Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахацыркҩы илшамҭақәа шьардоуп

2023 ш. ноиабр 24 рзы Аҧсны Ахада инапы зҵаиҩыз Адҵа инақәыршәаны Аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵоуп Аҧсны жәлар рпоет Д.И. Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵреи агазеҭ «Аҧсны» аҧҵоижьҭеи 105 ш. аҵреи ирызкны аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа реиҿкааразы.


Аҳәынҭқарратә комиссиа аилазаараҿы иҟоуп: Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ Б. Гәынба, Аҧснытәи аҳәынҭтелерадиоеилахәыра ахантәаҩы И. Агрба, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аҧҳазоу, агазеҭ «Аҧсны» аредактор хада А. Анқәаб, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут аиҳабы А. Ашәба, Очамчыра араион Ахадара аиҳабы Б. Бигәаа, Аҧсны аҵара аминистр И. Габлиа, Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Б. Ешба, «Аҧснымедиа» аиҳабы Р. Џьопуа, Д.И. Гәлиа илитература-мемориалтә музеи аиҳабы С. Қорсаиа, ажурнал «Алашара» аредактор хада А. Лагәлаа, ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы М. Лашәриа, Аҧсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Д. Наҷҟьебиа, Аҧсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Д. Смыр, Гәылрыҧшь араион Ахадара аиҳабы С. Ҳаразиа, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Р. Ҳашыг.
Акомиссиа ахантәаҩыс иамоу Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ Б. Гәынба инапхгарала ааигәа имҩаҧысит раҧхьатәи аилатәара. Уахь инаҧхьан уи аилазаара иалоу.
Аиқәшәара аартуа Б. Гәынба дазааҭгылеит арыцхәқәа разгәаҭара ҳажәлар рзы акырӡа шаҵанакуа. «Асахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз, Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа ҩашьара ақәымкәа ишьҭа аанижьит, аҧсуа литературеи ҳажәлар рдоуҳатә культуреи рҟны еиҧш, рҭоурых аҟны. Агазеҭ «Аҧсны» акәзар, ахацыркраҿы игылаз Дырмит Гәлиа ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Ҳажәлар рдоуҳатә мал иаҵанакуеит. Арыцхәқәа ирымадоу аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа ишақәнагоу ала еиҿаҳкаароуп. Уи иаҵанакуа рацәоуп еиҵагыло абиҧарақәа рзгьы», - иҳәеит уи.
«Аҳҭнықалақь аҟнытә - аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа ирыҵаркуа аганахьала акомиссиа иаднакыло аӡбамҭақәа зегьы, хымҧада, ҳархаҵгылоит, ишахәҭоу ала ацхыраара ҟаҳҵоит», - иҳәеит Аҟәа ахада Б. Ешба.
Агәаанагарақәа реибыҳәараан акомиссиа иалоу рахьтә ажәалагалақәа маҷымкәа иҟарҵеит. Д.И. Гәлиа имузеи аиҳабы С. Қорсаиа далацәажәеит акультуратә хәышҭаарақәа ируаку ахыбра аҭагылазаашьа даараӡа ишуашәшәыроу, актәи аихагыла хыхьхыхьла аремонт ҟаҵазаргьы, инеизакны иагу шырацәоу, афымца цәаҳәақәа рыҧсахра уахь иналаҵаны. Амузеи архив, афондқәа ракәзар, иахәҭоу аҭагылазаашьа ахьыҟам иахҟьаны иҧхасҭахоит, ацәаакыра даараӡа ирҧырхагоуп. Инеизакны аремонт азутәуп. Аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа рганахьала акәзар, афотосахьақәа рцәыргақәҵа аҧхьа инаргыланы рыгәҭакқәа рацәоуп.

Аҧсны аҵара аминистр И. Габлиа иҳәеит Д.И. Гәлиа ииубилеи инамаданы аҵарашықәс иалагӡаны акыр аусмҩаҧгатәқәа азгәаҭаны ишрымоу. Урҭ иреиуоуп: ашколқәа рыбжьара аиубилиар ирҿиамҭақәа рыла аицлабрақәа, иажәеинраалақәа рыҧхьара, ахыҭҳәаақәа рыҩра уҳәа. Ахәыҷбаҳчақәа рҟынгьы имҩаҧыргаша маҷымкәа иҟоуп. «Ашәҟәыҩҩцәеи, аҵарауааи, ҳареи ҳҽеимаданы аусеицура анҳалша еиҳагьы ҳхеибарҭәаауеит ахҭыс ду азгәаҭараҿы», - иҳәеит аминистр.
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аҧҳазоу дырзааҭгылеит арҿиаратә хеидкыла аҟнытә заа иаздырхиахьаз ажәалагалақәа: «2024 ш. - Д.И. Гәлиа ишықәс акәны рылаҳәара»; иҩымҭақәа реизга (аа-томкны) рҭыжьра, ҳтәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҟны алитературатә еиҧыларақәа рымҩаҧгара; аиубилиар ихьӡ иадҳәалоу аҭыҧқәа рыла атуристтә маршрут аҧҵара; аус ахьиуаз аусҳәарҭақәа рҟны амемориалтә ҕәқәа ркыдҵара; Аҧсны иагәылгоу амҩаду, иара убас Аҟәа амҩақәа рҟны абаннерқәа рыкнаҳара; Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратәи ашкол ашҭаҿы игылаз, аибашьраан ааха ду зауз абаҟа ашьақәыргылара (ашкол аҟны аҧсуа литература акласс аартра ацхраара); Аӡҩыбжьатәи абжьаратәи ашкол ауадақәа руак аҟны Д.И. Гәлиа имузеи аартра (апоет диижьҭеи 100 ш. аҵра аиубилеи азгәаҭараан ақыҭан ибиусҭ ықәыргыланы иаҧҵаз апарк аиҭашьықәыргылара); агәалашәаратә монета «Д.И. Гәлиа – 150 ш.» аҭыжьара уҳәа егьырҭгьы.

Аҧсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Д. Наҷҟьебиа иазгәеиҭеит ашәҟәқәа рҭыжьаразы ахарџь азҵаара ӡбахар, ари ашықәс иалагӡаны рыхәҭак аҭыжьра шрылдыршо. Ажурнал «Алашара» аредактор хада А. Лагәлаа дазааҭгылеит Дырмит Гәлиа ахәыҷқәа ирызку иажәеинраалақәа шеиқәиршәаз, асахьақәа рыцҵаны иҭыжьзар ахәыҷқәа рзы ҳамҭа бзианы ишыҟалоз. «Аҧснымедиа» аиҳабы Р. Џьопуа игәаанагарала, Д.И. Гәлиа ииубилеи азгәаҭара инамаданы амилаҭтә газеҭ «Аҧсны» 105 ш. ахыҵра азгәаҭара ахәҭаны иазыӡбоуп. Агазеҭ «Аҧсны» аредактор хада А. Анқәаб хықәкыла дырзааҭгылеит аиубилеи аҳәаақәа ирҭагӡаны иазҧхьагәаҭаны ирымоу аусмҩаҧгатәқәа иреиуоу: агазеҭ знысхьоу амҩа аазырҧшуа астатиақәа реизга аҭыжьра, еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аредакциа амаҵ азызуаз ажурналистцәа рфотосахьақәа еидызкыло аҭӡы аиҿкаара, аиубилеи акьыҧхь инарҭбааны анырҧшра, аешьаратә адыга жәларқәа рмилаҭтә газеҭқәа рнапхгаҩцәа рааҧхьара уҳәа.
Аҧснытәи аҳәынҭтелерадиоеилахәыра ахантәаҩы И. Агрба, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Р. Ҳашыг иазгәарҭеит иахәҭаны ишырҧхьаӡо аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа акьыҧхьи, арадиои, ателехәаҧшреи рыла рыларҵәара, рӡыргара, иара убас Дырмит Гәлиа ҳдоуҳатә культураҿы иааникыло аҭыҧ алацәажәара.

Ргәаанагарақәа рҳәеит, ажәалагалақәа ҟарҵеит иара убас Аҧсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Д. Смыр, Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет аректор ихаҭыҧуаҩ Џь. Адлеиба, Аҧсуаҭҵаара аинститут аиҳабы А. Ашәба.
Д. И. Гәлиа иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи аазырҧшуа ателефильм аҧҵара, атеатрқәа рҟны иҩымҭақәа ирылхны аспектакльқәа рықәыргылара уҳәа ирацәоуп акомиссиа иалахәу ззааҭгылаз.
Аиқәшәара еихшьалауа, акомиссиа ахантәаҩы, Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ Б. Гәынба даҩымсит, аиубилеитә рыцхәқәа рҵаки рымҽхаки ҳасаб азуны, амчқәа зегьы еилаҵаны, ҭакҧхықәрала иазнеины рҿаҧхьа ишьҭоу усмҩаҧгатәқәа ишырхаҵгылаша.
Аҵыхәтәан иазыӡбан иаарласны досу ражәалагалақәа шәҟәыла рышьақәырҕәҕәаразы, урҭ еиқәыршәаны аҳәынҭқарратә комиссиа ашҟа инарышьҭырц.
В. Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me