахьынӡанаӡаао иазгәарҭоит. 2024 шықәса иара ишықәсуп.

Гәылрыԥшьаа ракәзар, Дырмит Гәлиа ихьӡ еиҳа ирызгәакьаны иахәаԥшуеит, избанзар иахьатәи Гәылрыԥшь араион Уарча ақыҭан ауп дахьииз. Ари араион аҟны иҟоуп Д. И. Гәлиа ихьӡ зыхҵоу Уарчатәи абжьаратәи ашкол, Баӷажәиашҭа ақыҭан – ихьӡ зху амҩа. Убри аҟнытә, ашәҟәыҩҩы ихьӡ ҷыдала иазыҟоуп араион аҟны.

Февраль 20 рзы Гь. Д. Гәлиа ихьӡ зху Гәылрыԥшьтәи акультура ахан аҟны араион ашколхәыҷқәа злахәыз аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥысит.

Аусмҩаԥгатә иаҭааит араион Ахадара ахаҭарнакцәа, аҵара аҟәша аиҳабы Шь. Емсых, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аԥҳазоу, апоет З. Ҭҳаиҵыкә уҳәа егьырҭгьы.

Аԥсуа школқәа реиԥш, ахәылԥаз аҟны рҟыбаҩ ддырбон аерман школқәа рҵаҩцәагьы.

Аиубилеитә хәылԥазы ааиртит Гәылрыԥшь араион Ахадара аҵара аҟәша аусзуҩы Хьудар Ханагәуа. Жәлар рпоет диижьҭеи 150 ш. аҵра иазкыз ахәылԥаз ахь инеиз зегьы  ирыдиныҳәалауа, иазгәеиҭеит Дырмит Гәлиа ихьӡ аԥсуа доуҳатә культураҿы иааннакыло аҭыԥ ҷыда. Уарча ииз, аха зыԥсҭазаараҿы акыр амыҟәмабарақәа згызгахьаз арҿиаҩы еснагь гәыблыла дшазыҟаз иқыҭа гәакьа, лассы-лассы дшаҭаауаз. Ихьӡ еиҵагыло абиԥарақәа ирхамыршҭуа ԥхьаҟа ишнаргалаша. Ашәҟәыҩҩы Асовет аамҭазы Агәыӡера аҳаблан, амшын азааигәара ихатә ҭыӡҭыԥ иман, ԥсшьара уахь дцалон. Ишҟа имҩахыҵхьан ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы.

Дырмит Гәлиа иҩымҭақәа шьаҭас иҟаҵаны ашколхәы:қәа даара азҿлымҳара бзиа зауз ахәылԥаз еиҿыркааит. Иажәеинраалақәеи ипролзатә рҿиамҭақәа рцыԥҵәахақәеи исахьаркны ирыԥхьон, иҩымҭақәа ирылхны аинсценировкақәагьы ддырбеит. Ахәылԥаз еиҳагьы алахҿыхра иацырҵон араион аҟны еиҿкаау ахореографиатә ансамбль «Кәыдры».

Ҳтәылаҿы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра иазку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵахоит.

В. Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me