Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зегь зымчу ажәа

«Шьашәы-Аҳахь Ду, абжьныха! Зҳәа неиуа, зуы ылҵуа! Шаҟа хәыӡи шылеи еилоу аҟара мши, насыԥи, гәабзиареи Шьашәы ишәиҭааит!»
«Ажьырныҳәа» аԥсуара иахәҭакуп. Кавказ ажәларқәа рыбжьара аԥсуаа реиԥш аӡәгьы иҳаракны ирымаӡам. Ажәытәан Ажьира анцәахәы Шьашәы-Абыжьныха ҳәа ишьҭан. Уи иаанагоз аԥсуаа рыбжьныха рымч еидызкыло Шьашәы иоуп ҳәа акәын.


Ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы аԥсуаа ашәарыцараҿы рхы зларыхьчашаз абџьар анрымамыз ыҟан, «ашьацҳәақәа» аныҟарҵоз аамҭазы агыгшәыг ауаҩы дашьыр ҟалон. Убас зны аԥсыуак абнаҿы дшьабаны данцоз аамҭазы аӡәы дааиқәшәан, уи дихьчеит, ишьа ааникылеит, иршәит. Насгьы идыррақәа ииҭеит «х-напык» (аԥсынгьери, ажьаҳәа, арыҭәа) нацҵаны. Уи ибзоурала дҟалеит раԥхьатәи ажьи ҳәа еиҭарҳәоит аԥсуаа. Убри инаркны уи аиқәырхаҩ, акыр зымчыз Шьашәы ихьӡырҵеит. Шьашәы – «иршәу ашьа» ҳәа аанагоит. Шьашәы игәаҟаҵара азы ажьи ила аџьма ршьуа иалагеит шықәсык знык Ашықәс Ҿыц аухаз, уи «Ажьырныҳәа» ахьӡхеит. Иара шжәытәӡатәиу аанарԥшуеит Нарҭаа репосгьы Аинар-жьи ихаҿала, уи Сасрыҟәа ахаҳә далхны даниӡрыжәуа, иара убасгьы уи иаҳәа злихуа Сасрыҟәа изааигаз афырхы ала уҳәа убас егьырҭгьы.
Ажьырныҳәа аԥсуаа рзы акыр зҵазкуа ныҳәоуп. Уи дасу рыҩнаҭақәа рҿы иазгәарҭоит ажәытәаахыс, рабдуцәа ишыддырҵаз еиԥш, аха уи инаҷыданы жәлацыԥхьаӡа ирымоуп изықәныҟәо рхатәы кәама-ҵамарақәа. Ажьира аҩнаҭазы зегь реиҳа иԥшьоу ҭыԥуп. Ахыбра аҵаҟа еиԥшгьы ааигәа-сигәа ицқьазар ауп. Иҵасым ҳәа иԥхьаӡоуп ажьира ааигәа агәамҵра, мамзаргьы убжьы ҭыганы ацәажәара.

Аныҳәа азгәарҭоит ажьырныҳәамза 13 ауха. Ари аныҳәараҿы аԥҟара хадақәа ируакуп аӡатә анагара. Изларҳәо ала, аԥшәма имч зықәхо ԥшь-шьапык зҵоу (ацә ма аӡыс) неигоит. Убас шықәсык абжьара ашьтәа ршьуеит, иааиуа ашықәс азы рбаӷьла иныҳәоит. Ашьтәа иршьуа цқьазароуп, хәыц еиқәаҵәак аламкәа. Ажьирахь ианнарго аҿы, ашьапы ӡәӡәаны, мпахьшьыцқьала ирбаны ауп ишнарго. Иара убасгьы, аԥсуаа рҿы жәытә-натә аахыс ажьираҳаԥшьа иҭарҭәо, изланыҳәо аҩеиқәаҵәа ауп. Аха даҽа ганкахьала аныҳәарҭаҿы аҳаԥшьа ззыҵамгьы ыҟоуп, дасу ишиду еиԥш.
Ажьырныҳәа ауха ажьирахь ишҭаацәоу инеиуеит. Уаҟа аныҳәаҩ арасамахә иалхны аҵәы агәи-агәаҵәеи ахаҵаны иарма напала икны, иарӷьа напала иҵәца аҩы зҭоу ҩышьҭыхны: «Уа Анцәа илԥха ҳаҭ, Анцәа шәиныҳәааит. Абарҭ ачашәқәа рыҟаҵараз шаҟа ахәыӡи ашыӡи алоу аҟара, убри аҟара насыԥи гәабзиареи Анцәа ишәиҭааит. Абри ацәа шаҟа хәыц ақәу аҟара мши, насыԥи, хаҳареи Шьашәы ишәиҭааит!» ҳәа дныҳәоит. Анаҩс дасу рыцԥхьаӡа ацәашьқәа кыдиҵоит.

Иара убасгьы зегь зҵазкуа акы акәны иҟоуп Ажьырныҳәа аҩбатәи амш. Ажьырныҳәа адырҩаҽны, шаанӡа аԥшәма арасамахә хиҵәоит, анаҩс ашәшь надкыланы, сынтәатәи аҽаҩра иатәу аџьықәреи арыцқәа дныҳәа-ныԥхьо, аҭаацәара гылаанӡа аҩны иҩнаиԥсоит. Уи ашьҭахь урҭ аҩны аԥхьа џьара иавҵаиҵоит. Анаҩс агәашә аԥхьа аԥырӷы каиԥсоит. Уи иаанагоит ауаҩы агәар данынҭало ацәгьара игәы акыр ҭазар, мамзаргьы алаԥш агәараҭахь иаанашьҭуам ҳәа. Ишақәнагоу еиԥш зегь ҟазҵаз ашықәс изыманшәалахоит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ари ақьабз аҵакы даараӡа акыр аҵанакуеит. Ажьырныҳәа абшьҭра иатәу ахылҵшьҭра зегь еиднакылоит, изызҳауа аҿар атрадициақәа ирыднаԥхьалоит. Ажәакала, аҭаацәа излыҵыз рдац-ԥашә рхамыршҭра, ргәеизыбылра аизырҳара ауп иаанаго.
Аҿар еиҵагыло ҳрызҿлымҳазар ауп ҳабдуцәеи урҭ рабацәеи иаҳзеиқәдырхаз ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи. Иаҳдыруазар ауп абас еиԥш иԥшьоу аныҳәақәа ииашаны ишымҩаԥырго, иаҵанакуа. Ԥхьаҟа иаҳгалароуп, еихаҳҳалароуп. Ажәытә уазхьамԥшкәа уаԥхьаҟа аԥеиԥш ашьақәыргылара уадаҩуп рҳәоит, иҵабыргны, ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи реиқәырхареи рныҟәгареи роуп ҳара ҳхаҿра шьақәзырӷәӷәо!

Саида Ҳаразиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me