Лаҵара 09, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара

Ааигәа Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаҧысит. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан ҩажәа зҵаара, урҭ рахьтә ҩ-зҵаарак анаҩстәи аилатәара ашҟа ииаган.
Актәи азҵаара аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭеилакы иатәу арепатриациатә фонд 2023 шықәсазтәи абиуџьет адкылара.


Анаҩстәи азҵаара азкын Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) аинвалидцәа ибиуџьеттәым рфонд абиуџьет адкылара. Ҳазҭоу ашықәс азы ирыдыркылаз азакәан ала абиуџьет аҟны афонд ахарџьқәа идыртәоит еизакны 224 696,9 мааҭ. Урҭ рахьтә азеиҧшҳәынҭқарратә зҵаарақәа рзы ахарџь иартәоит 26 696,9 мааҭ. Егьырҭ иаанхаз афонд аппарат анапхгара ф-раионк рыла еихшоуп абас: аҳәынҭқарратә улафахәы ахарџь аматериалтә цхыраара ацҵаны – 13 990,0 мааҭ, еиуеиҧшым ауалафахәы рызшәаразы – 100,0 нызқь мааҭ, ауаҩы иџьабаа азы еиуеиҧшым ауалқәа ршәара – 2 028, 5 мааҭ, егьырҭ еиуеиҧшым аимадарақәа рзы 400,0 мааҭ, атранспорттә харџьқәа рзы – 200,0 нызқь мааҭ, асоциалтә политиказы – 199 400,0 мааҭ.
Иара убас ирыдыркылеит атәылауаҩратә кодекс иазкны азҵаара анармотивтә ҟазшьақәа ирықәыршәаны.
Ирыдыркылаз азакәанқәа руак аҟны иҟан Аҧсны изакәантәым амаинингтә зҵаара иазкызгьы. Уахь иаҵанакуеит Аҧсны аҩныҵҟа дызусҭазаалакгьы ауаҩытәыҩса амаининг ахархәаразы алашара иацызҵо атрансформатор изықәгылазар, амаинингқәа рхала акәымкәа, атрансформаторгьы шимыххо. Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит, азакәан еилазго ауаҩы, аусӡбарҭа ишаҳәо ала, шықәсык инаркны хы-шықәса рҟынӡа дахьырхәызаауеит.
Анаҩстәи азҵаара азкын аникотин злоу амаҭәашьарқәа аҳәаа ахгара аанкылара. Избанзар аҵыхәтәантәи аамҭазы, еиҳарак ашколхәыҷқәа, рхы иадырхәо иалагеит аелектронтә ҭаҭынтә маҭәашьарқәа. Урҭ ргәабзиара аҧырхага анаҭоит, арыҧҳа чымазара, насгьы раҧхьаҟа аинфаркт чымазареи аонкологиатә чымазареи рызцәырнагоит. Убри инамаданы азакәан рыдкылан Ҧсоу аҳәаа аҟны аникотин злоу аелектронтә ҭаҭ­ынтә маҭәашьарқәа рахымгаразы.
Аҧсны аҳәынҭқарра аҳазалхратә комитет излаанацҳауа ала, 2020 шықәса ианвар акы инаркны 2023 ш. маи ҩба рзынӡа Аҧсныҟа иҭагалан 71 нызқь инарзынаҧшуа аникотин злоу аелектронтә маҭәашьарқәа.
Иқәгылаз азҵаарақәа руак аҟны иҟан Аҧсны Аҳәынҭқарра амаҵ азызуа азакәан. Аҧсны Жәлар Реизара адепутат Ерик Рштуни излаиҳәаз ала, Аҧсны ауаҩытәыҩса азин имоуп 21 шықәса анихыҵлакь инаркны 65 шықәса ихыҵаанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра амаҵ азиурц. Аполитикатә хырхарҭа ала, арратә маҵзурала, мамзаргьы егьырҭ ахырхарҭақәа рыла. Уахь иалаӡам админстративтә-техникатә персонал, урҭ русура шьақәыргылахоит Аҧсны аџьатә закәанҧҵара ала.
Иара убас ирыдыркылеит анхарҭатә ҭыҧ змам аипотека аҟазшьа аҭаны анхарҭатә ҭыҧ риуразы азакәан.
Апроект «Анхарҭатә ҭыҧ» инақәыршәаны Аҧсны атәылауаҩра змоу, акатегориа иқәшәо, кредитла игар ауеит анхарҭатә ҭыҧ, убри аан апроцент ҟанамҵо. Егьырҭ ауааҧсыра – акатегориа иақәымшәо, аха зуалафахәы маҷу рзы ишьақәыргылоуп анхарҭатә ҭыҧ роуразы апроект.
Ирыдыркылаз азакәанқәа аҟны иҟан «Аҧсныргылара» азин рыҭазарц Гәылрыҧшь араион Маҷара аҳаблан акоттеџь ҳәа изышьҭоу аҩны хәыҷқәа рыргылара.
Ирыдкылан иара убас еиуеиҧшым ахырхарҭақәа змоу азакәанқәа рпроектқәа.

Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me