Лаҵара 09, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зыԥсҭазаара ҿырԥшыгаз

Аԥсны аҵеицәа аҭоурых иԥнашәахьеит, адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа урҭ рҟәыҭханы мышкгьы иҟамлац. Иахьа адунеи иахыҵәаз, Урыстәыла Украина имҩаԥнаго хаҭалатәи аоперациа иалахәуп Аԥсны аҵеицәа. Иахьанӡа, 30-ҩык ҳара ҳҵеицәа ари аибашьраҿы иҭахахьеит…


Арҭ амшқәа рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ахаҭарнакра ацентр аҿы имҩаԥган, Донбасс ахақәиҭтәразы имҩаԥысуа иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараан фырхаҵарыла иҭахаз, Аԥсни Урыстәылеи абокс азы аспорт азҟаза Олег Борис иԥа Бебиа игәалашәара иазкыз аиԥылара.
Уахь ааԥхьара рыман афырхаҵа иан Лиана Бебиа, ихатә ҩыза Иулиа, иқәлацәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аҿар.
Ажурналист Екатерина Бебиа еизаз рҿаԥхьа иааркьаҿны дазааҭгылеит Аԥсны аҵеи-гәымшәа иҭоурых. Олег Бебиа ихәыҷра мҩаԥысуан Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳабла. Шьҭрала иара Кәтол ақыҭа датәуп. Данхәыҷыз инаркны аспорт, ҷыдала абокс иҽазикхьан. Ашкол дшалгазҵәҟьа илаз аҟазара збаз, днарыԥхьеит Урыстәылаҟа. Август мза 2000 шықәсазы Урыстәыла абокс азҟаза ҳәа ахьӡ ихҵан.
Аиԥылараҿ ажәахә ҟалҵеит аспорткомитет аҟәша аиҳабы Жана Занҭариа, уи илҳәеит: Аԥсны абокс азы аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ зҽаԥсазтәыз Олег Бебиа ихәыҷра, иқәыԥшра зегьы лыбла ишыхгылоу. Ашкол далганы Санкт-Петербургҟа данцагьы есымша ҳгәы дҭан, ҳизҿлымҳан иааирԥшуаз аихьӡарақәа ҳгәы рыладун, ҳилаҽхәон. Иахьа иара иҟамзаара ҳара ҳзы ихьаа дууп.
Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа: «Ари ҳастратегиатә партниор Урыстәылеи ҳареи еицаҳзеиԥшу гәырҩоуп. Ҳара ҳ-Аԥсны аибашьра анцоз аӡәырҩы Урыстәыла аҵеицәа ҳара ҳхақәиҭреи, ҳхьыԥшымреи рхы ақәырҵеит. Ҳазегьы ҳаицхырааны аибашьра лыԥхала ҳалҵит. Сара ибзианы еилыскаауеит уажәы ан Лиана Бебиа лгәы шыҟоу, уи слыдашшылоит, Аԥсны иазылааӡаз афырхаҵа изын иҭабуп ҳәа ласҳәоит, лҿаԥхьагьы схырхәоит», ихиркәшеит иажәа.
Аԥсны Анацәа рхеидкыла аиҳабы Гәыли Кьычба илҳәеит, қәра дук шнимҵызгьы Олег Бебиа дфырхаҵаны иуаажәлар ргәаҵаҿ дшаанхо ахааназгьы.
Ирҳәоит «фырхаҵарыла иҭахаз алабжыш иқәҭәатәым ҳәа, аха ари аиԥылара иалахәыз, хаҭала афырхаҵа дзымбацызгьы рылабжышқәа рзынкыломызт, убри аҟынӡа иҵаулан иқәлацәа рықәгылара, рцәажәара. Алеқсандр Чамагәуа, Адгәыр Чамагәуа, академик Сергеи Бебиа, класск аҿы аҵара ицызҵоз Сабина Асланӡиа рықәгыларақәа ус ҭынч узазыӡырҩуамызт.
2022 шықәса цәыббрамзазы Олег Бебиа иҷыдоу арратә операциахь ддәықәырҵеит. Уаҟа иара ахьӡ ҷыда иман «Сокол» ҳәа. Лаҵарамза 10, 2023 шықәсазы, ахәра ӷәӷәа зауз иҩызцәа аибашьцәа шалигоз, аибашьра адәаҿы фырхаҵарыла дҭахеит.
Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистр идҵала иара атәылахьчара Аминистрра амедал ианаршьахьан, убасгьы
Олег Бебиа данҭаха ашьҭахь Афырхаҵара аордени Гьаргь иџьари ианаршьеит.
Ԥсра шәықәымзааит Аԥсны аҵеицәа аиашазы зхы-зыԥсы иамеигӡаз.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me