Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Алаҵа бзиа ԥсеиқәырхагоуп

Аамҭа бзиа ҳананыз ахәыҷқәа, ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәра иаҵанакуаз рҭаацәа гәыҩбарада иазнеиуан алаҵа аҟаҵара. Асовет аамҭаз иҳадыргалоз алаҵа агәрагара, ахаҭабзиара еиҳазма? – абарҭ азҵаарақәа рышҟа ухьанарԥшуеит, абри аганахьала иахьатәи ҳҭагылазаашьа.


Арҭ амшқәа рзы Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ажурналистцәа алархәны имҩаԥнагеит астол гьежь. Уи иалахәын: агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делба, ахәшәтәыра-профилактикатә усбарҭа анапхгаҩы Баҭал Кациа, Гәдоуҭатәи асанепидстанциа аҳақьым хада Инга Ҷанба, асанитартә-аепидемстанциатә маҵзура аҳақьым хада Алла Белиаева, Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәыниа, апедиатр Марина Гегиа, Аҟәатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ада Абыхәба, аексперименталтә паталогиеи атерапиеи Ринститут адиректор ихаҭыԥуаҩ Алиса Матуа.
Астол гьежь иалахәыз рҿаԥхьа тема хаданы иқәгылан: Аԥсны ахәыҷқәа, ахәыҷбаҳчақәеи, ашколқәра иаҵанакуеи рыбжьара алаҵақәа рымҩаԥгара аҭагылазаашьа.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делба дазааҭгылеит иахьа ахәыҷқәа рзы алаҵа аҟаҵара мап ацәызкуа шырацәаҩхаз. Убри аан даара аҽарҭбааит аинфекциатә чымазарақәа: аимҳәаршәаа, абҷы, амгәахьаа зыхьуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара. Абри ачымазара имарианы ралыргаразы хымԥада иаҭахуп алаҵа аҟаҵара. Уи змоу 95% – иацәыхьчахоит арҭ аҿкы чымазарақәа. 2022 шықәсазы – алаҵа рзыҟаҵан 17% ахәыҷқәа, 2023 шықәсазы – 24% роуп алаҵа ҟазҵаз.
«Арҭ амшқәа рзы алаҵаҟаҵара ҳахьнеиз школк аҿы 10-ҩык аҵаҩцәа роуп иҟазҵаз. Аимҳәаршәаа зыхьуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ианвар мзазы 70-ҩык иреиҳахеит, иара убас ари ачымазара рыхьыр алшоит, ианыхәыҷыз изхызымгац адуцәагьы, усҟан урҭ рыхәшәтәра еиҳагьы ицәгьахоит. Аимҳәаршәаа ауаҩы ихьыр алшоит аҳауа иалаланы. Уи аҽацәыхьчаразы зегь раԥхьаӡа иргылатәуп алаҵа амазаара. 2023 шықәсазы аимҳәаршәаа зыхьыз ҳәа иҭагалоуп 900-ҩык ахәыҷқәа», – изгәалҭеит А.Белиаева. Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым – апедиатр Марина Гегьиа илҳәеит даара рхыԥхьаӡара шырацәоу ирҭаауа ахәыҷ чымазцәа. Иӷәӷәоу ахәышәтәырҭахь ишьҭаҳҵоит, еиҳа иԥсыҽу аполиклиникахь идәықәаҳҵоит.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышә­тәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниа иазгәеиҭеит: Аԥсны ҳара иҳамоу ҩыџьа заҵәык аҳақьым – ареаниматологцә́а роуп, убри азы аҿкы чымазара злаҽӡаны иааиуа ахәыҷқәа рыԥсҭазаара аиқәырхаразы Аԥсны анҭыҵ идәықәырҵоит. Урҭ рыхәшәтәразы ахарџь аҳәынҭқарра иашәоит. Аха убриаан рдокументқәа еиқәшәаны иҟазароуп. Иҟоуп ҳусураҿы аихьӡарақәагьы, иаҳхысыз ашықәсазы, Урыстәыла ишьҭны иаҳхәышәтәит, рыԥсы еиқәҳархеит 28-ҩык ахәыҷқәа, даара зҭагылазаашьа уашәшәыраз», – иҳәеит иара.
Алиса Матуа илҳәеит: «Ҳара ашьаҭа ҳарӡроуп алаҵа иазкны ауаажәларра ирыладырҵәо амифқәа. Ҳара Аԥсны иҳауа алаҵа ашәарҭара аҵам. Иҟамлац уи злазҵаз ирԥырхагаханы. Аха ишәарҭахаз ачымазара ҿкы, аимҳәаршәаа, абҷы зыхьыз ахәыҷы алаҵа имазар имарианы ихигоит. Уҳәан-сҳәанқәа ирзыӡырҩны иҟазымҵаз рхәыҷқәа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылоит».
Астол гьежь аилацәажәара хыркәшо асаниепидстанциа аҳақьым хада Алла Белиаева илҳәеит, ишаҭаху хымԥада азакәан ахәыҷқәа алаҵа рзыҟаҵаразы. Иара убас Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ихацнаркит афильм аҭыжьра убри иазкны.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me