Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аусзуҩцәа разымхара азҵаара ӡбоуп

Ҳазҭалаз ашықәс ҿыц раҧхьатәи амза инаркны, Аҟәа ақалақь ахадара иаҵанакуа атроллеибустә наплакы аусзуҩцәа рулафахәы иацлеит. Абри атәы иҳәеит анаплакы аиҳабы Аслан Алан.
Иара иажәақәа рыла атроллеибус ныҟәызцо аусзуҩцәа рулафахәы шьақәгылоит сааҭк аусура иақәу ахәҧса ала.

Уаанӡа сааҭк ҩынҩажәи ҧшьба мааҭ иаҧсазҭгьы, уажәы шә-мааҭк рҟынӡа инаргеит. Аныҟәцаҩцәа мызкы бжьаратәла ҩышәи жәохә сааҭ инарзынаҧшуа аус руеит, аулафахәы шьҭырхаанӡа мызкы иалҵуаз аанызықь маҷк инацны акәын. Уажәшьҭа аулафахәы ҩажәи хәба нызықь рҿынӡа инаӡо иҟалеит.
Атроллеибустә наплакы аиҳабы иҳәеит аҧсҟы зкыз ироуз ацҵара ахәҭакахьала дара разымхара азҵаарагьы шаӡбаз. Араҟа иҳәатәуп, атроллеибус аныҟәцаҩцәа аусура иашалаго ашьыжь заа. Раҧхьатәи амашьына агараж иҭыҵны амҩа иқәлоит асааҭ фба аҟаларазы жәа-минуҭк шагу. Аусура хыркәшаны амашьына аргыларазы иҭаргалоит асааҭ жәба рзы аҧхын, аӡын акәзар, асааҭ ааба рзеиҧш. Ҳәара аҭахума, аа-нызқь мааҭ ҳәа асааҭ фба инаркны уаха жәбанӡа аусура згәы ацҧыҳәоз зынӡа ишырацәаҩым еилкаауп. Уажәы аҭагылазаашьа даҽакхеит. Ирыдыркылеит аҿарацәа, урҭ иддырҵеит аусура иацу акәамаҵамақәа ртәы, абас ала азҵаара аӡбара алдыршеит. Уи иаанагаӡом анаплакы иамоу ауадаҩрақәа зегьы рҭыҧ иқәҵоуп ҳәа.
Зыӡбара хымҧадатәу иреиуоуп дара атроллеибусқәа рхаҭақәа рҭагылазаашьа. Ҳаамҭазы анаплакы иамоуп атроллеибусқәа жәохә цыра. Урҭ рықәра жәашықәса иреиҳауп. Рхархәара аамҭа иҭагӡаны зныкгьы акапиталтә ремонт иахымсӡац. Избан акәзар, ус еиҧш аусурақәа мҩаҧызгаша аҟазацәа Аҧсны иҳамаӡам. Атроллеибус акапиталтә ремонт азуразы Урыстәылаҟа игатәуп. Аслан Алан иҳәеит, ари ахарџь ду зцу усны ишыҟоу, анагӡарагьы ус имариаӡам. Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәатә ҧсшьарамшқәа рзы анаплакахьы иааны иҟан Урыстәылатәи аспециалистцәа, урҭ ирылшеит зҭагылазаашьа зынӡа иуашәшәыраз атроллеибусқәа ҩба рыҟаҵара.
Аслан Алан иажәақәа рыла ауадаҩрақәа цәырнагоит аспециалистцәа разымхара азҵаарагьы, еиҳаракгьы аихаҟазаҩцәеи афымца еимадара атәы здыруеи.
Анаплакы иамоуп ахатәы фымцеихшарҭақәа ҧшьба. Дара рыбжьара аремонт зызу, Алашарбага аҳаблаҿы иҟоу заҵәык ауп, егьырҭ хҧа рҭагылазаашьа даара иуадаҩуп. Избан акәзар, ахархәаразы ирзыҧҵәаз аамҭа иҭысижьҭеи акрааҵуеит, ирхыжьтәуп акапиталтә-ремонттә усурақәа. Афымцалашара акәзар, уаанӡа киловатк азы жәа капеик ахыршәаауазҭгьы, иахьа ахәҧса хынҩажәи жәаба капеи рҟынӡа ишьҭыҵит. Анаплакы хашәала аазымго акәны иҟоуп, Аҟәа ақалақь ахадара аҟынтәи ацхыраара ҳауеит, иҳәоит Аслан Алан. Убри аан иазгәеиҭоит, шықәсык еиҳаны ишҵуа атроллеибусқәа ирзақәу ахәҧса жәа-мааҭк рҟынӡа ашьҭыхра иалацәажәоижьҭеи.
Ахәҧса хә-мааҭк рҟынтәи жәамааҭк ишьҭыҵыр, ҳәарада аусзуҩцәа рулафахәгьы ианыҧшуеит, аха зегьы ирхадароу – атроллеибустә наплакы алшара аиуеит амашьынақәа ҧхасҭахаргьы, рхатә харџьқәа рыла рыҟаҵаразы. Ҳаамҭазы атроллеибусқәа ныҟәоит х-хырхарҭак рыла, Аҳабла Ҿыц – Аџьырмыкьа, Ажәытә ҳабла – Аџьармыкьа, Алашарбага Ҭҳәыбын. Аамҭала иаанкылоуп Алашарбага аҳаблеи Ҭҳәыбыни рыбжьара аныҟәара, уи ахҟьеит Алашарбага аҳаблаҿы амҩатә усурақәа ахьымҩаҧысуаз, иара убасгьы Синоп иахьаҵанакуа афымцамҩангагатә цәаҳәа каҳаны иахьыҟоу. Аусурақәа зегьы анхыркәшахалак уи ахырхарҭала атроллеибус аныҟәара еиҭахацнаркуеит.

Ҩнызқьи ҩажәи ҧшьбатәи ашықәс ҿыц аламҭалазы ақалақь ауааҧсыреи араҟа зыҧсшьарамшқәа зхызгоз асасцәеи алшара рыман еилаарцыруа , икәалыкәаџьо ирхиаз атроллеибусқәа рбаразы. Анаплакы аиҳабы Аслан Алан иажәақәа рыла, Аҟәа ақалақь ахадара рыдҵала, аныҳәатә гәалаҟара узцәырызго ари аусмҩаҧгатә еиҿыркаауеижьҭеи уажәшьҭа ҩышықәсоуп. Атроллеибусқәа адәахьы мацара акәымкәа аҩныҵҟагьы идырхиеит. Аха, араҟа уадаҩрас иҟалаз, зыхдырра маҷу ҳуааҧсыра џьоукы-џьоукы аҧхасҭа ҟарҵоит. Ахәыҷқәа атроллеибусқәа ртәарҭақәа рцәа рхырхуеит, иҧыржәоит, аҩныҵҟа каламла акыдҩылақәа анырҵоит. «Уаҳа ари азҵаара аӡбашьа ҳзамҭеит», – иҳәоит атроллеибустә наплакы аиҳабы Аслан Алан.
Ҳазҭалаз ашықәс ҿыц азы иазҧхьагәаҭоу агәҭакқәа ртәы дазааҭгыло, иара иҳәеит зегьы ирыцку акәны ишыҟоу, ауааҧсыра еиҧҟьарада рныҟәгаразы атроллеибусқәа зегьы иахәҭоу аремонт иахыжьны аусура разырхиара.
Аҟәа ақалақь аҿы атроллеибустә система аартын ианар 3,1968 шықәса рзы. Усҟан дара Турбазанӡа акәын иахьынӡанеиуаз. Аусура раҧхьатәи ашықәсқәа рзы иҟаӡамызт дара аремонт ахьырзырушаз ҷыдала иалхыз аҭыҧгьы. Иахьыбжьысыз аҭыҧ аҿы акәын иахьыҟарҵоз. Атроллеибусқәа аусура ралагара мызқәак рнаҩс, Турбазанӡа инеиуаз ацәаҳәа Кьалашәырынӡа иацҵан. Ҩшықәса рнаҩс, 1970 шықәса рзы иаартын даҽа цәаҳәа ҿыцкгьы. Абас ала, шьаҿа маҷла имҩаҧысуан атроллеибустә нхамҩала аиҿкаара. Шықәсқәак рыҩныҵҟа аус зуаз амашьынақәа рхыҧхьаӡара ҩынҩажәи хәба рҟынӡа инаӡеит.

Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра алагамҭазы иалагараны иҟан атроллеибустә цәаҳәа Гәылрыҧшьынӡа анагара азҧхьагәазҭоз апроект. Аха уи хацдыркаанӡа излагаз аибашьра анаҩстәи агәҭакқәа зегьы аҧсахит. Атроллеибусқәа аус руан аибашьра аҧхьатәи амзақәа рызгьы, еиҧҟьарада еихшанҵала ишазгәаҭаз еиҧш, аус руан цәыббрамза 1992 шықәсанӡа, анаҩс аиҧҟьарақәа аман, аха зегьы акоуп уарла-шәарла акәзаргьы иныҟәон аибашьра аамҭазгьы. Аибашьраан аҕацәа рхыршәқәа рааханы аҧхасҭа ҕәҕәа роуит атроллеибусқәа хҧа, урҭ рахьтә ҩба зынӡа еиҭашьақәыргылашьа рымамкәа. Аибашьра ашьҭахь аҭыҧантәи анхацәа лассы-лассы иргәаладыршәалон, ашәанцәа еизыргаз амал, игыланы ирбаз атроллеибус иҭаҵаны, иара ахаҭа атанк иацраҳәаны ишыргоз.
Анаплакы аусзуҩцәа аибашьра ианалага аӡәк иеиҧш игылеит рыҧсадгьыл ахьчаразы. Имаҷҩым иҭахази, ааха зманы аибашьра иалҵызи. Аҭынч ҧсҭазаараҿы ауадаҩрақәа зцыз аҟаҵатәқәа иреиуан анаплакы ашьапы аиҭақәыргылара. Аха, уи ус имариамхеит, имаҷымкәа аамҭа аҭаххеит. Аибашьра ашьҭахь агәыҳалалратә цхыраара аҳасаб ала Москвеи Маиҟәаҧи рҟынтәи Аҧсныҟа иааган хархәара зырҭахьаз атроллеибусқәа жәиҧшь цыра. Урҭ аус руан 2010 шықәса рҟынӡа. Анаҩс Аҧсны анапхгара рыцхыраарала, иҿыцыз атроллеибусқәа ҩажәи хәба цыра аахәаны Аҟәаҟа иааган. Ҳаамҭазы, аусурақәа цоит ҩ-напыкла, иҟаҵоу даара ирацәоуп, аха зыҟаҵара азгәаҭоу еиҳагьы еиҳауп.
Атроллеибустә наплакы аиҳабы Аслан Алан иажәақәа рыла , зегь раасҭа иуадаҩыз, аха убри аан ихадаз азҵаарақәа ӡбоуп. «Уи аулафахәы ашьҭыхреи, атроллеибус аныҟәцаҩцәа разымхареи рызҵаатәқәа роуп. Уажәшьҭа ирыцҵахоит иазҧхьагәаҭоу егьырҭ аусқәа. Атроллеибустә наплакы ахашәала иазырхоу усбарҭаны иҟаӡам. Иара асоциалтә ҟазшьа змоу, ауааҧсыра рымаҵ аура иазку наплакуп. Ҳаамҭазы, шамахамзар зегьы рхатә машьынақәа анрымоу, ианныҟәо автобуси амаршруттә такси рыла, атроллеибусқәа азҿлымҳара шрымац ирыманы иаанхоит. Ӡынгьы – ҧхынгьы еиҧҟьарада апассаџьырцәа рымоуп. «Урҭ рыбжьара иҟоуп аиҳабыратә қәра иаҵанакуа, атроллеибус ада даҽа транспорт хкык зхы иазмырхәо ауаа. Дара атроллеибусқәа русура аамҭа ҿырҳәала ирдыруеит. Минуҭк иаагхаргьы анаплакахьы аҭел иасуеит, иадҵаалоит», – иҳәоит анаплакы аиҳабы Аслан Алан.
Аҧхын аамҭазы зынӡа ҭалашьа амамкәан иҭәуеит. Избан акәзар, Аҟәа иаҭаауа аҧсшьаҩцәа атроллеибусқәа рыхәҧса, хә-мааҭк џьашьатәыс икны гәахәарыла иақәтәоит. Анаплакы зҵазкуа Аҟәа ақалақь ахадара аҟынтәи ацхыраара аиуеит еиҧҟьарада. «Ҳазҭалаз ашықәс азы иазҧхьагәаҳҭаз зегьы ҳзыҟаҵар, иаҳныҧшыртә аиҭакра бзиақәа ҳауеит, агәра ганы сыҟоуп ҳхыдҵақәа шынаҳагӡо азы», – иҳәеит атроллеибустә наплакы аиҳабы Аслан Алан ҳаиҿцәажәара хыркәшо.

Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me