Лаҵара 09, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Амилаҭтә интересқәа ирҿагыло аӡәгьы дыҟам»

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәылатәи агвардиеи рыбжьара анапхгарабжьаратәи аусеицура иазырхоу аиқәшаҳаҭра апроект еиқәыршәоуп.


«Аиқәшаҳаҭра апроект актуалра злоу аусеицура ахырхарҭақәа рыла аԥышәеимадара, Урыстәыла агвардиа иатәу аҵараиурҭақәеи азыҟаҵаратә центрқәеи рбазала акадрқәа разыҟаҵара, аҵара-методикатә еизгарақәеи аҽазыҟаҵарақәеи, иара убас аинформациатә технологиақәа рырҿиареи азинеиҿкаара аганахьала азакәанԥҵаратәи егьырҭ анорма-зинтә шәҟәынҵақәеи рыла аимадара амҩаԥгара иазырхоуп», – адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәара ахҳәаа азыҟаиҵеит.
Иҳаҩсыз ашықәс ҭагалан азы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа раԥхьаӡа акәны Урыстәыла Амилаҭтә гвардиа иаҭааит.
«Ҳара ҳаблала иаабартә еиԥш алшара ҳаман ари амаҵзура хықәкыла иҟанаҵо, аусура ахықәкқәеи ахырхарҭақәеи, уи аамышьҭахь ҳара Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи рыбжьара хазы игоу аусура ахырхарҭақәа рыла аусеицура абжьаҵаразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит», – иҳәеит аминистр.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусдырра, даҽакала иуҳәозар, акомпетенциа мацара иаҵанакуа аусура ахырхарҭақәак, Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи рыбжьара еихшоуп.
«Убри инамаданы, иарбоу ахырхарҭала аԥышәа аиуреи наҟ-наҟтәи ҳусеицурала хазы игоу азҵаарақәа аус рыдулареи рзы аҭаххара шышьақәгылаз аабаратәы ҳҟалеит. Иазгәаҭатәуп, иарбоу аиҿкаареи Аԥсни уаанӡа аусеицура шрыбжьамыз. Ҳара ҳгәаанагарала, ари даара акыр зҵазкуа хҭысуп, – иҳәеит Роберт Киут. – Урыстәыла Амилаҭтә гвардиа Урыстәылатәи Афедерациаҿы еиҿкаара ӷәӷәоуп, уи иамоу аԥышәа ду ҳамадара иазхиоуп. Заанаҵтәи аиқәышаҳаҭрақәа рыла, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи рыбжьара аусеицура абжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәаразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит.

«Аха ари апроект аҿы џьара акала иарбаӡам Урыстәыла Амилаҭтә гвардиа аусзуҩцәа хаҭала Аԥсны рыҟазаара, мамзаргьы дара ҳара ҳаҩныҵҟатәи аполитикатә ԥсҭазаара ралахәхара атәы», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр.
«Хыықәкыс иҳамоу Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳусеицура арҭбаара, Аԥснытәи аусзуҩцәа рзанааҭ аизырҳара, аԥышәеимдара, иара убас аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ҟалар, усҟан ҳусзуҩцәа аиԥш-зеиԥшу Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь рышьҭразы алшара ҳауеит. Сара сгәаанагарала ари Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьақәа рырҿиара аганахьала хра злоу усуп», - инаҵшьны иазгәеиҭеит Роберт Киут.
Аминистр иажәақәа рыла, иахьа асоциалтә ҳақәа рҿы активла аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра алшара иалацәажәо зегьы рахь ихы рханы «аӡәгьы ҳсуверенитет мап ацәкра, џьара акала ҳинтересқәа раԥырхагахара игәы иҭаӡам. Џьара аӡәы дааны ҳтәылауаа мчымхарала дрызныҟәо изыҟалаӡом. Иахьатәи Аконституциеи азакәанԥҵареи инарықәыршәаны атәым ҳәынҭқарра иатәу азинхьчаратә усбарҭақәа ара ашәарҭадареи азинеиҿкаареи ирхылаԥшуа ҟалашьа амаӡам, – иҳәеит иара. Ҳара аӡә иаҵкьыс еиҵаны апатриотра ҳалаӡам. Ҳара Ҳаԥсадгьыл бзиа иаабоит, Ҳаԥсадгьыли ҳауаажәлари реизҳазыӷьара азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит», – инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.
«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иаҳасабала, ҳара ҳусбарҭаҿы аума, иааидкыланы аҳәынҭқарраҿы аума, ҳаԥсадгьыл чарҳәара азызуа, ҳауаажәлар ирԥырхагоу, амилаҭтә интересқәа ирҿагыло аусура мҩаԥызго аӡәгьы дшыҟам гәыҩбарада агәра шәсыргоит», - иҳәеит Роберт Киут.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me