Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иалкаауп ахырхарҭа хадақәа

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа инеиҵыхыз аилацәажәара мҩаԥигеит Аиҳабыра иалоу, араионқәа рхадарақәа реиҳабацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, алархәны – иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылара аартуа, атәыла Ахада иаликааит 2024 шықәсазы амчра амахәҭақәа зегьы русура ахырхарҭа хадақәа. Урҭ еиқәышәшәа русура иахьыԥшуп Аԥсны атәылауаа рыԥсҭазаара аҩаӡара ахаҭабзиара.


«Ирӷәӷәатәуп хыхьынтәи ҵаҟанӡа амчра. Акырӡа ирмаҷтәуп аӡбамҭа адкылара инаркны уи аԥсҭазаараҿы анагӡара аҟынӡа ирыбжьало аамҭа», – иазгәеиҭеит Ахада.
Аԥсны атәылахьчара арӷәӷәара – ауснагӡатә хадақәа ируакуп. Уи аҭыԥ ақәҵара залыршахом иӷәӷәоу аекономика ада. Аслан Бжьаниа атәылахьчара аминистр инапы ианиҵеит иахьынӡауа алшарамчқәа ихы иаирхәаларц, убрахь иналаҵаны урҭ иоуларц стратегиала ҳҩыза – Урыстәыла аҟнытә.
«Акырӡа аҵанакуеит аҭагылазаашьа аилкаара, уи ахылаԥшра , ишырҳәо аиԥш, аҭыԥқәа рҟны», – иҳәеит Бжьаниа.
Атәыла аекономика акырӡа арӷәӷәара алшароуп ақыҭанхамҩа арҿиарала, уи аҩаӡара ҿыц ахь акылгарала. Абри алыршахар ауеит Аԥсны азы асубтропикатә культура ҿыцқәа раарыхра иаҭаху хшыҩзышьҭра азухар.
«Адгьыл ианакәызаалак ауаҩы дныҟәнагоит, акриҿанаҵоит. Иалыршатәым адәқәа аҳаскьын, агәам-сам рхырҵәара», – иҳәеит Аслан Бжьаниа, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа ихы наиқәкны.
Ахада ҷыдала иаҵишьит атранспорттә инфраструктура арҿиара аҵакы. Абри аганахьала хырхарҭа хаданы иҟалароуп аҳаир баӷәаза «Аҟәа» аргылара. Уи иара убас иҟаз зегьы дрыԥхьеит абри апроект анагӡара зегь рыла иацхрааларц, избанзар ари стратегиала аҵак ду амоуп атәыла аекономика аиӷьтәразы.

Атәылаҿы аусурҭадара апроблема уаанӡа аиԥш иҵарны ишыҟац иҟоуп, зыԥшрак ҳәа ҟамҵакәа аҭыԥ иқәҵатәуп. Аусурҭа ҭыԥқәа раԥҵара аекономикатә бзазаратә ҭагылазаашьа ашьҭыхра мацара аасҭа иҵегьы аҵак ду амоуп.
«Аус зымуа ауаҩы ҳтәыла аӷацәа иаармарианы дыртәыртәуеит, уи дуашәшәыроуп, анахьгьы, арахьгьы дурхар ауеит. Ауаҩы аус даҿызароуп», – иҳәеит Ахада.
«Инырхуа афымцамч ахәшәара аҩаӡара ашьҭыхра аенергетикцәа рзы мацара акәымкәа, араионқәеи ақалақьқәеи реиҳабацәа рзы уснагӡатә хаданы иҟалароуп. Урҭ, дара рганахьала, абри азҵаара аҭыԥ ақәҵараҿы хаҭала аҭакԥхықәра иаҵагылароуп», – иҳәеит иара.
Иара убас аиԥылараҿы ишьҭыхын атуризми, аекономикеи, асоциалтә еиқәыршәареи рганахьала иҟоу апроблемақәа.
Аҵыхәтәаны Аҳәынҭқарра Ахада ҩаԥхьа иазгәеиҭеит Аԥсны атәылауаа ринтересқәа рымаҵ зуа аусбарҭақәа зегьы рҳәоу еиқәыршәаны хырҳарала русеицура аҵак ду шамоу.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me