Еиуеиҧшым аидеақәа, «аӡа» ашәа нагӡа алызхуа, аус адызуло, атекст ишахәҭоу, еихышәшәо еиҿкааны, амузыкатә рҿиамҭа аоранжировка ҟазҵо убрахь дналаҵаны.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы, Аҧсуа телехәаҧшра, еиуеиҧшым асоциалтә ҳақәа рҟны лассы-лассы амузыкант, акомпозитор, аоранжировка ҟаҵаҩ иаҳасабала абаҩхатәра злоу, ҳестрадатә шәаҳәаҩцәа дахьрыцықәгыло аклипқәа уаҩы ибоит Абзагә Марыхәба.
Хаҭала, Абзагә Марыхәбеи арҭ ацәаҳәақәа равтори ҳаибадыруеижьҭеи 20 шықәса инарзынаҧшуа иҵуеит. Аамҭаказы ателехәаҧшра «Абаза» аҟны аус еицаауан. Раҧхьа уи ирҿиаратә усура ахьхациркыз «Абаза» аҟны шакәу, хаҭала, амонтажҟаҵаҩыс аусура дшалагазгьы бзианы исгәалашәоит.
Аҟәатәи аиндустриатә коллеџь «арадиоеимадареи, арадиодырраҭареи, ателехәаҧшреи» рзанааҭ ала иҵара анхиркәша ашьҭахь, 2007 шықәса азы, «Абаза» аҟны хымз аҧышәара данахыс, еицгәарҭеит ателехәаҧшраҿы аусура шилшоз, ишиқәҿиоз. Раҧхьа монтажҟаҵаҩыс дрыдыркылеит, анаҩс аефир ашьҭҩыс. Хазы, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура ҵараиурҭа аҟны аоркестортә ҟәша аҟны аҵара иҵон, еилеигӡон амузыкатә ҵареи ателехәаҧшраҿы аусуреи.
Шәачатәи ателехәаҧшраҿы изанааҭ ала шықәсқәак аус аниу ашьҭахь, Абзагә аамҭаказы Аҧсуа телехәаҧшраҿы аефир ашьҭҩыси иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟны аимадара аҟәша аиҳабы ихаҭыҧуаҩыси аусура еилеигӡон.
Анаҩс, иҽҧишәеит акинемотаграфиа аҟныгьы. Хаҭала, афильм «Софичка» аҟны аҭакҧхықәра зцыз аус наигӡон, администраторс даман.
Абзагә згәырҵҟәыл бзиоу, зхы аус адызуло, апринципрагьы змоу, зыгәҭакы иацәхьамҵуа, аҵыхәтәанынӡа иназыгӡо дыруаӡәкуп. Ауаҩреи аламыси рыла дхәыдам, аҩызара ҳаҭыр ақәызҵо, аныҟәгарагьы зылшо арҧысуп. Уи аамҭа рацәала акәымзаргьы, еиуеиҧшым азанааҭқәа рыла, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҿы иҽҧишәеит, аус иуан. Дызлагоз зегь ицааиуан, аха, акраамҭа зыҽцәырымгакәан ҩнуҵҟала дзыргәаҭеиуаз амузыка аҵыхәтәаны аҧыжәара агеит.
Агитара уманы аусура ушныҟәоз, зны-зынлагьы уа иҵәахны ушцалоз згәалашәо ҳрацәаҩуп, аха, хаҭала, сара сгәы иаанагомызт зегь нышьҭаҵаны амузыкахь уиасып ҳәа, ишҧаҟалеи уи? сиазҵааит Абзагә. Аҭак аҟаҵарахь диасаанӡа дааччан иажәа дналагеит:
– Сара схаҭагьы ахаан сгәы иаанагомызт амузыка занааҭдыррала сҽазыскуеит ҳәа. Санхәыҷыз апианино акласс ала ахҧатәи акласс аҟынӡа снеит. Нас – инсыжьит, ҧыҭрак ашьҭахь аоркестртә ҟәша сҭалеит. Агәалаҟазаара бзиа ансымаз агитара асырҳәон. Амузыкатә нотақәа здыруан ҳәарада, аха, амузыкатә ҵара нагӡа сымаӡамкәан сҽазыскит амузыка амаҵ азура. Амузыкатә хархәагақәа зегь аус рыдулашьа сҵеит. Иахьа иасырҳәоит иарбан музыкатә инструментзаалак: апианино, абас, агитара, адаул уҳәа убас егьырҭгьы.
2015 шықәсазы, исымаз еиҭаҵуа апианино ала агаҿахь сцәырҵлон, убасҟан ҩ-концертк ҟасҵеит. Уи иабзоураны ааҧхьара сырҭеит акаҳуажәырҭа «Бориста» ахь. Ес-хәаша уахь имҩахыҵуаз аҭааҩцәа хәылҧазыла, музыкала ргәы ҟасҵаларц, аконцертқәа рзымҩаҧызгаларц. Анаҩс, уахь имҩахыҵуа иалагаз амузыкантцәеи сареи ҳаибадыруан, аиҩызара ҳабжьалон. Урҭ дыруаӡәкуп раҧхьа издырыз Мате Цквитариа.
Хара имгакәан хә-ҩык еидызкылоз агәыҧ еиҿыскааит. Ус, хәыҷ-хәыҷы амузыкатә рҿиарахь иҟасҵаз ашьаҿақәа ирыцло, рыҽдырҭбаауа иалагеит.
Абзагә Марыхәба иажәақәа рыла, ахәыҷтәы коллектив «Каданс» анапхгаҩы Алик Алавердиани иареи ребадырра иабзоураны, раҧхьатәи ашәақәеи амузыкеи аҧиҵартә аҭагылазаашьа иоуит.
«Усҟан англыз бызшәала ашәақәа аҧысҵон. А.Алавердиан истудиа аҟны ҳгәыҧ ҳҽазыҟаҳҵон, ҳхы иаҳархәозгьы иара имузыкатә арҳәагақәа ракәын. Ҩышықәса рыҩнуҵҟала, 2-3 клип аҭыхра ҳалшеит, азыӡырҩцәеи ахәаҧшцәеи ҳардырыртә, ҳарбартә аҭагылазаашьа ҟалеит, аха ҳгәыҧ хыбгалеит, ҳарҿиаратә усеицура ацҵара залмыршахеит», – иҳәеит уи.
Абзагәи ҳареи ҳаиҿцәажәараан инаҵшьны иазгәеиҭеит 2018 шықәсазы апродиуссертә ҧышәа ирҳартә аҭагылазаашьа изҭаз, артист Славик Амҷба аус ицурала шакәу. Урҭ русеицураан Абзагә ароликқәеи аклипқәеи рҭыхреи рыҟаҵареи напы аиркит.
2019 шықәсазы Абзагә иааиртит ихатәы студиа. Ҳаиҿцәажәараан излеилаҳкааз ала, Абзагә ирҿиара аизырҳаразы иарбан ҭагылазаашьазаалак иаҩижьуам, хықәкы хадасгьы имоу ирҿиара, инапы злаку аус ахаҭабзиара аиҕьтәра ауп.
2021 шықәсазы «Окно в будущее» захьӡыз апроект ихы алаирхәит, Аҧсны араионқәа зегь рҟнытә хәыда-ҧсада абаҩхатәра злаз аҿар алҧшааны иӡыригеит. Урҭ рзы иаҧиҵеит 16 ашәа, иҭихит 16 клип.
Ҩышықәса ҵуеит Абзагә Марыхәба Аҧсуа телехәаҧшра аҟны астудиа ааиртыртә аҭагылазаашьа ирҭеижьҭеи уи анапхгара, уаҟа русеицура шьақәгылоуп еимабзиарала, ахы иақәиҭны. Абзагә хаҭала, далахәуп Аҧсуа телехәаҧшра имҩаҧнаго «Аҧсуа культура ашҭа» захьӡу амузыкатә дырраҭара, иара убас, уи ихатә ус иахаршәаланы Аҧсуа телехәаҧшра аусзуҩцәа ргәаҭахрақәа наигӡоит, русура дацхраауеит.
Хаҭабзиарала еиҿкаау Абзагә истудиаҿы аус рыциуеит неилымхрада ҳаҧсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа. Ирацәаҩуп уи иахь абжьы аҭаҩраз, ашәа аҭаҩраз, аоранжировка аҟаҵаразы уҳәа имҩахыҵуа.
Уи иажәақәа рыла, раҧхьа истудиахь имҩахыҵыз, аус зциуаз иреиуоуп агәыҧ «ANATRIO». Анаҩс, абаҩхатәра злоу, ҳтәылаҿы еицырдыруа, бзиагьы еицырбо ашәаҳәаҩцәа: аиаҳәшьцәа Берзениаа, Лера Адлеиба, Мадина Кәарцхиа, акапелла «Лаит», Џьими Шәманиа, Рамина Заде, Ильда Қәычбериа, Альдона Цкәуа, Армен Хачатуриан, Беслан Сымсым уҳәа аӡәырҩы.
Абзагә ҷыдала, профиссионалла амузыкатә рҿиара даҿижьҭеи 9 шықәса ҵуеит.
«Шықәсык аҩнуҵҟала 30 ашәа аоранжировка ҟасҵоит, урҭ реиҳарак ашәа ҿыцқәа роуп»,– иҳәеит иусура шышьақәгылоу дазааҭгыло.
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, уи иҳәеит ицхыраара зҭаху, идҵаало шмаҷҩым, урҭ аӡәгьы мап шырцәимкуа, аус рыцура дшазыхиоу. Хаҭала, иаҳзааиртит маӡакгьы, аҵыхәтәантәи аамҭазы, абаҩхатәра злоу аестрадатә шәаҳәаҩы Џьими Шәманиеи иареи еицырдыруа аҳәаанырцәтәи ашәа «Аишьа» – нагӡаны, ихаҭәааны аҧсышәала амузыка абзиабаҩцәа арыдгаларазы аус шадыруло. Лассгьы ишхыркәшахо.
Ҳгәы иаанагоит «ABZA MUSIC» иагхарым ҳәа абаҩхатәра ҿыцқәеи аҧсуа ашәа ҿыцқәеи, иара убас, агәыҕрагьы ҳамоуп амузыкант, аоранжировкаҟаҵаҩ, апродиуссер имузыкатә рҿиара аҩаӡара иазҳалап, игәҭакқәа наӡап ҳәа.
Алиса Гәажә-ҧҳа