Илҳәеит, иҳаҩсыз ашықәс азы шықәсыбжак иназынаҧшуа, абызшәа ззымдыруаз дырҵаразы ишымҩаҧыргоз акурсқәа. Раҧхьаӡакәны имҩаҧган ирццаку акурсқәа. Иазгәалҭеит, аҧсшәа зҵарц зҭахыз адуцәа шракәыз, убри азы аус здырулоз аиҳабацәа рықәра иаҵанакуа ракәын. Идлырдырит, дара реиҧш егьырҭ анаплакқәагьы ишаадыртхьоу изныкымкәа акурсқәа, аха аҵыхәтәанынӡа анагара уадаҩуп. Лара дазааҭгылеит, арҭ акурсқәа ирылагаанӡа, ишеиҿыркааз арҿиаратә гәыҧ аҵарауаа, аметодистцәа алархәны. Уи агәыҧ напхгара азылуан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҧсуа бызшәеи алитературеи ркафедра адоцент Диана Шам-ҧҳа. Еиуеиҧшым аметодикатә цхыраагӡақәа реиқәыршәара ахылаҧшра ду азылуеит. Аусураҿы илыцхраауаз дыруаӡәкын аҵарауаҩ Адгәыр Шьынқәба, афилологиатә наукақәа рдоктор Альдона Жьи-ҧҳа.
Гә. Кәыҵниа-ҧҳа иазгәалҭеит, акурсқәа ирылагаанӡа ҩымз шагыз аҵара зларҵоз аметодика аиқәыршәара ишаҿыз. Иара убас илҳәеит, акурсқәа дырҵаразы дшааҧхьаз, иреиҕьу арҵаҩы ҳәа иҧхьаӡоу Лиуба Цәеи-ҧҳа. Аиашазы, даараӡа ибзиаӡаны аус луан ҳәа азгәалҭоит уи.
Лара дазааҭгылеит алаҳәара аныҟарҵа ашьҭахь, хатәгәаҧхарала абызшәа аҵаразы зҽанызҵоз шырацәахаз, убри азы ҩ-гәыҧкны аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит. Убарҭ акурсқәа ирылгаз роуп асертификатқәа знапаҿы ирыҭахо. Иара убас иазгәалҭеит раҧхьаҟагьы арҭ акурсқәа абызшәа дырҵаразы иааиҧмырҟьаӡакәа ишацырҵало. Убри инаҷыданы, Аҧсны араионқәа зегьы рҟны иаартхоит аҧсуа бызшәа аҵаразы агәаҳәара змоу рзы акурсқәа. Адуцәа рзы гәыҧк ҟалоит, ахәыҷқәа рзы даҽа гәыҧк.
Анаҩс ажәа лыман апроект анапхгаҩы Диана Шам-ҧҳа. Уи дазааҭгыло илҳәеит, абызшәа аҵара апроцесс аџьабаа шацу. Уи лгәаанагарала, аҧсуа бызшәа аҳәынҭқарратә бызшәа анакәха, абызшәа зегьы ирдырырц ахәҭоуп. Иахьатәи ҳаамҭазы аҵараиурҭақәа рҿы, мамзаргьы ашкол мацараҿы абызшәа аҵарала аҳәынҭқарра узышьақәыргылом. Убри азы аҧсҭазаара аганқәа зегьы аҧсуа шьаҭа аманы ҧсышәала ицәажәозароуп. Дызусҭазаалакгьы зыҧсадгьыл аҿы инхо ихатәы бызшәа идырырц ахәҭоуп. Дара рхаҭақәа агәаҳәара рыманы рбызшәа рҵозароуп, ирдыруазароуп. Иара убас аҩбатәи ахәҭак аҳасаб ала Аҧсны инхо иаҧсуаам зегьы ирдыруазароуп. Акурсқәа раартра шьаҿа бзиоуп ҳәа илыҧхьаӡоит абызшәа аиқәырхараҿы. Ихымҧадатәины дахәаҧшуеит Аҧсны араионқәа рҿы ацентрқәа аартны, дызусҭазаалакгьы, абызшәа зҵарц зҭаху, иара ианизыманшәалоу дымҩахыҵны, хәыда-ҧсада акурсқәа дырхысларц аҭагылазаашьа аҧҵара. Иахьазы ирымоуп алшара аметодикеи ацхыраагӡақәеи рыла абызшәа дырҵара. Лара илҳәеит, Асҭанда Аҳә-ҧҳаи Лиуба Цәеи-ҧҳаи аҧсуа бызшәа аҭагылазаашьа шҭырҵаауа аҧсуа қыҭақәа рҿы, ақалақьқәа рҿы. Урҭ рыҭҵаарақәа рыла иубоит аҭагылазаашьа шҽеим. Ақыҭақәа рҿгьы ахәыҷқәа аурысшәа аҧыжәара аҭара иалагеит. Илҳәеит абызшәа ашәарҭара иҭагылоуп. Аха убри аан, аҭаацәарақәа ахара рыдымҵакәа ацхыраара рыҭатәуп.
Дазааҭгылеит рашәарамзазы ишеиҿкааз аусуратә гәыҧ, ҩымз иалагӡаны х-ҩык абызшәадырҩцәа аус адырулон аметодика. Анаҩс ауп ирццаку акурсқәа ҳәа хьӡыс иаҭаны амҩаҧгара ианалага. Акурсқәа рахь абызшәа зҵарц имҩахыҵыз зегьы ҩба-ҩба бызшәа здыруа, еиуеиҧшым азанааҭқәа рыла аус зуа роуп. Акурсқәа рымҩаҧгара анаҩс, лекциацыҧхьаӡа еилацәажәон, нас еиҳа имароу алагаланы, ицәгьоу агәылганы аус адырулон. Аграмматика аҧыжәара арымҭеит, аха дара рхаҭақәа аҵара зҵоз азҵаарақәа ақәыргылара ианалага, дара ргәаҳәарала иаларгалеит аграмматика, анаҩс еиҳа ирмариахеит абызшәа аилкаара. Афонетика иацырҵон ацәажәаратә конструкциақәа, адиалогқәа, ихәыҷыз атекстқәа. Ирццаку акурсқәа рҟны иуҵар алшоит зда ҧсыхәа ыҟам ацәажәараҿы ахархәара. Дара ирылдыршеит анбанқәа дырҵара, иҩуа-иаҧхьо аҟаҵара. Актәи аетап ала иуҳәозар, аелементартә ҩаӡарала рхы бзианы иаадырҧшит.
Аҧсуа бызшәа дзырҵоз Лиуба Цәеи-ҧҳа дазааҭгылеит аҵаратә процесс ианалагоз аҧхьа ирдыруаз ашьҭыбжьқәа рыла ишалагаз. Нас ашьҭыбжьқәа злаз афраза хәыҷқәа ддырҵеит. Уи ашьҭахь ииасит аҧсуа бызшәа иаҷыдароу ашьҭыбжьқәа рырҵарахьы. Аҧхьаӡа ирцәыцәгьан, аха ҧхьаҟа ицацҧхьаӡа ирзымариахо иалагеит. Урокцыҧхьаӡа изхысыз атемала, дара - дара еицәажәо аҭагылазаашьа рзаҧҵан. Анаҩс ииасуеит, Аҧсни уи аҭоурыхи ирызку атекст хәыҷқәа рахь. Еиуеиҧшым аметодикақәа рхы иадырхәон аҵаратә процесс аан.
Идырбан аҵаратә процесс шымҩаҧысуаз авидеонҵамҭа. Анаҩс акурсқәа ирхысыз рнапаҿы ирыҭан асертификатқәа. Дара рхаҭақәа ирыман аҭагылазаашьа аҧсышәала рыхьӡ, рыжәла, рҭаацәаратә ҭагылазаашьа, рнапы злаку азанааҭ, иара убас бзиа ирбо аҭыҧ ҧшӡарақәа уҳәа реиҭаҳәара.
Стелла Сақаниа