Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аибашьреи ацәыӡреи

Ианвар 28 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ имҩаҧысит Ҭенгиз Џьопуа исценариала иҭыху зметраж кьаҿу афильм «Агәаартра» апремиера.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы иҭыхын афильм. Уи азкуп аибашьраҿы аби ани 15 шықәса зхыҵуа рыҷкәынзаҵә, абџьар шьҭыхны еибашьра заб иццаз иҭахара.

Аҷкәын ихаҿсахьа ҳбаӡом, аха автор иааирҧшуеит ан лыблақәа ирхубаало ахьааи алаҕырӡи зцу агәырҩа, лыҷкәынзаҵә ицәыӡра.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра атемала Аҧсны акультура аминистрраҟны еиҿкаан аконкурс. Уаҟа ирыдкылан аҿахәҳәагақәа жәба. Урҭ рахьтә аҧхьахә агеит «Агәаартра» асценариа.
Апремиера ахәаҧшцәа идырбахаанӡа «Агәаартра» асценариа автор, арежиссиор Ҭенгиз Џьопуа иҭабуп ҳәа реиҳәеит еизаз зегьы, аамҭа ҧшааны иахьымҩахыҵыз. Дазааҭгылеит аибашьра атемала иҭыхтәу шырацәоу, еиҳараӡак афырхацәеи аҭыҧҳацәеи ргәымшәарақәа, урҭ рхаҿсахьақәа раарҧшразы. Аха ус, унадыххылан ишузҭымхуа, ахарџьи адгылареи шаҭаху. Убри азы даара ишазхәыцуаз аибашьра атемала иаадырҧшыр ирҭахыз. Анаҩс иҩуеит асценариа аби аҧеи еибашьра иахьеиццо иазкны. Аха ахәыҷы дзыхынҳәуам иҩныҟа. Иубарҭоуп ан лҧазаҵә иҭахара шлыдылкылаз, лыблақәа ирхыз ахьаа, уи лхымҩаҧгашьа. Ан лроль хада налыгӡоит зыҩаӡара ҳараку актриса Милана Ломиа.

Иазгәеиҭеит арольқәа рынагӡараҿы, даара иҕәҕәаз аб - ироль дшыхәмаруаз Саид Лазба, иара убас иалахәуп актиор қәыҧш Леван Габелиа, Нодар Ҵәыџьба. Афильм аҿы ихәмаруа рыдагьы, иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, уи аҭыхраҿы аџьабаа збаз аоператор Џьано Ҵурҵумиа. Дазааҭгылеит афильм аҭыхра аџьабааи, ахарџь дуи шацу. Уи аҿы ацхыраара ду ҟанаҵеит акультура аминистрра, иара убас афинансқәа рыла адгылара рызҭаз, хаҭала иҭабуп ҳәа реиҳәеит: «Аквафон» аилазаара, «Вина и воды Абхазии», «Амра-банк», «Абхазтоп». Иҳәеит, аҧхьаҟагьы Аҧсны акультура аминистрра аибашьра атемала аконкурсқәа еиҿнакаалап ҳәа игәы ишаанаго.
Зметраж кьаҿу афильм апремиера «Агәаартра» аекран аҿы ицон ҩынеижәа минуҭ иназынаҧшуа.

Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me