Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Изхароу ауаа ҳауп

Иаҳаҩсыз амшқәа рзы Аҧсны араионқәа иахьрыҵаркуа акырџьара абнақәа амца ркит ҳәа ажәабжь ааҩит. Аҭагылазаашьа хылаҧшра арҭоит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа.


Аҩарҵәи абна аҵа аҵиааи амца ркит Гагреи, Гәдоуҭеи, Гәылрыҧшьи, Очамчыреи, Гали рраионқәа рҿы. Иара убасгьы аҧсабаратә амцакрақәа аҭыҧ рыман, Џьырхәеи, Аӡҩыбжьеи, Маркәылеи, Мықәи, Шьашьикәареи, Лашькьындари ақыҭақәа рҿы.
Еиҳаркгьы амцакрақәа зхылҿиаауа ауааа роуп. Ауааҧсыра рхатә гәаҧхарала, хылаҧшрада амца ддыркуеит аҳаскьыни амаҕреи зхыҵәаз адәҳәыҧшқәа. Амца аҽанеибанарклакь абнақәа рахь ииасуеит. Ауааҧсыра аҧырхага рмоурц азы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра иааиҧмырҟьаӡакәа ахылаҧшреи аусурақәеи мҩаҧнагоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me