Ауаажәларратә еиҿкаара «Ахатәгәаԥхаҩы» (Доброволец) «Москва-Аҩны» аҟны имҩаԥнагеит хатәгәаԥхарала Донбас еибашьуаз, уи ахьчара зхы ақәызҵаз Аԥсны аҵеицәа: Давид Сабекиа, Дмитри Алпатов, Ҭемыр Хараишвили, Мырзаҟан Ачба, Шамил Дасаниа иаадырԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы «Гьаргь иџьар» I аҩаӡара ранашьара иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатә.
Аҳамҭақәа рнапаҿы ирыҭан иҭахаз рҭаацәарақәа. Иара убас «Ауаажәларрратәи хатәгәаԥхаралатәи аџьа Афырхаҵа ахьтәы еҵәа» ианашьан, ааигәа зыԥсадгьыл гәакьа зыԥсыбаҩ амадаз, Донбасс аҭынчра аиқәырхара зџьабаа рацәа адыз Владимир Харабуа.
Афырхацәа рыхьӡ ахааназ кашәара шақәым, урҭ рхы зқәырҵаз, адунеиаҿы аҭынчра аиқәырхареи, уи ахьчареи иарбан абиԥаразаалак рзы ишхымԥадатәу азгәаҭауа, рҵеицәа рыхьӡ анаӡаӡатәра иазааԥсо зегьы «иҭабуп» ҳәа раҳәо ихыркәшан алаӷырӡи ахьааи зцыз аиԥылара.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com