Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҳҵеицәа Ленинград ахақәиҭтәраз

Ааигәа Санкт-Петербург иазгәарҭон Ленинград ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵра амш.
Аҭоурых адаҟьақәа еихыршәшәо уҿынаухар, иубоит Аԥсны аҵеицәа ари ахақәиҭраз рлагала шырацәоу.


Иахьа 80 шықәса зхыҵуа ари амш, Ленинград ахақәиҭра иахҭныҵоуп зықьҩыла рыԥсҭазаарақәа. Ҷыдала Аԥснынтәи Ленинград ахақәиҭтәра иалахәын 300-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иалҵыз аҵеицәа.
Ленинград ахақәиҭра амш есышықәса иазгәарҭоит уи зхы ақәызҵаз аибашьцәа-афырхацәа анышә иахьамадоу Санкт-Петербург Пискариовтәи аешьаратә нышәынҭра аҭаарала.
Ленинград аблокада ахы акит 1941 шықәса сентиабр ааба рзы. Ақалақь ахәҭак ахы иақәиҭтәын, аха Ленинград иаланхоз ауааԥсыра рзы даҽа шықәсык иазԥшын ахақәиҭра нагӡа, уи алыршахеит 1944 шықәса ианвар 27 рзы.
Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов иазгәеиҭеит: «Ленинград 1941-1944 шықәсқәа рзын ицоз аибашьра хлымӡаах аан амацәаз иҭакын миллионҩык инареиҳаны ауааԥсыра. Урҭ 100 инарзынаԥшуа амилаҭқәа ирыҵаркуан. 2019 – шықәсазы Сан­кт-Петербургтәи ақалақьтә ӡбарҭа ишьақәнарӷәӷәеит Ленинград аблокада – геноцидк аҳасабала. Германиатәи Афедеративтә Республика ируалԥшьоу агуманитартә цхыраара ззыршәо ауриацәа рмилаҭ иатәу рымацара роуп, ари уаҩымдароуп аблокада хлымӡаах иацәынхаз рганахьала 60- нызқьҩык рҿынӡа рхыԥхьаӡара наӡоит».

Аԥсны акәзар, дҳамоуп аӡәы заҵәык – Нона Мол-оглы. Лара илгәалалыршәоит: усҟан 5 шықәса заҵәык раќәын илхыҵуаз, лаб аибашьраҿы дыбжьаӡит, рыҩны мҿыс ирблит, 1943 шықәсазы илхылгаз амлакреи, ахьҭакреи харшҭшьа амаӡам.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа абзоурала Нона Мол-­оглы далахә́ын сынт́әа Санкт-Петербург имҩаԥыргоз агәалаш́әаратә усмҩаԥгатә. Уи мҩаԥысуан ианвар 25-29 ирҭагӡаны. Аибашьра аветеранцәа идырбан ақалақь аҭоуры­хтә ҭыԥқәа, иаҭаан ирбеит Афырхацәа анышә иахьамадоу Пискориовтәи аешьаратә нышәынҭра. Иазгәаҭатәуп иара убас ари амш аҽны арахь ишааиуа Санкт-Петербург инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа.
Аԥсны имҩаԥысит ари амш иазкыз аусмҩаԥгатә Гал акультура аҩны аҟны, нас ашәҭ шьыҵәрақ́әа шьҭаҵан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз рбаҟа амҵан. Гал ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит ара асеиԥш аусмҩаԥгатә раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥго. Агәалашәаратә усмҩаԥгатә иалахәын Гал араион Ахадара аиҳабы Константин Ԥилиа, араионқәа рнапхгаҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, араион ауааԥсыра, Аԥсны иҟоу Россотрудничество рахаҭарнакцәа.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me