Аҟармаҵыс бжьы зхаз

Аҧсны жәлар рартистка, «Аҧсуа ҟармаҵыс» ҳәа изышьҭаз, раҧхьаӡатәи аоператә шәаҳәаҩы Лиудмила Логәуа лыҧсҭазаара зегьы амузыка иазылкит, лхатәы насыҧ дашьҭамлаӡеит, аҭаацәара аҧылымҵаӡеит. Аҧсны акультура аҭоурых наунагӡа лышьҭа анылҵеит, ҳтәыла амузыкатә ҭынха ауасхырқәа дреиуахеит. «Ашәаҳәаҩ ду, зҟазара ҭбааз, зус бзиа избоз зыҧсы ахҭнызҵоз», – абас Лиудмила Логәуа илыхцәажәоит уи ибзианы дыздыруаз, аус лыцзухьаз ауаа.


Аҧсны жәлар рартистка, аоператә шәаҳәаҩы Манана Шамба Лиудмила Логәуа данылдырыз зынӡа дқәыҧшӡан. «Ахортә капеллаҿы аусура салагеит 1974 шықәса рзы. Уаҟа ауп Лиудмила Андреи-иҧҳа дахьыздырызгьы. Еицырдыруа адирижиор Вадим Судаков аус лыциуан, ақәгыларақәа рахь ааҧхьара лиҭон, лара иналыгӡон иуадаҩыз, аха ихадараз асолотә хәҭақәа, ҳәа азгәалҭоит Манана Шамба.
Лиудмила Андреи-иҧҳа Логәуа Киевтәи Аҳәынҭқарратә консерваториа доушьҭымҭан. Усҟантәи аамҭақәа рзы зҩызцәа иаарылыҳәҳәоз аҧсуаа уиаҟара ддырҟаҵомызт, ақырҭцәа рполитика уаиааины еихьӡарақәак рызнеира ус имариамызт. Лиудмила Андреи-иҧҳа лҵара ахьхацлыркыз Аҟәатәи амузыкатә ҵариурҭа аҟны ауп. Уи ашьҭахь дҭалоит Қарҭтәи аконсерваториа, аха ахҧатәи акурс аҿы дыштәаз диасуеит Киевтәи аконсерваториахь. Уаҟа лара рҵаҩыс длыман Украина Жәлар рартистка Мариа Данец-Тессеир. Анаҩс, Москватәи атеатр ду аҿы шықәсык еиҳаны аҧышәа лоуан, уи ашьҭахь шықәсқәак аус луан Самарканд, анаҩс ауп Аҧсныҟа даныгьежь. 1971 шықәса инаркны Лиудмила Логәуа Аҳәынҭқарратә филармониа асолисткас дыҟан. 1986 шықәса рзы, 47 шықәса ирҭагылаз Лиудмила Андреи-иҧҳа Аҧсны Жәлар рартистка ҳәа ахьӡ лыхҵан. Лара дашьҭан аҟыбаҩ злоу аҿар ралҧшаара, аҟазарахьы ҿыц зшьаҿа еихызгаз ҷыдала агәцаракра рылҭон, дрыцхраауан, имҩақәылҵон. Даара ҭакҧхықәрала лусура дазнеиуан. Дыџьбаран лхазгьы аус лыцызуаз рганахьгьы.

Уи леиҧш зеиҧшыз, лаҟара аҩаӡара змаз усҟантәи аамҭазы Аҧсны иҟамызт, уи моу Кавказ зегьы аҿы иузымҧшаар ҟаларын, иҳәоит Аҧсны Жәлар рартист Борис Амҷба. Борис Алеқсандр-иҧа иажәақәа рыла, Лиудмила Андреи-­иҧҳа Қарҭтәи аконсервоториа далганы данаа ашьҭахь Аҳәынҭқарратә драматә театр ахыбраҿы имҩаҧылгеит аклассикатә музыка ахәылҧаз. Асолотә концерт ахәаҧшра иааз зегьы иргәаҧхеит, иаргачамкит лҟазара. Азал аҿы итәаз Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба аконцерт ашьҭахь «Аҧсуа ҟармаҵыс» ахьӡны ажәеинраала лзикуеит. Лиудмила Логәуаҧҳаи Борис Амҷбеи изныкымкуа аус еицырухьан, аҩыџьагьы Аҳәынҭқарратә филаромониа иасолистцәан. Лиудмила Андреи-иҧҳа Логәуа дықәгыларц имаҷымкәа ааҧхьарақәа лоуан аҳәаанырцәынтәгьы. Изныкымкәа дықәгылахьан Ҭырқәтәыл аоператә театр асценаҿгьы. Ашәаҳәаҩ лрепертуар иалан еиуеиҧшым ариақәа. Урҭ рыбжьара: Баттерфлиаи («Мадам Баттерфлиаи» Џь. Пуччини), Џьильда («Риголетто» Џь. Верди), Виолетта («Травиата» Џь. Верди), Розина («Севильский цирюльник» Д. Россини), Марфа («Царская невеста» Н. Римский-Корсаков).
Лиудмила Логәуа лоуп акомпозитор Дмитри Шведов ииҩыз раҧхьаӡатәи аҧсуа опера «Аламыс» аҿы Назира лроль хада назыгӡаз. Уи иалахәын акапеллеи, асимфониатә оркестри, акәашаратә гәыҧқәеи. Ари аопера ақәыргылара ахьӡ акыр инаҩит. Уи аӡбахә аҳәарҭа рибаҭомызт. Иахәыҧшырц иаауаз азал иазкӡомызт. Аопера цон апремиератә мшқәа хҧа рыҩныҵҟа. Раҧхьатәи амшқәа рзы ашәа лҳәон Лиудмила Логәуа, аҩбатәи апремиераан ашәа лҳәон Лена Џьыкырба. «Сара уаҟа инасыгӡон афырҧҳәызба хада лҩыза гәакьа лроль. Инасыҧны исыҧхьаӡоит усҟан алшара ахьсоуз аҟазацәа ҳәа ззырҳәо ашәаҳәаҩцәа аус рыцуразы» лҳәоит Аҧсны Жәлар рартист Манана Шамҧҳа. Лиудмила Логәуа лыпрограммаҿы иҟан еиуеиҧшым авторцәа рнапы иҵыҵхьоу «Аве Мариа» ахкқәа зегьы рыла ишьақәгылаз арепертуар. Ари апрограмма Лиудмила Андреи-иҧҳа илыцшьақәиргылеит раҧхьаӡатәи аҧсуа ауарҕанрҳәаҩы Гарри Кониаев. «Аконцерт аҩнуҵҟа сара ҧшьба-хәба шәа сҳәозҭгьы, Лиудмила Логәуа жәиҧшь-жәохә ашәа налыгӡон, деигӡаӡомыт лыбжьы» ҳәа азгәалҭоит Манана Шамҧҳа.

Аибашьраан Лиудмила Логәуа лқыҭа гәакьа Ҧақәашь дыҟан. Аибашьцәа рзы аконцертқәа еиҿылкаауан, лашәақәа рыла ргәы шьҭылхуан. Аибашьра ашьҭахь лара лыбжьы ыӡуа далагеит. Уи зыхҟьаз аибашьраан илхылгоз агәырҩеи агәжәажәареи роуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акыр аус рыдылулон аҿар. «Напы злыркуаз иарбан усзаалакгьы ҩаӡара ҳаракыла ианалыгӡон. Ибжамҽамны акгьы нлыжьуамызт. Лылаҧшҳәаа ҭбаан, лыҧсы зегьы амузыка иалан» иҳәоит Аҧсны жәлар рартист Борис Амҷба.
Урҭ ашықәсқәа рзы Лиудмила Логуа луадаҿы еиҿылкааит амузыкатә салон. Уаҟа хәылбыҽхала еизалон ашәаҳәаҩцәа. Шәаҳәаран, кәашаран, лафҳәаран аиҩызцәа анааидтәалалак. Лара лсалон аҟазара аусзуҩцәа реибабарҭа ҳәа дашьҭан. Уахь анеира ҧсшьарак иаҩызан аҟазара уаа рзы, аҧшәма лакәзар илхылҵуаз аҧхарра ашәахәақәа зегьы ирхьысуан, рыгәқәа арҟәандон, еимнадон. Ҳтәыла амузыкатә ҟазара аҿиараҿы лааҧсарақәа ҳасаб рзуны март мза 2004 шықәса рзы иланашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.
Аҧсуа ҟармаҵыс Лиудмила Логәуа лгәалашәара гәцаракра амаӡам. Лара лыӡбахә аҿар ирзеиҭаҳәалатәуп. Асеиҧш алегендақәа зустцәоу изызҳауа абиҧарақәа ирдыруазар ахәҭоуп ихымҧадатәны. Лыҧсы ҭаны дыҟазҭгьы сынтәа, февраль жәаба рзы лара илхыҵуан 85 шықәса. Лиудмила Логәуа лыҧсҭазаара далҵит декабрь 16, 2013 шықәса рзы.

Елана Лашәриа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me