Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иаарту аицлабра аҟны

Волгоград ақалақь аҟны ажьырныҳәамза 21 азы имҩаԥысуаз акарате иазку иаарту аицлабрақәа рхы аладырхәит Аԥснытәи аспортсменцәа. Урҭ рахьтә, Аԥсны Агәыӡера аҳабла аҟны еиҿкаау афедерациеи, Очамчыра ақалақь аҟны иаԥҵоу – «Абраскьыл» ҳәа хьӡыс измоу аклуби рыҟнытә 27-ҩык аспортсменцәа.


Аицлабра алҵшәақәа рыла аԥсуа спорсменцәа иааныркылеит актәи аҭыԥқәа жәаба, аҩбатәиқәа ҩба, ахԥатәиқәа хԥа.
Аԥхьахәқәа згақәаз иреиуоуп: Баграт Аршба, Сандро Џьаӷмазиа, Бадри Мурадиан (Очамчыра), Еснаҭ Зарандиа, Русҭам Раҭиа, Викториа Кондакчиан, Давид Аџьынџьал, Налика Зыхәба, Софиа Желнина, Александра Павлова (Агәыӡера).
Араӡынтә ԥхьахәқәа ирыԥсахеит: Алексеи Домбаев (Очамчыра), Далмат Чагәаа, Руслан Карапетиан, Инал Акаба, Арсен Чакәчан, Самира Адлеиба, Руслан Кондакчиан (Агәыӡера).
Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Саид Ӷәарзалиа (Очамчыра), Левон Хоџьикиан (Агәыӡера), Кира Заболотнаиа (Агәыӡера).
Аспортсменцәа азыҟарҵоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥсны аҳәынҭқарра аспорт азҟаза Тимур Ҷыҭанааи, Аԥсны аҳәынҭқарра аспорт азҟаза Зураб Мурадиани.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me