Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҭел «иатҟәаз» ахәыҷы

Ааигәа аҭыҧ змаз ахҭыс Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школи Гәдоуҭа иҟоу ахәҳахәҭратә центр «Вавилони» артҟәацга аҵоуп ҳәа амц жәабжь азы иаанкылаз ахәыҷы ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа излашьақәдыргылаз ала, уи иҽаҵаиҩит иарку ателеграмм-канал, уи амодераторцәа Аҧсны анҭыҵ иҟоу роуп.


Ахәыҷы иааиҧмырҟьаӡакәа урҭ иҽрымаидон. Дара ракәзар, ргәыҧ даларҵарц азы адҵақәа ирҭон. Ахәыҷы идҵа шынаигӡаз ала авидео ҭыхымҭақәа агәыҧ ахь инаишьҭуан.
Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа ахәыҷы ари зырҟаҵоз рхаҭареи, иахьыҟоу аҭыҧи рышьақәыргыларазы аусмҩаҧгатәқәа ирыцырҵоит. Аҭаацәеи арҵаҩцәеи рахь аҳәара ҟарҵоит ахәыҷқәа ахылаҧшра рырҭаларц азы.
Аха, рыцҳарас иҟалаз, ари ахҭыс ауаажәларра ҵакык змам акы аиҧш иҳаҩҳажьит. Иахьа иаашар хәлаанӡа ҳазхәаҧшуа еиуеиҧшым аинтернеттә ҳақәа рҟны уи азҵаара инарҭбааны алацәажәара аӡәгьы ҳаламгаӡеит. Иахьа убас еиҧш иҟалеит, аӡәы амҩа даныланы дышнеиуа дшьацәхнысланы дышкаҳауа ҳбар, «адгьыл дакьысаанӡа» иаразнак иҭыхны аинтернет ахь иҳашьҭуа ҳалагеит. Нас убри шәхҳәаак азаҳаҩуеит. Аха иҵаулоу апроблемаҵәҟьа, ҳалахь ҳнапы наҧыракны иҳаҩҳажьуеит.
Ари иҟалаз ахҭыс иазкны артҟәацга аҵо­уп­ ҳәа ирҳәаз аҩбатәи ашкол аҟны арҵаҩцәа имҩаҧыргеит ахәыҷқәа рылабжьара иазкыз аурокқәа. Аха уи мацара азхом. Ари апроблема мышкызны «иҿыхаз авулкан» иаҩызахар алшоит. Убри ҟалаанӡа ҳара «ҳҿыхар» еиҕьзар ҟалап. Иахьа ацәгьахәыццәа ирҿыҵашәаз, ахәыҷы инапала амаҭ зкырц зҭахыз, уаҵәы даҽа хәыҷык дрымпыҵашәар шалшо еилаҳкаап.
Иашоуп, иахьатәи аамҭазы аҧыжәара агеит аинтернет. Хәыҷгьы-дугьы зегьы уахь ихьаҧшит. Аха уи иаанагаӡом ахылаҧшра, амҩақәҵара ауӡом ҳәа. Зегьы раҧхьа иргылан аҭаацәа даараӡа аҭакҧхықәра ду рыдуп, иахьатәи аамҭазы ахәыҷи аҭели еизнымхарц азы.
Шәарбанзаалакгьы игәашәҭахьеит ҳәа сгәы иаанагоит ахәыҷы аҭел анику дааныжьны сааҭла аҩны удәылҵны уцаргьы, сҭаацәа абаҟоу ҳәа дшымҵаауа. Мамзаргьы, амлаҵәҟьа дшакуа анихашҭуа. Ари рыцҳароуп, ҳхәыҷқәа аҭелқәа «ирытҟәеит». Ҳарҭ аҭаацәа урҭ рхы рақәиҭтәра ахаҭыҧан, ҳарҭгьы арҩашьыга ҳарҭазшәа аинтернет ҳҭагьежьуа ҳҭоуп.

Зегьы ибзиаӡаны еилышәкаауеит амариа анарха шамам. Имарианы ахәыҷы иоуз аинформациа, ааишьа ацашьахоит. Аӡәымкәа-ҩыџьамкәа арҵаҩцәа ирҳәо саҳахьеит, ахәыҷқәа ироуҳәо рызгәнымкыло иалагеит ҳәа. Ааигәа ателехәаҧшратә каналқәа руак аҟны сахәаҧшуан ҧсихологк лыҿцәажәара. Лықәгылара зегьы зызкыз ахәыҷқәеи, ақәыҧшцәеи, аинтернети ракәын. Даараӡа уаазыцәшәаша аҿырҧштәқәа аалгон. Уи излазгәалҭаз ала, иахьа ахәыҷқәа зегьы зхәаҧшуа икьаҿу авидео ҭыхымҭақәа жәохә секунд иреиҳаӡам. Убри жәохә секунд иҭагӡаны ахәыҷы иибаз анаҩс, даҽак аинтерес имаӡам. Жәохә секунд рыда аӡырҩрра илымшо, ачҳара имамкәа дҟанаҵоит. Арҵаҩы иага лҽазылшәаргьы, ари аамҭа лыҽҭагӡаны, ахәыҷы аҭел аҟны дызхәаҧшуа аасҭа аинтерес зҵоу лара илызизнагаӡом. Убри аҟынтә аҵареи аҧхьареи ринтересгьы иоуӡом.
Уи аҵара аганахьала. Аха иҟоуп даҽа ганкгьы. Хыхь зыӡбахә ҳҳәаз аҷкәын хәыҷы иеиҧш еиуеиҧшым агәыҧқәа ирыларгало ахәыҷқәа, зыхшыҩ макьана имшәыц, ауаҩы игәрагара злоу ахәыҷы, ацәгьоуцәа рыгәҭакы хәымгақәа инапала идырҟаҵоит. Зегьы ибзиаӡаны ишәаҳахьеит ахәмарра «Синий кит» захьӡу. Иара иахҟьангьы акыр ахҭысқәагь Аҧсны иҟалахьеит

Зыӡбахә ҳамоу ари ахәмарра рыӡбеит зыхшыҩ аҭыҧаҿ иҟам, адунеи аҟны зхы ҟәнызшьо, абри ахәмаррала зхаҭара шьақәзырҕәҕәарц иашьҭоу ауаа. Ахәмарра даара ашәарҭара ду ацуп, зыхшыҩ цқьа имшәыц ахәыҷқәа ари ахәмарра иагәыланахалазар, аҟәыҵра даара ирцәыцәгьоуп. Ахәмаррраҿы иҟоуп ҩынҩажәижәаба дҵа. Урҭ адҵақәа зегьы рынагӡара ашьҭахь, аҵыхәтәантәи ҧсҭбарала ихыркәшахоит, ахәыҷы иҽшьрала, мамзаргьы даҽаӡәы ишьрала. Иара ахәмаррагьы баша «Синий кит» ахьӡрымҵаӡеит, акит аҿықә аҽхықәыжьланы аҽашьуеит ҳәа азырҧхьаӡоит. Араҟа аҧсихологгьы даҭахӡам зхы еиқәшәоу ари ахәмарра шимыӡбаз аилкааразы. Аха зхаҭара макьана ишьақәымгылац, зыҧсихика ҭышәынтәалам ақәыҧш ари ахәмарраҿы идырҵо адҵақәа зегьы рынагӡара убранӡа дагәыланахалоит, убри ада акы дазымхәыцуа, акы ила иамбо.
Ари ахәыҷы дыхәмаруа далагазар, иҟазшьа аҽаҧсахуеит, агәынамӡара есымша иааирҧшуа далагоит, ихиҿы инапқәа рыла иҵәахлоит, ирбага нацәа есымша ихы иаирхәалоит, акитқәа рсахьа ҭихлоит, мамзаргьы аҧарҧалыкьқәа. Иара убасгьы раҧхьатәи дҵаны иаҧхьа иқәдыргылоит ахәыҷы инапаҿы акит асахьа цәыҧҧны ианиҵарц азы, нас уи асахьа ҭыхны ирзишьҭыр ауп.

Ахәыҷы дшыхәыҷу нахыс аҭел, ателевизор, егьырҭ агаџьетқәа даныруршьцыла, нас уи иаҧыргара уадаҩхоит. Иашоуп, ахәыҷы аҭел наиркны уусқәа зегьы ҟауҵоит, дуҧырхагаӡам, аха иара игәабзиара аҧырхага ҕәҕәа анаҭоит. Ахәыҷы иҧсҭазаара зегьы аҭели ателехәаҧшреи рыла имҩасуеит, ҧшшәы хкыла улаҧш хызкуа асахьақәа ахәыҷы убранӡа дрышьцылоит, аҧсҭазаараҿы икәша-мыкәша иҟоу, имҩаҧысуа хьаасгьы имаӡам. Уи зегьы марианы ибоит, ихшыҩ аус аирур иҭахӡам.
Ахәыҷы дызхәаҧшуа, иҟаиҵо, ииуа иахырҟьацәаны ацклаҧшрагьы аҽеира ахылҿиааӡом, избанзар аиҳабацәа рымацара ракәӡам зхатә ҳәаа змоу. Аҭаацәара рҟны иҟазароуп аҧҟара. Аха убри аҧҟара ахәыҷы имацара иакәымкәа, аҭаацәагьы ықәныҟәалар ауп. Иаҳҳәап, асааҭ ааба рынахыс аҭел акра ҟалаӡом, убри аҭаацәагьы инарыгӡароуп. Убри инаваргыланы, аҭаацәа ахәыҷы иацәажәалар ауп. Иҟалаӡом мацара акәымкәа, изыҟамло, иахылҿиаарц иалшо ахәыҷы иаҳәалатәуп, иеилыркаатәуп. Ахәыҷы иҭаацәа рыгәра анига, иара ихала иҳәоит игәы иҵхо.
Аҭаацәа инрываргыланы даараӡа аҭакҧхықәра ду рыдуп арҵаҩцәагьы. Сгәанала, иҟаҵатәуп ашколқәа рҟны аҧҟара. Ахәыҷы ашкол аҟны даннеилак нахыс аҭел ахархәара азин изымҭо. Абри азҵаара шықәсқәак раҧхьа иаҳҭеит Аҧсны аҵара-аминистр Инал Габлиа. Уи усҟан иазгәеиҭеит аҭелқәа ишақәнагоу ахархәара рзузар, ахәыҷы аҵараҿы ихы иахьаирхәаша рацәоуп ҳәа. Аха ииашаны ахәыҷы ахархәашьа дақәамшәозар, ҧҟарак шьақәыргылазар еиҕьзар ҟалап.
2023 шықәса декабр мзазы, Урыстәылатәи Афедерациаҿы азакәан рыдыркылеит, ахәыҷқәа ашкол аҟны аҭел ахархәара азин рымҭаразы. Ахәыҷы ашкол аҟны даннеилак иҭел арҵаҩы илиҭоит, аурок аҟны ихы иаимырхәарц, дахнамгарц, арҵаҩы дылҧырхагамхарц азы. Убас еиҧш ҳарҭгьы иаҳзыҟаҵар, ахәыҷқәа амш азыбжа ашкол аҟны иҟанаҵы аҭелқәа ирцәаҳахьчон.
Насгьы ҳашколқәа зегьы рҟны иаҭахуп аҧсихологцәа. Урҭ баша аус руеит ҳәа ақьаад аҟны иарбаны мацара акәымкәа, ахәыҷқәа аус рыдырулозароуп.
Иахьатәи ҳаамҭа– атехнологиатә аамҭа, ахатәы ҧҟарақәа шьақәнаргылоит. Убри ҳасаб азуны, ҳарҭгьы иҳалҳаршар ауп ҧҟарақәак рышьақәыргылара. Аҧхьаҟа иаҳҧеиҧшхараны иҟоу аҿар, ргәабзиареи рыҧсҭазаареи ҳахьчарц ҳҭахызар.

Шарида Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me