Лаҵара 09, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахәшьара: аусура цәгьам

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа аҳасабрба ҟаиҵеит иҳаҩсыз 2023 шықәсазы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусуразы, азинхьчареи ашәарҭадареи рхырхарҭала иаарԥшыз алҵшәа бзиақәа рзы.
Иара убас иазгәаҭоуп, атәылаҟны 795 рҟынтә 665 рҟынӡа ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара шмаҷхаз, уи шаҳаҭра ауеит аусура бзианы ишымҩаԥысуаз азы.


Амчратә усбарҭа анапхгаҩы иаҳасабрба иаанарԥшит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ақәыларақәа рхыԥхьаӡара ишагхаз. «Иҳаҩсыз ашықәси ҳазҭоу ашықәси еиҿырԥшны уахәаԥшуазар, 130-нтә еиҵоуп. Еиҳараӡакгьы уи бзианы иубарҭоуп азеиԥшшьауӷа ахырхарҭаҟны, ацәгьоурақәа 119-нтә еиҵахеит. «Иазгәасҭарц сҭахуп, ацәгьоурақәа раарԥшра аҩаӡара 95% рҟынӡа ишынаӡо, регионқәак рыҟны еиҳагьы еиҳауп", - иҳәеит Роберт Киут.
Иара убас, Ахада адырра иҭан 2023 шықәса рзы 17 уаҩшьра аҭыԥ шрымаз, урҭ рахьтә 15 аарԥшуп, ҵыԥх ари аамҭазы 18 уаҩшьра шьақәыргылан.

Аҳәынҭқарра Ахада дразҵааит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра имҩаԥнаго апрофилактикатә знеишьақәа, ацәгьоурақәа рыҩаӡара армаҷра аус аҟны ахадаратә ҭыԥ аанызкыло. Роберт Киут иҳәеит, абри ахырхарҭала аусура арӷәӷәара иабзоураны, шамахамзар арегионқәа зегьы рҟны ацәгьоурақәа шмаҷхаз атәы. «Еиҳараӡак апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа азҿлымҳара раҳҭоит аԥхынразы: заа ишьақәҳаргылоит ацәгьоурақәа ҟазҵарц зылшо рсиа, ҳрыцклаԥшуеит ацәгьоура мҩаԥыргарц ахьрылшо аҭыԥ ахь инаҳмышьҭырц азы», - иҳәеит аминистр.
Анаҩс, амчратә усбарҭа ахада аҳасабрба ҟаиҵеит ахаҭара иаҿагыланы ацәгьоурақәа аазырԥшуа ауаажәларреи азинхьчаратә усбарҭақәеи рылаԥш ишыҵымшәо. «Иазгәаҭоу аамҭа иалагӡаны ас еиԥш иҟоу ацәгьоурақәа х-хҭыск рыла еиҵоуп. Ауаҩшьрақәеи ауаҩшьра аҽазышәарақәеи ахьмаҷхаз шаҳаҭра руеит атәылаҿы акриминогентә ҭагылазаашьа шеиӷьхаз азы" , – иҳәеит Роберт Киут.
Иара убас иазгәеиҭеит аӷьыч­рақәеи автомашьынақәа рымҵарсреи рхыԥхьаӡара ишагхаз, изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршареи рхархәареи рҿагылара аус аҟны аихьӡарақәа шыҟоу.
«Иазгәаҭоуп, арыжә ыжәны мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа зыдкыланы автомашьынақәа рыԥсҟы зку рхыԥхьаӡара шмаҷу. 2023 шықәса рзы ашәҟәы иҭагалан амҩатә машәырқәа 186, ари 2022 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 28-нтәы еиҵан, амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны 2023 шықәсазы иҭахеит 57 -ҩык, 2022 шықәсазы – 64-ҩык», - ҳәа иҳәеит Роберт Киут.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз адыррала, транспортла аныҟәара алыршаразы аҳәынҭқарратә программа аус ауеит, амҩадуқәа рыҟны авидеогәаҭагақәа рышьақәыргылара убрахь иналаҵаны. «Ари асистема мҽхакы ҭбаала аус аур, амҩатә машәырқәа рырмаҷра ҳамч ақәхоит. Иааиуа амшқәа рзы 10 камерак шьақәыргылахоит, 2025 шықәсанӡа иазгәаҭоуп 50 камера рықәыргылара", - иҳәеит Роберт Киут.
Роберт Киут Ахада иеиҳәеит аусбарҭаҟны акадрқәа разымхара шыҟоу. Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит аусзуцәа руалафахәы зеиԥшроу. Аминистр иажәақәа рыла, 2023 шықәса рзы уи иартәеит 25 нызқь мааҭ инарзынаԥшуа. «2022 шықәсазы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуцәа бжьаратәла руалафахәы иартәон 14 нызқь мааҭ», – иҳәеит Роберт Киут.
Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭа анапхгаҩы адҵа ииҭеит Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуцәеи аинспекторцәеи руалафахәы ашьҭыхразы ажәалагала азирхиарц. «Иҟашәҵаз аҳасабрбала иубарҭоуп Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа шаҭаху, убри аҟынтә ирызхәыцтәуп ауалафахәы ашьҭыхразы иҟоу алшарақәа», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аԥсны Аҳәынҭкарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр 2023 шықәса иазкны иҟаиҵаз аҳасабрба ианыԥшит аекономикатә цәгьоурақәа рҿагылараҟны изакәанымкәа анаркотикқәа реикәыршара аус инамаданы ишазгәаҭоу қәҿиаралатәи аусура.
Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусура ицәгьам ҳәа ахиҳәааит, аусбарҭа анапхгаҩгьы адҵа ииҭеит азинхархәаратә ԥышәа анализ азуразы, аус зымуа Ашьауӷатә Закәанеидкыла астатиақәа азҿлымҳара рыҭаразы, азинхьчаратә усбарҭақәа русура зырмарио ажәалагалақәа разырхиаразы.
Аслан Бжьаниа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашҟа ааԥхьара ҟаиҵеит иаадырԥшыз алҵшәақәа еиқәырханы, аԥхьаҟа аҭагылазаашьа аиӷьтәра алдыршарц азы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me