Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажәытәра иазымгаз, аха ҿыц зхы цәырызгаз

Аҩнаҵаҟа иҟаз ауадабжьара ҳааҩналеит. Наҟ-ааҟ ииаҵәаӡа иҿаз аӷәтәышәқәа руак аалыртын, аԥшәма ҳамҩахылгеит. Ҳаԥхьа иаагылеит илашаӡа, иԥхаӡа иҟаз аҟазарҭа. Зегьы еилфаҷа рҭыԥқәа рҿы иҟан. Уи иаразнак улаԥш иҵашәон, ауадаҿы аҟазаара уҭаххон. «Арахь атәымуаҩ даасымгацт, зегьы снапала иҟасҵеит азы сахыбаауеит», - лҳәеит аҟазарҭа аԥшәма, ҳахьааиз аҭыԥ шаҳгәаԥхаз анылба.


Сабина Ахьиба Афон Ҿыц дынхоит, лара 27 шықәса лхыҵуеит. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет даушьҭымҭоуп, аҟазаратә факультет аҿы аҵара лҵон. Аграфикатә дизаин хырхарҭас ишлымазгьы, лыԥсҭазаара анышәаԥшьӡы иадылҳәалеит.
«Акерамикахь машәыршәа снанагеит, сыгәгьы иҭамызт. Ахԥатәи акурс аҿы апрактика ҳаман астудиа «Артель» аҿы. Убра иалаҳхыр акәын анаҩстәи ҳхырхарҭа. Уаҟа анышәаԥшьлыхқәа ҟарҵон, аха ирҭәаны. Аформақәа анышәаԥшь рҭаҭәаны аирыӡқәа, аҳаԥшьақәа рылырхуан. Уа ирызгылан напыла еибыҭаз, анышәаԥшь аус ахьадыруло агьежь (гончарный круг). Иара аус азыруаз амотор аӡәӡәага машьына иатәын. Уи снаҿатәарц сҭаххеит. Ҳахьыҟаз астудиа аиҳабы Даур Гәымба азин сиҭеит аамҭа ансымоу аус алаура», - илгәалалыршәоит лара.
Сабина илҳәоит, анышәаԥшь аус шадулатәу Даур ишылирбазгьы, лхала, лыгхақәа рыла илҵаз шырацәоу. – Зегьы иаразнак исҵеит сызҳәом, аха уи азы исыман агәаҳәара ду, – азгәалҭеит ҳаиҿцәажәараҿы.
«Уи аамҭазы ауниверситет аҿы сҵара хсыркәшон, студентк лаҳасабала исымаз агәҭынчымра, ашәара, ааԥсара, зегьы анышәаԥшь ахь исырхон. Ари аус аҿы иумазароуп амч ду. Убысҟак сҽадцалан аус зуан, нацхыԥда санаанхозгьы ыҟан. Акгьы сзалҵуамызт, аха сус иснаҭон ахәақәиҭра. Хәыҷы-хәыҷла снапқәа ашьцылеит, сгәы иҭаскуаз аформа сзалҵуа иалагеит. Иаҳа-иаҳа сҿаԥхьа иқәсыргылоз адҵақәа сыруадаҩуан, сҟазара еиҳахарцаз. Даур игәаԥхомызт сусумҭақәа рформа, дара ииашахәҵәараӡа иҟан. Уи анибоз ари аԥсы ахамызшәа, азауад иҭнажьызшәа иҟоуп ҳәа иҳәон. Аха, сара даҽакала исзыҟаҵомызт. Анышәаԥшьлых аҟаҵараҿы ииашоу аформа аҟынӡа аусумҭа анагара даара иуадаҩуп, аха уи сара исцәаҩаҟазшьоуп», - еиҭалҳәеит Сабина.

Абасала, Сабина «Артель» аҟны аусура далагеит. Уаҟа иаадыртит акурсқәа, анышәаԥшь аус адулара зҭаху рзы. Схала исҵаз зегьы ауаа рызнагашьас иасҭои ҳәа игәнылгон аханатә, иагьылцәыуадаҩын. Убри аан ари аус зҵар зҭаххаз рацәаҩхеит. Сабина лажәақәа рыла, ҩынтә-хынтә ихынҳәуаз ыҟан, убысҟак иамҽханакуан. Акурсқәа ирхысны анаҩс дара рхатә студиақәа аадыртуан. Аха зегьы маншәалан ицомызт. Лҵаҩцәа русумҭақәа иӡны данаалгалак аҷҷара иалагон. «Аҭыԥантәи анышәаԥшь аусураҿы даара иманшәалоуп, аха иара иагыз ҳзеилкаауамызт, ҳаалыҵқәа ԥхасҭамхарцаз» – лҳәоит Сабина. Усҟан анышәаԥшь атәыла анҭыҵынтәи иаалхәо далагеит, усҟаноуп дара реиԥшымзаара атәы анылдыргьы.
Сабина рҵаҩыс аус луан шықәсыки бжаки. Ауаа рхыԥхьаӡара иагхомызт, аха есыҽны Афонынтәи Аҟәаҟа ацара-аара дарааԥсеит, луалафахәы зегьы лымҩақьыра иахҭнылҵо даналага, лусура аанлыжьырц лыӡбеит. Убысҟан ауп ианиз уажәы ҳаҩнатәаны ҳахьеицәажәоз лхатә ҟазарҭагьы. Уи иаҭахыз амаругақәа рыла аибыҭараҿы лҭаацәа лыцхрааит. Ауада лнапала илшәуан, лгәы ишақәшәо илырԥшӡон. Аханатә лнапы иҵылхра иарбан маҭәарқәоу лыздыруамызт, аха нас ачысмаҭәа дазааит. Сусумҭақәа ауаа есыҽны рнапаҿы иркызарц сҭахуп, иргыланы иахәаԥшуа акәымкәа, ҳәа инаҵылшьит лара.
«Аҩны иаҳку сара иҟасҵо ачысмаҭәоуп. Сан амшаԥчыс злалӡуа аформақәагьы лзыҟасҵахьеит, дара даара иманшәалахеит. Аплита иҭаргыланы иалаҳӡуеит, акгьы иацәшәаӡом, анҵырагьы рымоуп», - лҳәоит Сабина.
Аханатәгьы Аԥсны анышәаԥшь иалырхуаз ачысмаҭәа акәын. Ҳтәылаҿы акыцлых цәырҵит ахаҳә аамҭазы, аарыхра ашьақәгылара ианалага, ҳәа азгәеиҭоит аҵарауаҩ Гарри Сангәлиа. Аԥсны иԥшааз Кистриктәи раԥхьатәи анхарҭа, анҭырҵаауаз, археологцәа ицәырыргеит анышәаԥшь иалху асаанқәа, аҟәџьалқәа. Анаҩс аџьаз ашәышықәсақәа раан аҭаҵәах азы аҳаԥшьақәа ҟарҵо иалагеит. Абжьаратә шәышықәсазы аҳаԥшьақәа убас идуны иҟарҵон, акьыба кыдыргылан иҭалан ирыӡәӡәон. Ус еиԥш Лыхны иҟаҵаны ирыман, ҳәа еиҭеиҳәоит археолог.

– Анышәаԥшьлых ижәытәӡатәиу аԥсуа культураҿы аҭыԥ ду ааннакылоит. Акырӡа ирҿианы иҟан, – иҳәоит аҵарауаҩ. Антикатәи аамҭазы аҩны ахыб акыцлых ала иҟарҵо иалагеит. Аӡыхьқәа рҟынтә аиланхарҭақәа рахь инеиуаз аӡымҩангагақәа анышәаԥшь иалырхуан. Амшынӡы ҭаҭәаны, амца аҵаҵаны анышәаԥшь иалхыз ачанқәа дыршуан, анаҩс аџьыка роурцаз. Аԥсны ииз ари акультура акы иалаҩашьомызт, ирныз асахьақәа, ашәага-зага, аҿыгҳара, ишӡу рыла. Ҵабал иԥшааз аирыӡ аиԥш-зеиԥшу адунеи аҿы иҟам, убысҟак аҷыдарақәа амоуп - амаа, ахәдапара, аԥштәы, иахылҵуа абжьы уҳәа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа Очамчыра, Гәдоуҭа анышәаԥшь аус адызулоз аҟазацәа ыҟан. Нас иаҳа-иаҳа ииаӡаауа иалагеит акәымзар. Анышәаԥшь аус адызулоз аԥсуа ҟазацәа дуқәа рахь иԥхьаӡоуп: Валентина Хәырхәмал, Виачеслав Хәырхәмал, Џьулетта Мышәба, Александр Донченко. Урҭ рахьынтә Валентина Хәырхәмал лусумҭақәа, акерамика аганахьала - асаан дуқәа, аскульптура акәзар – акамбашь иақәтәаз ахәыҷқәа, Амилаҭтә галереиаҿы иҵәахын. Уи аиҳабы Сурам Сақаниа иажәақәа рыла, абылра ашьҭахь аусумҭақәа рахьынтә иалыргаз ыҟоуп, урҭ еизганы иуҷабыр ҟалоит. Еиҭа имаҷымкәа ахәа иалоуп ҳәа агәаанагара имоуп иара. Археологцәа реиԥш ҳныҩналаны аԥшаара ҳалагоит, аха амцакра зыхҟьаз азы аусҭҵаара иаҿуп аҟынтә макьана уахь анеира азин ҳамам, иазгәеиҭеит ҳаицәажәараҿы.

Анышәаԥшьлых уажәы аларҵәара бзиа амоуп, уи макьана ус иагьыҟазаауеит ҳәа лгәы иаанагоит Сабина. Ауаа иԥсабаратәу аалыҵқәа иаҳа аԥыжәара арҭо иалагеит, уимоу, напыла иҟаҵоу пату ақәырҵоит, иаҳа ирызгьамоуп, ҳәа азгәалҭоит лара. Убри аан аҟазацәа рхыԥхьаӡарагьы иацлоит, иаҳхашҭыз аус уажәы ҿыц аҿиара амҩа иануп ҳәа лҳәоит Сабина.
Иахьа Сабина ҿыӷәӷәала илҳәарц лылшоит, лус дазҟазоуп ҳәа, избанзар лхала илырҳаз аԥышәа илнарҵаз рацәоуп. Иҟан аамҭак лус лгәы анацәкаҳазгьы, иҟалҵо дақәымшәо данаанхаз. Иҟалаз убри ауп, ауаа илзаҿарҵоз аусумҭақәа ԥхасҭахо иалагеит, иҷҷон. Амаҭәар ҟаҵаны, ишәны, иӡны, асахьа анҵаны уанаалгалак, иара ианыҷҷалак, уџьабаа, уԥара зегьы аӡы ианауҭалак, убысҟак угәы унархьуеит, ухы ахьугара уақәымшәо уаақәхоит, илгәалалыршәоит уи аамҭа Сабина.
«Асанкциақәа ирхырҟьаны сзышьцылахьаз аматериалқәа аҭирҭақәа рҿы иҟамызт, егьырҭ рахь саниас, дара-дара еинааломызт. Иҟасҵара сзымдыруа санықәха, фестивальк аҿы сзабадырхьаз ҟазак дыԥшааны изанысҵеит дсыцхраарц. Иара зегьы еилыкка исеиҳәеит, еинаало, иааибуа сыҵеиҳәеит. Уи ашьҭахь сыԥсы сылалеит. Сус сеиҭазыхынҳәит. Сусумҭақәа ԥшшәыла иҩычоуп, асахьақәа ракәзар – имариоуп, иара убри алагьы схатәы стиль шақәсыргылеит», - лҳәоит аҟаза қәыԥш.
Абасала Сабина лхала лхы даԥ­шәымахеит. Лара дрылахәуп афестивальқәа, аџьармыкьақәа, илымоуп лхатәы даҟьа асоциалтә ҳаҿы, лусумҭақәа ахьӡырылго.
«Ауаа идсырбо салагеит аусумҭа шыҟасҵо. Ҵыԥх инаркны иаҿарҵо иалагеит цырак, ҩ-цырак акәымкәа, ирацәаны. Усҟан еилыскааит ари ауаа ишырҭаху, саргьы ишыснаало. Еиҳарак иазҵаауеит акаҳуа зларжәуа», - лҳәоит лара.

Аҟаза иҳадылгалеит анышьаԥшь иалхны усумҭак аҟаҵара, аха ҳара лара лусушьа ахәаԥшра иаҳа иаҳҭаххеит, иагьҳзеиҭалҳәеит уи нап шалыркуа.
«Аханатә анышәаԥшь гәаҭатәуп, аусуразы иманшәалазароуп. Ицәаакцәазар, аӡы алысхуеит, иҩацәазар, исырцәаакыроуп, нас исрапоит. Аформа ахьасҭо аҭыԥ ахь саниаслак, ирҵәиуа, снапқәа ырбааӡо, ишысҭаху иҟасҵоит. Аусумҭа ииашаӡа иҟаларцаз, анышәаԥшь аханатә ишахәҭоу ишьақәыргылатәуп. Анышәаԥшь аформа анаиулак, уахыки-ҽнаки иҩароуп. Анаҩс иаацәны, имыцхәы анышәаԥшь амхны, ишәны иҟасҵоит. Ианбалак, исӡуеит», - еиҭалҳәеит Сабина. Убри аан ҳабла ишабоз лара ашәырсаан ҟалҵеит.
Аҟаза лус илзацу абзиабара адагьы, ахашәалагьы лнаҭоит. «Ауаа сырдыруеит, сусумҭақәа аархәоит, аха сара исҭахуп идуу, сзыхӡыӡаало усумҭак ҟасҵарц, уигьы сазнеип» – азгәалҭеит лара ҳаиҿцәажәара хыркәшауа.

Альбина Жьиба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me