Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ачамгәыр абжьы зыргаз

Беслан Воубеи Давид Конџьариеи уасҭацәоуп. Очамчыра амҿлыхқәа ҟарҵоит. Абзазараҿы ихәарҭоу амаҭәахәқәа рыда, ааигәа амилаҭтә музыкатә арҳәагақәа - ачамгәыри аҟьаԥҟьаԥи рыбжьы дыргеит.


Арԥарцәа Очамчыра иҟоу ақәыԥшцәа Рыҩны аҟынтә ирыдыргалеит апроект, аҿар амузыкатә арҳәагақәа рыҟаҵашьа дырҵаразы. Беслани Давиди рхаҭа аинструментқәа шыҟарымҵацызҭгьы, иақәшаҳаҭхеит.
«Сара еснагь исҭахын арҳәагак ҟасҵарц, аха снапы наӡомызт уаанӡа. Иҟасҵон асувенирқәа, аха аинструмент сзыгәыӷьуамызт, избанзар, уи баша-маша узазнеиӡом. Давид иасҳәеит ари аус акырӡа шаҵанакуа, амҩабжара иаанҳажьыр шыҟамло. Ҩныҵҟала исҭахын уи ҳақәҿиарц», - иҳәеит Беслан аиҿцәажәараан.
Аҷкәынцәа иҽимардеит Хәаԥ инхо жәлар рарҳәагақәа ҟазҵо Уасил Арухаа. Изеиҭарҳәеит рыгәҭакы, насгьы иусушьа рбар шырҭаху. Аҟазагьы мап мкыкәа арԥарцәа ааԥхьара риҭеит.
«Даара ибзианы ҳидикылеит, ҳаицәажәеит. Иара ҩажәи жәаба шықәса уи аус даҿуп. Дшазнеиз ҳаиҳәеит. Аинтерес ҳкит, иаҳҭахын ҳхатә чамгәыр ҟаҳҵарц. Аҟаза ачамгәыр амгәа цәны иҟаиҵозҭгьы, ҳара хәҭа-хәҭала иаҳҷабырц ҳҭаххеит. Ажәытәтәи ачамгәыр анҭаҳҵаауаз, иаҳбеит ус ишеибыҭаз, иаҳҭахын уи атехнологиа ҳнапахьы иааҳгарц. Ачамгәыр ҳган еимаҳхит, иҭаҳҵааит ахы-аҵыхәа. Амахәҭақәа шыҟаҳҵаша ҳазхәыцит. Абасала, иҟаҳҵеит раԥхьатәи аинструмент. Ҳара ҳзы уи акырӡа аҵанакуан. Иара ԥшрала усҟак ублахь иааиуамызт, аха ԥшьымз иалагӡаны арҳәага ҳнапала иахьыҟаҳҵаз, ҳаигәырӷьон. Ачамгәыр иаҿарҵоз аҽхәыц акәын, ҳара аҵәгәыррахәыц ҟаҳҵеит. Абжьы анахылҵ, еилаҳкааит ииашоу амҩа ҳшықәыз», - игәалаиршәоит Беслан раԥхьатәи ицәаныррақәа.
Ауасҭацәа ачамгәыр ахи-аҵеи аҭәаҵла, ма ахьаҵла иалырхуеит, аха амгәа злухша аҵла ԥшқазароуп, иҳәоит Беслан. Ажәытәан ал иалырхуан, иахьа ҳара павловниа иалаҳхуеит, инаҵишьит иара.
«Ачамгәыр амгәа ҟауҵарцаз амҿы ужәыроуп. Аԥхьа ус ишаҭахыз еилаҳкаанӡа аӡыхьшәашәа иӡааҳҵон, аха акгьы алҵуамызт. Анаҩс, ишыжәтәу ҳазхәыцит. Уи ашьҭахь аӷәқәа аформа ҷыда иҭакны иҳамоуп ҩымчыбжь инарзынаԥшуа», - еиҭеиҳәоит Беслан амилаҭтә арҳәага аҟаҵашьа аҷыдарақәа ртәы.

Апроект азы иҟаҵан жәаҩа чамгәыр. Дара зегьы ақәыԥшцәа Рыҩны иаҭан. Еиҭа акы иҟарҵаз рҭиит. Аҷкәынцәа ирҭахуп арҳәагақәа ԥыҭк ҟаҵаны ирымазарц, аӡәы иҭаххар, иааихәартә еиԥш алшара имазарц. Давиди Беслани ирҭахуп егьырҭ амилаҭтә арҳәагақәагьы ҟарҵарц. Ус, рхала рҽазыршәеит аҟьаԥҟьаԥгьы аибыҭара. Иҭырҵааит уи иадҳәалаз аинформациа.
Аԥсуа милаҭтә арҳәагақәа ра­хьынтә аинҟьага, даҽакала, аҟьаԥҟьаԥ, иара убас абыкь, аханатә ицәырҵыз иреиуоуп. Дара рыбжьы дыргон жәабжьк еибырҳәарц анырҭахыз, нас ауп арлахҿыхратә ҟазшьа анроу. Ажәлар ҿиацыԥхьаӡа арҳәагақәагьы рҽырыԥсахуан, ицәырҵит арахәыц зҿаз. Аԥхьарца аԥсуа амузыкатә культураҿы зегь реиҳа аҵак ду змоу арҳәаганы иҟоуп. Ачамгәыр акәзар, аԥсуа культура иаланагалаз ҳәа иԥхьаӡоуп. Уи Кавказ жәларқәа шеимадаз атәы аанарԥшуеит.
Ачамгәыр аханатә ԥшь-рахәыцк рыла ишьақәгылан, аҳа асахьа аман. Арахәыц аҽхәыц иалырхуан. Ачамгәыр адырҳәоит итәаны. Арԥыс раԥхьатәи инацәхыԥқәа ахаҵа иарҳәага аԥхьарца иҭарыԥсозҭгьы, аӡӷаб лтәы ачамгәыр иҭарҵон. Ачамгәыр азырҳәо аҳәса мацара роуп, аӡы иашьыз иԥсы анааргоз, аԥсхәрақәа раан, мамзаргьы ачымазаҩ ианидтәалаз аамҭазы. Ачамгәыр аԥсуаа рҿы убас алаҵәара аиуит, имилаҭтә арҳәаганы иҟалеит.
Аҟьаԥҟьаԥ акәзар, изысуа арҳәагақәа рахь иаҵанакуеит. Иара ижәытәӡатәиу ҳәа иԥхьаӡоуп, уи дыршаҳаҭуеит еиқәханы иҟоу анҵамҭақәагьы. Ажәытәан акәашәарақәа раан рхы иадырхәон аӷәыцәмаҟьақәа, дара анеидыслалак ирхылҵуан абжьы ӷәӷәа. Урҭ икәашоз ишьашәаланы абжьы дыргон, иахьа еиқәханы иҟоу аҟьаԥҟьаԥқәа иреиԥшуп. Аҟьаԥҟьаԥ зны аинҟьага ҳәа иашьҭан. Ажәытә иԥшааз аинҟьагақәа алаҳа иалхын, цәала еидҿарҳәалон жәаҩа ӷәыцәмаҟьа, ҳәа азгәаҭоуп Инна Аҳашба лышәҟәы «Аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа» аҿы.
Иахьа амилаҭтә арҳәагақәа ахархәара шрымоугьы, иҟазҵо маҷуп. Беслани Давиди рдыррақәа аҿар ирыцеиҩыршоит. «Аҟазара егьырҭгьы ирымдалатәуп, уара иҟауҵаз агхақәа дара иҟарымҵарцаз, удыррақәа рыцеиҩушароуп», - иҳәоит Беслан.
– Ақәыԥшцәа рыҩны аҟынтә ирыдгалаз апроект ала ахәыҷқәа ҩыџьа рхы бзианы иаадырԥшит. Тхьынантә иааны, амаругақәа рҿы аус руан. Жәаҩа чамгәыр рыҟаҵараҿы рлагала дууп. Аҷкәынцәа ирымоуп адыррақәа дара рхатәы ҟазарҭа рқыҭаҿы аартразы, – иазгәаиҭеит Беслан.
Беслан Воуба иҟазарҭа иҩны аганаҿы иҟоуп. Аханатә, игәы ахьиԥсахша ҭыԥны иман. Абизнес дазхәыцӡомызт, иара уажәгьы еиҳарак ԥсыршьагас имоуп. Беслан дхәыҷы аахыс бзиа ибон амҿы аус адулара. Иара инапала иҟаиҵеит аԥсуа иашҭа амакет. Аԥсуа игәара, иҩны иадҳәалоу амаҭәарқәа зегьы, аха иаархәыҷны.

«Ус еиԥш иҟасҵаз х-усумҭак иахьа Ҭырқәтәыла иҟоуп. Аԥшьбатәи - Москва аԥсуа крыфырҭаҿы игылоуп. Аусумҭақәа раԥҵараан иҭысҵааз аматериал даара ирацәоуп, исҭахын аԥсуа цәа зхоу ак аҟаҵара. Аԥсуа кәаскьа зеиԥшраз збарцаз, Мықә еиқәханы иҟаз сцаны сахәаԥшит, иҭысҵааит. Аҩнатә ԥстәқәагьы схала амҿы иалхны, ицәны иҟасҵеит. Убас еидыскылеит аԥсуа иашҭа», - еиҭеиҳәеит Беслан.
Беслан иус даналагоз ирҳауаз зегьы иҟазарҭа иахҭниҵон, ауаа изаҿарҵо ҟаиҵартә еиԥш алшара имазарцаз, аха уи адагьы иара игәы ззыҳәо амаҭәарқәагьы инапы иҵихуан. Иара иҟазарҭаҿ икыдуп иԥсы анишьо аамҭазы иҟаиҵо иусумҭақәа. Ус еиԥш ҳалаԥш ақәшәеит инапала еибиҭаз аԥсуа нышь.

Беслан дхәыҷы аахыс еснагь инапала акы еибиҭозҭгьы, Давид уи аганахь зынӡагьы дыҟамызт. Иара ааигәа Москвантә Очамчыраҟа дхынҳәит нхара ҳәа. Аофис аҿы аусура иашьцылаз ауаҩы изы ацех аҿы алагара усҟак изымариамызт, аха зегь акоуп, иус инапахьы иааигеит. Давид ацех арҭбаара дазхәыцуеит. Беслан арҿиара аус еиҳа ицааиузар, Давид еиҳа абизнес амҩаԥгара дадҳәалоуп. Ауаа иаҿарҵо адагьы, ирҭаххаша ҳәа амаҭәарқәа ҟаиҵоит, анаҩс рсоциалтә даҟьаҿы иркьыԥхьуеит.
Ацех аҿы игылоу ауасҭагақәа абжакы рхала иаархәеит, абжакы агрантқәа ириааины иааргаз роуп. Иҟоуп рхала еибырҭазгьы. «Амҿлых аус адулара зҵарц зҭаху ахәыҷқәа анааилак, хазы-хазы астанокқәа ирыдҳаргылоит, ус дара иаҳа иаднаԥхьалоит», – иҳәоит Давид.
2023 шықәсазы Давид абизнес маҷ арҿиаразы аекономика аминистрра ирыланаҳәаз аицлабрахь ацех арҭбааразы апроект алаиҵеит, аҟазарҭаҿы ирыгу, ҳаԥхьаҟа рус еиҳагьы идырҭбаарц шырҭаху, арҳәагақәа рыҟаҵареи, ажәытә маҭәарқәа реиҭашьақәыргылареи шрыгәҭаку азгәаҭаны. Иззыҳәоз аԥара зегьы рмоуит, аха зегь акоуп, хәҭак рзоужьын. Ирзаахәан зда ԥсыхәа ыҟам. Уи адагьы аҷкәынцәа ацхыраара рырҭеит Очамчыра араион аҿари аспорти рыҟәша аҟынтә. Абасала, урҭ рус аизырҳара иашьҭоуп.

Альбина Жьиба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me