Лаҵара 09, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Москватәи аиԥыларақәа

Аԥшьаша, жәабранмза 8 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва усуратә визитла иҟазаара инҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиԥылара, – адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниеи Сергеи Лаврови Аԥсни-Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.


Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа анапхгаҩы иааиуа адипломатиатә усзуҩы Имш идиныҳәалеит, Урыстәылатәи аҳәынҭқарра аизҳазыӷьара ахьӡала имҩаԥиго аусураҟны аихьӡарақәа изеиӷьишьеит.
Иара убас, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭеи Аиҳабыреи рыҟны аиԥыларақәа мҩаԥигеит.
Еиԥылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки, Аиҳабыра Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистр Максим Решетники, Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩы Елла Памфиловаи.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас диԥылеит Афедералтә шәахтә маҵзура анапхгаҩы Даниил Егоров.
Аиҿцәажәарақәа раан ирыла­цәажәеит ҩ-ганктәи аусура ахьымҩаԥысуа асоциал-економикатәи афымцамчи русхк аҟны азҵаарақәа жәпакы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me