Сахьиз, сахьааӡаз Аҟәа, сыԥсы алоуп…

Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа… Аибашьра ҟалаанӡа ари ақалақь ԥшӡаҿы инхоз аԥсуаа хыԥхьаӡарала имаҷын. Еныкь Ҭодиа Шәлиман-иԥа еицырдыруаз, ипатриотыз, зыхьӡи зыжәлеи еидкыланы ирҳәоз аԥсуа хаҵан.
Аԥсны ицоз аполитикатә еибырххарақәа еснагь дрылахәын.

Жәлар рфорум «Аидгылара» далан. Иара Аҟәа ақалақь аҟны дынхон. Иҩны еснагь анеи-ааии агмызт. Иԥшәма Ҵәыџьба Аннеи иареи рҳәоу еибыҭаны еицынхон. Аԥацәа ҩыџьа рхылҵит: Џьансыхәи Рамази. Урҭ Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ иоушьҭымҭацәан. Ран Ҵәыџьба Анна Аҟәатәи ақыҭанхамҩатә институт аҟны ҳасабеилыргаҩыс дыҟан. Ҭодиа иара убри аинститут аҟны анхамҩа аҟәша деиҳабын.
Еныкь Ҭодиа иԥсадгьыли ижәлари рахь имаз абзиабара ҵаулан, ицқьан. Уи 1989 ш. аизараҿы ақырҭцәа Аԥсны имҩаԥыргоз аполитика хәымга, иаахтны даҿагылеит, дақәыӡбеит. Уи ашьҭахь акырӡа ддыргәамҵит, нас дҭаркит. Аҟәа, Дранда, Қарҭ–шықәсыки хымзи дҭакын. Иҭаацәа дахьҭакызгьы ииашаны ирыздыруамызт.
– Убри аамҭазы, – иҳәеит Еныкь Ваниа, ҳаҳәшьаду Еныкь – Дараселиа Буца лыҷкәын Витали Дараселиа Урыстәыла дыӷәӷәаны дыҟан. Арратә чынкгьы иман. Убри иҩызцәа иманы даан, Ҭодиагьы иҵегь имаҷымкәан аԥсуаагьы роужьраҿы ацхыраара ду ҟаиҵеит. Убас аԥсуаа зегьы ҳгәы иалаз ахьиҳәаз дахдырҟьеит!.. Даноурышьҭ ашьҭахьгьы усурада даанхеит… Ихигаз рацәан…
Еныкь Џьансыхә Ҭодиа-иԥа 1963 шықәса абҵарамза 25 рзы Аҟәа ақалақь аҟны диит. Аҟәатәи абжьаратә школ даналга Днепропетровсктәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет дҭалеит. Заанаҭла аурыс бызшәеи алитературеи алихит. 1985 ш. ԥхынгәымза ҩба рзы ауниверситет далгеит. Ауниверситет данҭаз аамҭазы Киев абламбаратәи аҟәша ашәарҭадаратә факультет аҟны аинститутгьы хьыӡла-ԥшала ихиркәшеит. Ҩ-дипломк иманы Аԥсныҟа дхынҳәит. Еныкь Џьансыхә Ҭодиа-иԥа аибашьра Аԥсны иалагаанӡа, иара дзылгаз, бзиа иибоз ирҵаҩцәа рҵаҩыс дынрывагылахьан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага Ҭодиа иԥацәеи иареи Аҟәа рыҩны иҟан. Иԥшәма Анна аибашьра ҟалаанӡа лыԥсҭазаара далҵхьан. Аҟәа ааныжьтәуп ҳәа аԥсуаа ианырҳәа, Ҭодиа ихахьгьы иааигар иҭахымызт. Аҟәа ақалақь ақырҭцәа рымҭаразы илшоз зегьы ҟаиҵеит, аха уи зегьы башахеит. Ҭодиа иԥацәеи иареи 45-мшы Аҟәа рыҩнаҿы иҟан.
–Ҳара, - иҳәеит Ваниа Еснаҭ-иԥа, зны Ҭодиа дыршьит ҳәа ҳаҳаит… Иҟаҵәҟьаз аиаша ҳаздыруамызт. Ашьҭахь Кобахьиа Беслан напхгара зиҭоз акомиссиа ала Ҭодиа иҭаацәеи иареи Аҟәа иалган. Урҭ ақалақь Аҟәа ирхыргаз агәаҟрақәеи арыцҳарақәеи Ҭодиа иаҳзеиҭеиҳәеит, аҩра акәым рзыӡырыҩра даара иуадаҩуп… Саԥыҩланы исҳәар сҭахуп, иахьа иаанханы иҟоу Ҭодиа-иԥа Рамаз уи аҭагылазаашьа даара ишиныԥшыз, ишиқәыӷәӷәаз. Ҭодиа иахьа иҷкәынцәеи иареи еиҵаҩҩы инхозаарын…
Еныкь Ҭодиа Шәлиман-иԥа, Аҟәа­нтә иалганы ишыргаз еиԥш адырҩаҽныҵәҟьа Гәдоуҭатәи аштаб ахь дцеит. Иҟаз збоз иԥеиҳаб Џьансыхә иашьцәа Мгәыӡырхәаа ахьыҟаз днеит. Урҭ ркомандаҿы акыраамҭа дыҟан. Командирс Дбар Валери (Фата) Қьаамын-иԥа дрыман. Аибашьҩы Ажьиба Енвер Џьансыхә дигәаларшәо абас иҳәеит:– «Сыбла дыхгылоуп Џьансыхә. Уи ҳкомандаҿы дҳадаҳкыларц аҳәара ҟаиҵеит. Аха зегьы еицҿакны мап ицәыркит. Аӡәгьы игәы иаанагомызт аибашьра акыраамҭа ицап ҳәа. Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь, лассгьы Аԥсны ахы иақәиҭаҳтәуеит ҳәа агәыӷрақәа ҳаман. Ашколқәагьы ирласны иаатуеит ҳәа агәра аагон. Ҩбагьы, Џьансыхә убас даамсҭашәан, дуаҩгәыразны дааӡан, абџьар ашьҭыхра илшарым ҳәа агәрагара ауаҩы изцәырҵратәа. Аха уи иҩныҵҟатәи игәеилашра аиааира агахьазаарын. Дымцар имуит иԥсадгьыл ахьчаразы, ахаҵа иахьиҭыԥыз ашҟа…
Еныкь Џьансыхә Анқәаб Славик напхгара зиҭоз агәыԥ ахь диасуеит. Уаантәи Николаи Џьонуа икомандаҿы акыраамҭа дыҟан. Џьансыхә шамахамзар аҭабиа аҟынтә аҩныҟа дааӡомызт. Иаб еснагь иԥа игәы дыҵхон, дишьҭан, дрызҵаауан. «Ешыра даҳбеит, уицәымшәан»: – ҳәа игәы дырӷәӷәон. Ирҳәоит иаби иареи хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара иалагаанӡа еибабеит ҳәа. Абраҟа Ҭодиа еиликааит Џьансыхә Аҟәаа злаз аротахь дшиасыз. Уи арота командирс даман, «Леон» иорден занашьоу Кәакәасқьериа Владимир (Вовка).
– Џьансыхә агәы ӷәӷәа зызҭаз еибашьҩын. Ахы дацәшәаӡомызт. Аҟәа ахақәиҭтәразы ԥхьаҟа деихон. Скомандаҿы ишьызи, ихәызи рацәаҩын… Ҳазлахысуаз нҵәеит ацхыраара иаараны иҟаз, ыҟамызт. Саргьы сырхәит. Џьансыхә ашьа даганы дшыҟазгьы дҳәазаны ԥхьаҟа дцон… Иахьагьы уи арԥыс еиҿамс дысгәлашәоит. Аӷацәа ҳакәшеит. Ихәыз ацхыраара иаҳәон, аха рышҟа неишьа ыҟамызт. Џьансыхә ӷәӷәала дхәын, иара аӷацәа рнапаҵаҟа дҟалеит, –иҳәеит акомандир.
Еныкь Ҭодиа-иԥа ихабарк изеилкаауазар ҳәа дгәаҭеиуан. Ишьара дықәҟьеит, ацәажәараҵәҟьа иҭахымызт. Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылараҿы иҭахази хабарда ибжьаӡызи рхыԥхьаӡара рацәаҩын. Иаб ус иҳәалон:¬ ¬¬- Џьансыхә, ус аламала зыҽрызҭо иакәымзт. Гәыӷра хәыҷык сымоуп. Издыруада, ҳаҩны ашҟа дцазар?! – ҳәа.
Аибашьра анеилга Ҭодиа Аҟәаҟа деихеит. Џьансыхә уа днеины, џьара дыргак аанижьзар ҳәа… Аҩны иҩназ зегьы ргахьан. Џьансыхә ихабаргьы ыҟамызт. Дырга ҳәа акагьы изымԥшааит.
– Џьансыхә, иҩызцәа хьаҵразы амца иара иахахьы игеит. Иԥсы шҭаз, ишьапы аҭеиграф ахаҵаны ддырҳәазеит. – Сара сахьиз, сахьааӡаз Аҟәа сыԥсы алоуп. Сышәшьыргьы, уи ҭазырцәуа рацәаҩӡоуп!.. – ҳәа аӷацәа иреиҳәеит ҳәа ҳарҳәеит. Абарҭ ажәақәа рышьҭахь, уи гыгшәыгҵас изныҟәеит, цәгьаԥсышьа ирҭеит… – иҳәеит иаб иашьа Ваниа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ҩымз ааҵхьан еиԥш, Аҟәа ҳаибашьцәа анышә иахьамадаз аадыртит. Убраҟа иԥшаан Еныкь Џьансыхә Ҭодиа-иԥа иԥсыбаҩ.
– Сашьа, - иҳәеит Рамаз, - раԥхьатәи амш азы иҵырхыз ҳаибашьцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟаӡамызт. Адырҩаҽны иҵырхуаз зегьы аӡәаӡәала игәаҳҭон. Уаҟа сара избеит икьаҿ ишәымхӡакәан ишәыз, бзиа иибоз… уи ала дагьыздырит. Мгәыӡырхәаҟа, Леиба Ҭоуҟан имашьынала дааҳгеит. Еныкь Ҭодиа иҷкәын ибаҩ анырыԥшаа нахыс иҽеиҭеикит. Ахаҵа ӷәӷәа, аӷьараҳәа иҟаз деихәлаҳаит. Џьансыхә иԥсыбаҩ анышә ианарҭа нахыс, – иҳәеит Ваниа Еныкь, – Ҭодиа адәы ақәзаара ихы ахибаауан.
Еныкь Рамаз Ҭодиа-иԥа аибашьра аамҭазы дычмазыҩхеит. Иԥшра, исахьа, иоура, иҭбаара зегьы рыла еиқәшәаз аҷкәын. Иҟалап, 45 мшы Аҟәа иалаханы ианыҟаз изныкымкәан ақырҭцәа идәылганы ианыргоз, ианрықәымчуаз, раб ддәылганы даныргоз, иқәыԥшра аԥсихика иазышьҭымхзар?! Иссирыз ахәыҷра аамҭа иалҵыз, даныхбыџха дызлашәаз аибашьра илахьынҵа зегьы аԥсахит… Ҭодиа иԥшәмеи иареи идыргылаз аҩны ыҟаӡам. Рамаз иан, иаб, иашьа Џьансыхә анышә иахьамадоу Мгәыӡырхәа ақыҭан инхо Еныкь Дыгә иҭаацәараҿы дыҟоуп.
Еныкь Џьансыхә Ҭодиа-иԥа 1994 шықәсазы Аԥсны афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵан.
Лассы-лассы Аҟәатәи авокзал аҟны игылало зыбжьы ҭыганы ицәажәо, зны-зынла зашьа ихьӡ еиҭазҳәо, нас ажәа аибашьра изныкымкәан изҳәо Рамаз Ҭодиа-иԥа ихьааи, иҩнуҵаҟа дызбылуа ахҭысқәеи ихы иҭагьежьуазар акәхап. Рамаз иеиԥш аибашьра арыцҳара, агәаҟра, ачымазара ззаанагаз маҷыҩӡам. Урҭ рхьааи дареи еицаанҳмыжьроуп, иаҳхаҳмыршҭыроуп, ҳрыцхраалароуп…
Еныкь Ҭодиа Шәлиман-иԥа Џьансыхәи уи иҩызцәеи еиқәдырхаз ҳаԥсадгьыл Аԥсны шәҭыкакаҷлааит. Ахьӡ ҳаракы зыхҵоу Џьансыхә иҭаацәара рҭоурых абиԥарақәа еимырдалоит, еиҭарҳәалоит…

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me