Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҳмилаҭтә хаҿра мыӡырц

Иҳаҩсыз амчыбжь анҵәамҭазы имҩаԥысит амилаҭтә идеологиа ашьаҭаркыҩцәа ируаӡәку, аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыршьҭаҵаҩ, арккаҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵреи агазеҭ «Аԥсны» 105 шықәса ахыҵреи ирызку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы, атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Зураб-иԥа Гәынба ихантәаҩрала иаԥҵоу Аҳәынҭқарратә комиссиа аҩбатәи аилатәара.


Акомиссиа алахәцәа раԥхьатәи реилатәараҟны ишазԥхьагәарҭахьаз еиԥш, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаарала разгәаҭара хықәкыс иҟаҵаны, ҩымчыбжьа ирҭагӡаны ражәалагалақәа (иақәхарџьхо арбаны) нарышьҭыр акәын аҳәынҭкомиссиа ахантәаҩы иусбарҭа ашҟа.
Акомиссиа амшхәаԥштә аҟны иқәгылан, иарбаз аҿҳәара инақәыршәаны, акультуратә хәышҭаарақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыҟнытә аусмҩаԥгатәқәа рыхәаԥшра.
Аҳәынҭкомиссиа алахәцәа еиуеиԥшым ажәалагалақәеи агәаанагарақәеи ианырзыӡырҩы еицҿакны реиқәшаҳаҭхарала ишьақәырӷәӷәан:

1. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Д.К.Наҷҟьебиа иажәалагала инақәыршәаны 2024 шықәса иалагӡаны иҭыжьзарц, Аԥсны жәлар рпоет иҩымҭақәа: апоезиа, апроза еидызкыло аизгақәа аԥсышәалеи урысшәалеи. Аизга «Дырмит Гәлиа изку ажәа»; Гь.Гәлиа – «Саб изку аповест»; О.Воицеховскаиа-Брендель – «Д.Гәлиа ихаҿсахьа аҿыханҵатә ҟазараҿы». Иара убас ажурнал «Алашара» аредактор хада иажәалагалала, «Дырмит Гәлиа. Ахәыҷтәы жәеинраалақәа» (аԥсышәалеи ҭырқә бызшәалеи; аиҭ. О.Чкотуа) еизгакны;

2. Ақалақь Аҟәа ахадара акультуратә, арҵартә, ааӡаратә усбарҭақәа рҟны иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа руснагӡа;
3. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Р.М.Ҳашыг иажәалагала инақәыршәаны, аиубилеитә рыцхәқәа разгәаҭара ахьӡала, ҳтәыла амассатә информациатә хархәагақәа русзуҩцәа рыбжьара арҿиаратә еиндаҭлара: «Сара саԥсыуоуп, Аԥсуа жәлар рԥа соуп сара» амҩаԥгара.
4. Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟнытә инашьҭыз ажә́алагаланҵа ашьаҭала иазыӡбан: 2024 шықәса аԥсуа доуҳа хырхарҭа рацәала арҿиара ахацыркҩы Д.И.Гәлиа ишықәсаны ирылаҳә́азарц. Ҳтәыла ақыҭақәеи, ақалақьқәеи еиуеиԥшым ркультуратә, рҵара-аӡаратә хәышҭаарақәа рҟны Жәлар рпоет игәалашәара иазкны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара, ашықәс иалагӡаны. Иара убас, урҭ рҵакырадгьылқәа рҟны иҟоу аӡыргаратә ҭыӡҩырақәа иркыдҵазарц Д.Гәлиа ифотосахьақәеи иҩымҭақәа рцыԥҵә́ахақәеи ҿҳәарала мызкы иеиҵамкәа.
Аӡҩыбжьа, Дырмит Иасыф-иԥа диижьҭеи 100 шықәса аҵра аан 1974 шықәсазы, асовет шәҟәыҩҩцәа алархәны еибыҭаз «Аиҩызара аллеиа» ҳәа ахьӡ зауз абаҳча иара ихьӡ ахҵара, насгьы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан ирбгаз Дырмит Гәлиа ибиуст ақәыргылара аус аӡбара. Аҭыӡҩырақәа ҟаҵазарц аамҭала рҵаҩыс аус ахьиуаз – Кәтол, Кындыӷ, Тамшь ашколқәа рҟны.
Аӡҩыбжьа иҭыӡҭыԥ аҟны амемориалтә ӷ́әы ргылазарц, А.М.Ҷоҷуа ихьӡ зху ақыҭантәи ашкол аҟны имузеи аартызарц. Иара убас, ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратә школ ауадақәа руак аҟны иеиҿкаазарц ихаҭареи ирҿиареи ирызку аԥсуа литература акабинет.

5. Аҵара Аминистрра ажәал­ага­­лақәа инарықәыршәаны иазԥхьа­гәаҭоуп ашколқәеи ашколқәранӡатәи ааӡаратә усбарҭақәеи рҟны иаарту агәырӷьаратә еилатәарақәа, еиуеиԥшым аҩыра хкқәа рыла аиндаҭларақәа, «аишәа гьежьқәа», аҭҵаарадырратә усурақәа рымҩаԥгара уҳәа жәпакы хра злоу, еизҳауа абиԥарақәа рдунеиеилкаара зырҵауло аусмҩаԥгатәқәа.
Агазеҭ «Аԥсны» 105 шықәса ахыҵра, ҳтәылаҿы иазԥхьагәаҭоу аиубилеитә уснагӡатәқәа рыхәҭа хадак аҳасабала, азгәаҭара иазку, Нхыҵ-Кавказ ҳаешьаратә жәларқәа рмилаҭтә газеҭқәа рредакциақәа рхаҭарнакцәа алархәны агәырӷьаратә еилатәара мҩаԥгахоит апрель 24 рзы. Иаԥҵахоит убасгьы амилаҭтә газеҭ аҭоурых аазырԥшуа адокументалтә фильм, уи иазкны еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иаԥҵоу аҵарауааи ажурналистцәеи русумҭақәа реизга, аҭыжьымҭа аҭоурых аазырԥшуа афотосахьақәа рцәыргақәҵа; иарбоу арыцхә инақәыршәаны ԥшшәыла иҩычоу аа-даҟьак инаӡо изаамҭанутәи аномер аҭыжьра.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ашықәс иалагӡаны имҩаԥгахоит аҩбатәи ареспубликатә лингвистикатә форум; ахатәы бызшәа азгәыбылра, блаҷыцны уи ахӡыӡааразы азҿлымҳара аҿар азхьазырԥшуа, х-ҩаӡаракны еихшоу апроект «Абызшәа ашҭа»; убасгьы Дырмит Гәлиа игәалашәара ахьӡала В.П.Анқәҿаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр, Нхыҵ-Кавказ – Ҟарачы-Черқесски, Ҟабарда-Балкариеи рҟны имҩаԥнагоит арҿиаратә хәылԥазқәа ааԥын анҵәамҭеи ҭагалан аҽеиҩшамҭеи рзы.
Имаҷым иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа. Иҟоуп макьаназы инагӡаны ишьақәырӷәӷәам, аҳәынҭкомиссиа анаҩстәи аилатәарақәа рҟны изхәаԥшраны иҟоу, ҳмилаҭтә доуҳа зуасхыру ҳхаҿра, «цәгьа еижьагоу адунеи» аҟны имҩаԥысуа аӡыбларатә ҭагылазаашьақәа ирылаӡҩамхарц. Абзиа Анцәа иаҳԥеиԥшитәааит.

Ахра Анқәаб

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me