Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аслан Дауров Имузеи

Нхыҵ-Кавказ зыхьӡ нагоу акомпозиторцәа ируаӡәку, ­­­ М. И. ­­Глинка ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алаурет, Ҟарачы-Черқьесктәи Ареспублика агимн автор, еицырдыруа ашәаԥҵаҩы, акомпозитор Аслан Дауров имузеи аадыртит Черқьеск ақалақь аҟны.


Уи аԥҵоуп иара ихьӡ зху акультуреи аҟазареи рколлеџь ашьаҭала.
Уаҟа ахәаԥшцәа ирызцәыргақәҵоуп акомпозитор Аслан Дауров иҭаацәаратә фотосахьақәа, инапылаҩыратә нотақәа, еицырдыруа акомпозитор Свидорови иареи рысалам шәҟәқәа, иара убас амаругақәеи ихатәы маҭәарқәеи.
Аиԥш-зеиԥшу амузеи аартра, еицырдыруа ауаҩы ихьӡ анаӡаӡатәразы даараӡа акраҵанакуеит. Уи баҟа дуӡӡоуп адоуҳа аиқәырхаразы. Еиҵагыло абиԥарақәа рзы аҭоурых еиқәнархоит, изыдҳәалоу ауаҩы иԥсҭазаара аимгеимцарақәа иргәылаԥшратә еиԥш аҭагылазаашьа рнаҭоит.

Саида Ҳаразиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me