Ацхыраагӡатә школ аҟны

Ааигәа Аҟәатәи ацхырагӡатә школ аҟны имҩаҧысит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә семинар. Уи азкын зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа аҵаратә процесс рылааӡара атема.


Асеминар лҽалалырхәит Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл. Лара илҳәеит, ас еиҧш иҟоу асеминарқәа рымҩаҧгара хәарҭара ду шрылоу, адыррақәа реимадаразы.
Ажәахә ҟалҵеит иара убас ацхыраагӡатә школ адиректор Викториа Ҭаркьыл. Лара асеминар иалахәыз идлырдырит ршкол аҟны аҵара-ааӡаратә процесс шымҩаҧысуа.
Асеминар рхы аладырхәит аҭыҧантәи аспециалистцәа реиҧш, Москватәи аҵара-ааӡаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, Урыстәылатәи Афедерациа, насгьы Кирови Кировтәи аобласти, Краснодарнтәи, Аахыҵ-Уаҧстәылантәи.
Ацхыраагӡатә школ аҟны аус зуа аметодист Нана Ҭаркьыл излаҳалҳәаз ала, асеминар азкын ацхыраагӡатә школ аҟны аҵара зҵо ахәыҷқәа раҧхьаҟа рхы зланыҟәыргаша, раҧхьаҟа имҩақәызҵаша ауснагӡатәқәа рылацәажәара. Асеминар мышкы имҩаҧысуан. Уаҟа иқәгылеит ажәахәқәа ҟазҵоз жәҩык.

Стелла Сақаниа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me