Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥснытәи акаратистцәа – Шәача

Ажьырныҳәамза 27-28, 2024 шықәсазы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысит Косики карате азы Урыстәылазегьтәи атурнир «Алада Ахраҿа». Атурнир еиҿкаахеит ақалақьтәи ауаажәларатә еиҿкаара «Шәача ақалақь астильзегьтәи акарате Афедерациа». Уи напхгара аиҭоит Дымчак Иван Алеқсандр-иԥа. Иара убас аусмҩаԥгатә анагӡараҿ ацхыраара ҟанаҵеит Шәача ақалақь абаҩрҵәыратә культуреи аспорти рзы Аилак.


Атурнир рхы аладырхәит Урыстәлатәи Афедерациа арегионқәа 10 рҟынтәи: Донецктәи Жәлартә Республика, Ростов, Ростовтәи аобласт, ақалақьқәа Липецк, Москва, Москватәи аобласт уҳәа Афедералтә округ хада зегьы аҟынтәи 500-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.
Косика карате Афедерациа апрезидент, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Демис Адлеиба напхгара зиҭоз Аԥсны еизгоу акоманда Шәача ақалақь астильзегьтәи акарате Афедерациа апрезидент Иван Дымчак иҟаиҵаз ааԥхьаала ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала атунир иалахәхеит.
Аԥсны еизгоу акоманда иалалеит Аҟәа ақалақь аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа Косики карате асекциа аспортсменцәа.

Аспортсменцәа еиндаҭлон «ката», «кумите», «нунчаку-кумите» уҳәа адисцплинақәа рҿы. Аԥснытәи аспортсмен ҿарацәа ахьтәы медалқәа ҩбеи аџьазтә медалки ранашьахеит.
Ахьтәы медалқәа ранашьахеит Ерик Хоџьоиан, Иарна Марганиа, аџьазтә медал – Сеиҭ Дгебиа.
Аԥсны косики карате Афедерациа апрезидент Демис Адлеиба, атурнир аартра иадҳәалаз аныҳәатә усмҩаԥгатә аҿы дықәгыло, атурнир алахәылацәа зегьы ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит, иара убас абжьгаратә ажәа ҟаиҵеит. Иоуз алшара ихы иархәаны иара акомандақәа зегьы нанҳәамза 24 рзы Аҟәа ақалақь, С.У. Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы иаатуа косики карате азы Жәларбжьаратәи «Аԥсны Ахраҿа» ахь ааԥхьара риҭеит.

Демис Адлеиба икомандеи иареи Урыстәыла косики карате-до Афедерациа анапхгараҭара аҟынтәи традициала Москватәи аобласт, Раменское ақалақь аҿы хәажәкырамза 22 – 24, 2024 шықәсазы имҩаԥысуа жәларбжьаратәи атурнир «ANTA 2024 Ахраҿа» ахь ааԥхьара роуит.
«Хаҭала шәареи напхгара зышәҭо акомандеи ҳашәзыԥшуп, ҳаибабара гәахәарыла иҳадаҳкылоит. Шәара шәвизит ҳаспорттә федерациақәа рыбжьара аԥышәала аимадара, аспорттәи аиҩызаратәи аимадарақәа рыбжьаҵаразы зеиӷьаҟам лшараны иҟалоит. Агәыӷра ҳамоуп алшара ԥшааны ҳусмҩаԥгатә шәхы шалашырхәуа, иара убас аусмҩаԥгатә аартра иазку аныҳәатә церемониаҿы адныҳәаларатә ажәахә шыҟашәҵо азы», – иазгәаҭоуп ааԥхьаратә шәҟәаҿы.
Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me