Мшаҧы 30, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Ахьтәы каԥ-каԥ» амҵәыжәҩақәа

Адунеи ажәларқәа зегьы реиԥш, ҳажәларгьы жә́ытә-натә аахыс ирымоуп: рбызшәа, рҵас, рқьабз, рҟазара… даҽа милаҭк иалазмырҩашьо. Аҟазара уи доуҳатә культуроуп, ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара иахәҭакуп, аҵакы адунеиаҿы инарҵауланы иахәаԥшуеижьҭеи акырӡа ҵуеит.
Адоуҳа амч ахархәарала ианакәызаалак ауаажәларра рыбзазара еиҿыркаауан. Амилаҭтә хаҿра шьақәзырӷәӷәо аҟазараҵла амахәҭа жәпақәа ируакуп ажәлар рашәаҳәареи рыкәашареи.


Збаҩхатәра ҳаракыз аԥсуа композитор ду Ражден Гәымба «ашәа зхылҵыз рышьҭыбжь ахазароуп, рдацқәа амазароуп» иҳәахьан иқәгыларақәа руак аҟны. Ааи, аԥсҭазаара злеибарку аганрацәа ирыбжьгоу цҳауп ажәлар рашәеи рыкәашареи. Урҭ абиԥарақәа еимаздо ҟазаратә хәырбӷьыцқәоуп, аԥсҭазаара аӡеибафареи аҭышәынтәалареи ирылиаауа ҭоурыхтә ҿахәҳәагоуп ҵабыргыхаҭаны.
Иԥсабаратәу бжьы рацәала еиласоу, ҳажәлар рдоуҳа ҳарак иахылҵыз ашәаҳәареи акәашареи адунеи ахьынӡанаӡааӡо аӡыргаразы рылшамҭа шьардаӡоуп, 1948 шықәсазы, Аԥсны жәлар рырҿиара Аҩнаҟны, иналукааша Аԥсны акультура аусзуҩ Иван Кортуа инапхгарала еиҿкааз, ақәра ду змаз аԥсуа быргцәа рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль «Нарҭаа».

Ансамбль аиҿкаара машәырны иҟалаз усым, уи иаԥырхагаз шмаҷмызгьы. Ишдыру еиԥш, урҭ ашықәсқәа раан аԥсуа доуҳа иадҳәалоу иарбанзаалак азхьаԥшра акәым, аԥсышәала ацәажәараҵәҟьа иақәиҭыртәуамызт ашколқәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рҟны. Аха, Қырҭтәыла имҩаԥнагоз ахәаҽратә политика аҿагыларатә қәԥара амилаҭтә хдырра ашьақәырӷәӷәара еиҳагьы иахәон, амилаҭтә доуҳа есааирагьы игәцаранакуан. Шьаҿа-шьаҿала даҽа жәларык рыҽрыламырҩашьакәа, аҭоурыхтә аамҭеикәшара рҽаламырӡуа иааиуан аԥсуа жәлар.
Еицырдыруа Ромен Ролан «иџьашьахәыз аԥсуа кәашара» ҳәа ззиҳәази, инапаҵаҟа иҟаз акыр ажәларқәа рбызшәақәа рыла ицәажәоз Понтитәи аҳәынҭқар Митридат VI аԥсшәа аҵара игәазырԥхаз, аԥсуа ашәеи ирымоуп иҵабыргны илаԥшхырԥагоу амч. Урҭ ауаҩы ирҭоит аԥшӡара, иларааӡоит ауаҩра, ацқьара, идырҵаруеит ихшыҩ.
Аԥсны ахьӡ-аԥша адунеи иахзырҵәаз абыргцәа рансамбль анеиҿкааха инаркны аамҭа кьаҿк иалагӡаны ахьӡ шьҭыҵит. Нарҭаа дуқәа рхылҵшьҭрақәа еидызкылоз аетнографиатә хор аилазаараҿы иҟан зықәра шәышықәса иреиҳаз жәохәҩык, 95 ш. инаркны 100 ш. рҟынӡа зхыҵуаз жәеизаҩык, даҽа ҩажәаҩык инарзынаԥшуа 75-95 шықәса ирыбжьанакуаз. «Ҳара ҳаԥсуаауп, ҳаԥсуара Анцәа иумырӡын» ҳәа, акеҩҳәа ажәытәӡатәи аԥсуа шәақәеи акәашарақәеи нагӡо, Аԥсни уи анҭыҵи рықәгыларақәа рышьҭахь, ахәаԥшцәа ҳаҭыр дула, кыраамҭа ирхаҵгыланы рнапқәа рзеи-нырҟьон, абыргцәа еилҟьа-еилӷәыцәӡа рҟазара аарԥшышьа џьашьо.

Аԥхьатәи аамҭақәа рзы аԥсуаа рыҟамзаара еиӷьазшьоз амчрақәа ирыбзоураны ԥықәсыларақәак ирыниазаргьы, 1954 шықәса нахыс ԥымкрада аусура иацнаҵеит ансамбль. Уи аԥсуа бызшәа, аԥсуа ҟазшьа, инеизакны аԥсуа жәлар ирхаҿраны, ирҿахәҳәаганы иҟалеит. Анцәа игәаԥханы иишаз аԥсуа быргцәа зегьы иеилыркаауан инарыгӡо хәызмаӡам аус аҭакԥхықәра ду шацу. Урҭ рахьтә дыҟамызт ижәлар гәакьа рдоуҳа аӡыргара иацәхьаҵуаз, хатәы еилахарак ҽыҵгас иҟаҵаны.
Ансамбль аԥҵаҩы Иван Кортуа иаалырҟьаны идунеи аниԥсах, напхгаҩыс даиуит еицырдыруа аԥсуа композитор Кәасҭа Ченгелиа. Уи инапхгарала 1973 шықәсазы Венгриа имҩаԥысран иҟаз Адунеижәларбжьаратәи ашәаҳәареи акәашареи рконкурс алахәхаразы, Асовет Еидгыла аҟнытә ицараны иҟаз агәыԥқәа ирхыԥхьаӡалахеит аԥсуа быргцәа рансамбльгьы. «Ас еиԥш зыҩаӡара ҳараку аицлабрахь рцара аԥсам ҳәа агәаанагара змаз шмаҷҩымзгьы, уаҟа урҭ рықәгылара иуникалтәу ҳәа иԥхьаӡаны, аӡбаҩцәа иеиҳаӡаз аҳамҭа «Ахьтәы каԥкаԥ» ранаршьеит. Уи, ансамбль ахьӡи аҳаҭыри еиҳагьы иҳаранакит.

1980-1990 ашықәсқәа раан ансамбль, ишырҳәо еиԥш, хҭацәыха амамызт, ирацәан ироуаз ааԥхьарақәа. Ацарагьы мап ацәыркуамызт, егьа ирцәыуадаҩзаргьы ирындырԥшуамызт рааԥсара, еснагь илахҿыхын, рус «ԥшьа» ишаҿыц иаҿын.
Ансамбль аусура маҷк иеихсыӷьит 1989 шықәсазтәи ахҭысқәа рышьҭахь. Анаҩсгьы, аҭагылазаашьақәа рацәак еиӷьымхаӡакәа аԥсуа жәлар рџьынџьхақәиҭратә еибашьра иалагеит. Аха, ари агәаҟра бааԥсы аамҭазгьы адунеи иардыртәын аԥсуа жәлар аӡәгьы ишизықәымхуа. Уи арҵабыргра амҩақәа иреиуан, иагьырхадан доуҳалатәи ахӡыргара, ианакәызаалак агәкажьра зцәаҩам ҳажәлар рыбжьы ҿаца аргара. Убри азоуп 1993 шықәсазы аибашьра шеилымгацызгьы, «Нарҭаа» Германиа имҩаԥысуаз адунеи ажәларқәа рфольклортә фестиваль ахь амҩа изықәлаз. Усҟан Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭахьтә абыргцәа ралахәхара залшомызт аҟнытә, Гәдоуҭеи Гагреи рраионқәа рҟнытә иҟаз жәиԥшьҩык рыла акәхеит ансамбль злашьақәыргылахаз. Ансамбль аилазаарахьтә абжаҩык рыла шакәызгьы ишеиҿкааз, ибзиаӡаны инарыгӡеит рықәгыларақәа. Имҩаԥысуан урҭ Германиатәи ақалақьқәа акыр рҟны, иҟалалон ҽнак иалагӡаны ҩынтә ақәгылара анрықәшәозгьы, аха ахәаԥшцәа рхы-ргәы атҟәара рылшеит, реилҟьашьеи рлафҳәашьеи рыла. Анаҩс, 1994 шықәса март азы ааԥхьара роуит Голландиаҟа, уахьынтәгьы аџьшьара ҳаракқәа рыманы ихынҳәит Аԥсныҟа.
Уи анаҩс, изыхҟьазаалак ансамбль аусура аанкылахеит. Ииашаны иазгәалҭоит аҟазараҭҵааҩ А.Гәымба «даара иуадаҩуп иахьа «Нарҭаа» уанрызхәыцуа, урҭ аҭоурых иазынхаз роуп ҳәа ахаҿы аагара».
Ансамбль аҭоурых, аԥсуа доуҳатә культура аихаҳареи аӡыргареи рус аҿы рлагалеи, алахәцәа хаҭа-хаҭала рыхцәажәареи иазикит «Ишәаҳәоит аԥсуа быргцәа рансамбль «Нарҭаа»» зыхьӡу ишәҟәы, еицырдыруа аҟазараҭҵааҩ Алықьса Аргәын.
Ансамбль «Нарҭаа» инанагӡоз ашәақәеи акәашарақәеи иргәылубаауан зҭоурых азқьышықәсақәа иргәыласоу ҳажәлар ргәеисра. Иахьагьы, рыԥсы ҭоуп урҭ ҳҳәар ҳалшоит мҩашьарада, ииашоуп еиҳараӡак иахьынтәҳаҳауа, иахьынтәаабо шамахамзар абжьҭаҩқәа мамзаргьы авидеоҭыхымҭақәа рҟнытә шакәугьы, ҳажәлар рыгәқәа ирхьысуеит иԥеиԥш еиқәырхаганы. Урҭ аԥсуа идоуҳатә дунеи иахаҿроуп, уи иҭоурых, идац-ԥашә иахьтәы баҟақәоуп наӡаӡа, насгьы Анцәа ду иџьшьаны иҟоуп урҭ абыргцәа хатәрақәа рышәшьыра иааӡаз, ркәал казмыршәуа, дара зҿыз аус «ԥшьа» змардаз, ахааназгьы ари адгьыл иаԥшәымазаауа Нарҭааи Абрыскьыли рхылҵшьҭра.

Ахра Анқәаб

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me