Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Иагьлафны илафымкәа…»

«Аччара ауаҩы иԥсҭазаара иацнаҵоит» рҳәоит. Ҵабыргны, агәалаҟазаара бзиа ауаҩытәыҩса игәабзиара шьақәнарӷәӷәоит, ибзазара еизнарҳауеит, аха уи азы иахьеи-уахеи икәша-мыкәша имҩаԥысуа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа дыдмыргәжәажәозароуп, дызну аамҭа уи алнаршозар?!
Ҳаԥхьаҩцәа шәхацкы, «мышьҭабзиала» ҳәа, агәыӷрақәа адҳәало ҳазҭалаз Ашықәс ҿыц аԥеиԥш лаша шәзаанагааит, гәабзиарала ихарҭәаау анҵыра рацәа ацны.


Ҳзыхәҭаку адунеи аҟны иахьа имҩаԥысуа ахҭысқәеи, урҭ рылаԥшҳәааҿы ҳхеиқәырхареи, маҷк иадамзаргьы хаҭа-хаҭала ҳрызхәыцырц ишәыдаагалоит аԥсҭазаара ахаара аасҭа аџьбарара знырхьаз, зыԥсаҭа бзиахаша Аԥсны жәлар рпоет Витали Амаршьан ианҵамҭа – зҵаарақәак:
Џьаргьы укылзымго амҩа ианылатәума?
Ацәажәара аҟнытә аус ахь ҳанбаиасуеи?
Ашҭа иқәҳаз абӷьыжә аԥша ианаго ҳәа иазыԥштәума?
Аӡ иаго уамхтәу уамхтәыму ҳәа иазҵаатәума?
Дасу илеиҵаз ааирыхуазар, цәгьамзар бзиа лазымҵац иҭаргаларызеишь?
Амҩа ианыжьлоу ахаҳә иахыкәшалатәума – ирбылгьатәӡами?
Зхашәа хы зымбо дмааԥсаӡеи?
Снацәкьарақәа зегь зеиҟарамзеи ҳәа умашьхәылҵ уазгәаар ҟалома?
Аԥсуара иныҟәнаго данбаԥсыуахо?
Аилахәаахәҭраҿы аламыс ыҟоума?
Ашьыцҩы иҵашьыцтәума?
Уаҩыс узымшьо – иара дабанӡауаҩушь?
Шә-цәак зхарԥоу, руак иԥсахит ҳәа, иҽизеиҭакуама?
Ацә иақәкны ажә ҳәа ицәажәо иныга шыԥҽхьоу зимбои?
Хы зхагылаӡам ухылԥа еицаҟьоуп ҳәа иоуҳәар ҟалома?
Ааи, иагьлафны иагьлафымкәа… «Аччара хааӡа изнаало, иччаз иоуп аҵыхәтәаны» ҳәа баша имҳәеит иналукааша аԥсуа поетцәа ируаӡәку Алықьса Џьонуагьы.
Ахәыцра, еиҭахгьы ахәыцра.
Азҵаарақәа рҭакқәа, мамзаргьы урҭ рзы шәгәаанагарақәа ҳзаашәышьҭырц шәылшоит аҭыжьымҭа анҵәамҭаҿы иарбоу аелектронтә ҭыӡҭыԥ ашҟа.
Агәыцқьареи алахҿыхреи шәыгымзааит.

А. Амзацба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me