Уасил Царгәыш ихьӡ ахҵоуп…

Ажәлар ркультура ашьҭыхразы иаҭахуп аҟазара злоу ауаа хатәрақәа, урҭ шаҟа ирацәаҩу аҟара ҳахьӡ адунеи иахыҵәоит. Убасеиԥш зкультура ҳараку, аҟазара ҷыда злоу ҳакәны адунеи ҳахзырҵәаз ируакуп, ираԥхьагылоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә зҽаԥсазтәыз ашәаҳәареи аќәашареи рансамбль.


Рацәак ҵуам, иҳаҩсыз ашықәс декабр 27 рзы Ражден Ѓымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥгаз аконцерт аҿы ирылаҳәан ажәабжь бзиа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳ́әареи рыкәашареи рансамбль ихьӡ ахҵоуп Аԥсны жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Уасил Царгәыш. Иалкаан иазгәаҭатәуп, ансамль иахьа иамоу аихьӡарақәа рҿы илиршаз шшьардаӡо. Ихьӡ ахҵарагьы иҳақу усԥшьоуп.
Ансамбль аԥҵан 1931 шықәсазы, Нестор Лакоба иаԥшьгарала. Аԥсны араионқәа зегьы рҟнытә иреиӷьқәаз ахортә коллективқәа алархәны. Напхгара азиуан здаҟамыз ашәаҳәаҩ, арҿиаҩы, Гәыԥ ақыҭа иалиааз Платон Ԥанцулаиа. Ахор арепертуар зегьы шьақәгылан жәлар рырҿиамҭақәа, жәлар раш́́әақәа ирылхны.

1934 шықәсазы Аԥсны аетнографиатә хор Кавказ ажәларқәа рҟазара иазкыз олимпиада аҟны иреиӷьӡоу ҳәа иалкаан. Дара иранашьан апремиақәа ԥшьба. Усҟан зҽалызкааз асолистцәа Мҭы Ақаҩба, В.Ачба ааԥхьара рыҭан 1935 шықәсазы Лондон имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи акәашаратә фестиваль ашҟа.
Аетнографиатә хор ҟалеит аԥсуа жәлар рҟазара, рбаҩхатәра ӡырызго лагамҭа бзианы. Иара иахылҵит иахьа адунеи иадыруа иҟалаз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә зҽаԥсазтәыз жәлар рашаҳәареи рыкәашареи рансамбль.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ари аколлектив напхгара азыруан: Иван Лакрба, Кьыҵа Гегечкори, Алықьса Чычба, Ражден Гәымба, Харитон Ахба, Баграт Багаҭелиа, Едуард Бебиа, Гиви Чахаа, Владимир Кәарҷиа, Фазылбеи Ҟәыруа. 1968 шықәса инаркны 2020 шықәсанӡа ансамбль напхгаҩыс даман Уасил Царгәыш.
1970 шықәсазы ансамбль «Зҽаԥсазтәыз» ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахеит.

1976 шықәсазы раԥхьаӡа акәны ансамбль аҳәаанхыҵ – Польша ицеит агастрольқәа рыманы. Уаҟа қәҿиарала рықәгылара анаҩс, адунеи иакәшеит рҟазара дырбо. Дара аконцертқәа ддырбеит: Германиа, Чехиа, Сириа, Бырзентәыла, Африка атәылақәа, Ефиопиа, Танзаниа, Мозамбик, Аргентина, Мексика, Франциа, Ҭырқәтәыла.
Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра анцоз уи иалахәыз аӡ́әырҩы рыԥсадгтьыл ахьчараз абџьаршьҭыхла игылеит.
Аибашьра ашьҭахь ансамбль амчқәа арҿыцит. Аԥсны акрызҵазкуа арыцхә – Аиааира ду амш азы дара имҩаԥыргоз аконцерт иуанаҳәо рацәоуп.

Ансамбль иалоу ралԥшааразы анапхгаҩцәа зегь раԥхьа идыргылоит рҟазара, рдырра, иара убас акраҵанакуеит рҭеиҭԥшгьы.
Ааигәа ансамбль алахәын жәларбжьаратәи афестиваль «Мир Кавказу», Ростов ақалақьаҿ имҩаԥысуаз.
2021 шықәса февраль мза инаркны ансамбль напхгаҩыс дамоуп Аԥсни Ҟарачы-Черқестәылеи жәлар рартист Валери Ҭаниа, абалетмеистр хада – Аԥсны жәлар рартисат Леонид Какачиа.

 

Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me