Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҿарацәа реихьӡарақәа

Ажьырныҳәамза 13 – 14 рзы Москва имҩаԥгаз аҟазара адунеи ачемпионат «Адунеи аҟазара» иахәҭакыз жанр рацәала еилаз жәларбжьаратәи афестиваль «Лидеры России» аҟны, Едуард Бебиа ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» аҿы иаԥҵоу ахәыҷтәы ахореографиатә студиа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Анжела Дбар напхгаҩыс дызмоу «Иааирума» иреиҳаӡоу аԥхьахә «Гран-при» иахьаԥсахаз, иалахәын убасгьы ҳешьаратә жәларқәа иреиуоу аедыгьақәа рхаҭарнакцәагьы, Адыге-Хабль араионтә культуратә хан аҿы иаԥҵоу ахәыҷтәы ахореографиатә гәыԥ «Радуга» ҳәа хьӡыс измоу. Уи напхгаҩыс дамоуп Абдокова Инесса Хазраил-иԥҳа. Аицлабра аҟны ансамбль «Радуга» иқәдыргылаз: авальс «Нежность», ҳаамҭазтәи акәашара «Коралловый феерверк», адебиуттә кәашара «Девичий танец» рзы иранашьан афестиваль аԥхьахә I аҩаӡара.
Адыге-Хабль араион ахадара аиҳабы Астежев Мухтар Темир-Булат-иԥа ахәыҷтәы ансамбль «Радуга» ирыдиныҳәалеит, ирзеиӷьишьеит аԥхьаҟагьы аизҳара, ақәҿиара дуқәа.

Саида Ҳаразиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me