Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсадгьыл аҧа иаша

Дыздыруан Хәыхәыт Шьаликәа-иҧа Бганба 1979 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет данҭала нахыс. Дахьгылаз аҭыҧқәа зегьы рҟны далкаан, дыццыкын, амцабз даҩызан. Агәеибафара, агәыцыхцыхра, зегь рызхьаара, зегьы рхаҵгылара зцәаҩаз иакәын.
Аҧсны аҭагылазаашьа уадаҩ акәмызҭгьы Хәыхәыт Бганба ҵарауаҩ духәон хымҧада.

Уи дзылгаз агеографиа факультет шакәызгьы, ихы-ихшыҩ ахьыҟаз Аҧсны аҭоурых аҭҵаараҿы акәын. Иареи сареи ҳаидызкылаз ауп иқыҭа Арасаӡыхь аҭоурых. 80-тәи ашықәсқәа рзы зыҭҵаара салагаз 37-41-тәи ашықәсқәа рзы идырӡыз ауаа рҭоурыхқәа азҿлымҳара азуны аус ахьызуаз Аҧсуа радио аредакциаҿ дысҭааит. Иагьиҳәеит Арасаӡыхь ақыҭа иалган идырӡыз ауаа рҭоурыхқәа рыҭҵаараҿы адгылара шсиҭо, иқыҭахь дышсыццо, сшымҩаҧиго. Ус иагьыҟаҳҵеит. Арасаӡыхьаа идырӡыз рҭоурыхқәа рзы ҳзыҿцәажәоз абыргцәа раасҭагьы иара ихаҭа идыруан, дара раасҭагьы иара исиҭо далагеит аинформациа. Убысҟантәи ҳаҭҵаарақәа ирыбзоураны ҳҩыџьагьы иҳаӡбеит Арасаӡыхь ақыҭа ажәытә, аҿатә иазкны ашәҟәы еицаҳҩырц. Уи ашәҟәы азы аматериалқәа акыр еицеизаҳгеит, иҩны ҳалгеит 37-41-тәи ашықәсқәа рзы идырӡыз Арасаӡыхьаа ирызкыз ахы.
Ҽнак зны Хәыхәыт ар маҭәа ишәҵаны Аҧсуа радио аредакциахь дааит. Уи Аҧсуа Гвардиа аиҿкааҩцәеи, раҧхьатәи анапхгаҩцәеи дреиуан. Усҟан сара сҿы данааи иагьиҳәеит Охәыреи дышгылоу, уахынла аха шиауа абри ашәҟәы ҳазҿу аус адуларазы. Аҳәара ҟаиҵеит еизаҳгахьоу аматериалқәа, насгьы ҳзылгахьоу, икьыҧхьны иҳамоу, харада ахара здыз Арасаӡыхьаа ирызку ахәҭа надкыланы, апапка зегьы иара исҭарц. Егьи асмена аҟынӡа даҧхьан, аус адулан ишааиго наҳәаны «Арасаӡыхь аҭоурых» ҳәа зныз апапка иманы Аҧсуа радио аредакциа дындәылҵит. Сгәы хьыу-хьыуа исыхьит, ҳпапка шкәакәа иманы Хәыхәыт ҳредакциа дандәылҵуаз. Хымҧада, исауит ацәалашәара урҭ аматериалқәа сара снапы аҟынӡа уаҳа ишзымааиуаз ала. Ус иагьыҟалеит… Иахьа уажәраанӡагьы хьаа дус исымоуп арҭ еизаҳгахьаз аматериалқәа уаҳа рхабарк ахьысымбац. Даара схы гәыбӷан асҭоит иҳархиахьаз идырӡыз Арасаӡыхьаа ирызкыз аматериал ахкьыҧхьылаа ма иахьынсмыжьыз. Ибзиан исгәалашәоит 30-тәи ашықәсқәа рзы идырӡыз Арасаӡыхьаа хыҧхьаӡарала омак ишырацәаҩымыз. Аха урҭ рҭоурыхқәа инарауны иҭаҳҵааит, агәалашәарақәа рацәан, насгьы архивтә документқәагьы рыцын.
Рацәак мырҵыкәа Аҧсны аибашьра иалагеит. Аибашьра аҧхьатәи амш азы Охәыреи игылаз Хәыхәт Бганба иҩызцәагьы иаргьы аӷа итҟәеит.
Сара ибзианы исгәалашәоит ҳажәлар рхаҭарнакцәа, иара саргьы сналаҵаны, шаҟа хьаа дус иҳамаз Хәыхәыт Бганба дназлаз Аҧсны аҵеицәа аӷа инапаҵаҟа иахьыҟаз. Урҭ ҭакын, уаӷеимшхара рхыргеит. Иара убас ибзиан исгәалашәоит Хәыхәыт иҩызцәеи иареи аӷацәеи анеиҭнырыҧсахла ашьҭахь Гәдоуҭа ианааргаз аамҭагьы. Урҭ здыруаз зегьы ҳгәырӷьара ҳәаак амамызт. Ԥыҭрак ашьҭахь, итҟәаз арҧарацәа ршьарахь ианааи Гәдоуҭа Аҧсуа радио аефир азы имҩаҧызгеит Хәыхәыт Бганба иҿцәажәара. Уи ахәҭак аҟны: «Анцәа иџьшьоуп, шәеиқәхеит, шәхынҳәит, шәыжәлар шәрылагылеит», – анысҳәа уи иаҭакны Хәыхәыт Шьаликәа-иҧа абас иҳәеит:

– Нцәас иҟоу ҳаҧсуара ауп, ҳауаҩра ауп, ҳаидгылара ауп! Ҳадгьыл ахьчара амч ҳаидныкылоит. Ҳдац, ҳҧашә, ҳаҧсабара амч ҳарҭоит, иаҳхылаҧшуеит, убарҭ ҳара ҳзы инцәоуп! Убарҭ роуп ауаҩы дызҟажо, даанызкыло, иакәым измырҟаҵо. Аҧсуаа ҳамацара ҳакәӡам аҧышәара амҩа иану. Ажәларқәа зынӡа ианыӡаахьеит, ҳаиҳагьы аҭоурых змаз, амчгьы змаз, аха ҳра ҳхы хьчо ҳааиуеит, ҳабацәа еиқәырханы иаҳзааргаз ҳҳәынҭқарра ахьчаразы амч ҳазҭо ҳаҧсуара ауп, ҳадгьыл ахь абзиабара ду ауп. Ҳцәа-ҳжьы иалоу, егьырҭ амилаҭ ҳазлареиҧшым аиқәырхара, ҳхы аламырҟәра амч ҳарҭоит. Убарҭ ирыбзоураны ҳагьаиааиуеит. Иаҳҿагыло амчқәа доуҳа дук рымаӡам, ҵауларак рнаҳбаалаӡом, ҟәышрала еибаркӡам. Урҭ рыхәҭа ҳаҧсабара амчра иҟанаҵоит, ҳажәлар еидгылан реицықәҧара рҭыҧ иҭанартәоит, ҳара рышьхәа ҳрызҭацалом…
Хәыхәыт Бганба атҟәара аҟынтә ихы дшақәиҭхаз, маҷк ишьара даннықәла аибашьра дналагылеит ҩаҧхьа. Уи амцаҧшь даҩызаны дахьӡон ладеи ҩадеи. Гәымсҭатәи афронтаҿ дыҟоуп шуҳәоз иӡбахә ааҩуан Мрагыларатәи афронтаҿ. Тҟәарчал, ма Ҷлоу дыҟоуп шуҳәоз Владислав ду иааигәа Гәдоуҭа даауқәшәон. Хәыхәыт Бганба Аҧсны аибашьраан ахыҧсыра ихигеит, дшаҟь-шаҟьо зегьы иҽырхьигӡон. Иажәа жәан, иус уын, дыццыкын, дгәымшәан, шьҭахьҟа захьӡыз издыруамызт.
Сара сзыҳәан Аҧсны Афырхаҵа хаҭа иара иоуп. Аибашьра ашьҭахь иара ихаҭа арратә хьӡы ранашьаразы акомиссиа далан, ихы изақәнамыргеит, мап ацәикит ари ахьӡ ихҵара, аха Хәыхәыт Бганба иааигәаны дыздыруаз зегьы ҳзы – Афырхацәа Рфырхаҵа, Афырхацәа раҧхьагыла иоуп ҳҳәоит.
Хәыхәыти сареи аибашьраангьы, аибашьра ашьҭахьгьы иҵегь ҳизааигәазтәыз акәын Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳарҧарацәа рыхьӡ анаӡаӡатәра. Хәыхәыт иааихмырсыӷьӡакәа зыӡбахә иҳәоз ҳарҧарацәа дреиуан Рустам Цәышба. Урҭ курск аҿы аҵара еицырҵон. Изныкымкәа ианысҵахьан Хәыхәыт Бганба игәалашәарақәа Рустам Цәышба изкны. Урҭ руак аҟны Хәыхәыт Бганба иҳәон:

– Ҳаиқәшәеит, ҳаибадырит Рустами сареи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Ҳара ҳреиуан ауниверситет анаадыртыз раҧхьаӡатәи астудентцәа. Курск аҿы аҵара еицаҳҵон. Рустам аиҩызараҿы дзеиҧшраз аҩыза даҽаӡәы иҟны џьаргьы исымбац. Уи зегьы иҧсы рыхҭниҵон. Уи иҩызара аныҟәгаргьы ус имариамызт. Даҧсуа арҧысын ихы инаркны ишьапы аҟынӡа… Аҧсуа полк анаҧаҳҵагьы дкылҟьа днеит ҳахьгылаз. Гиви Агрбеи Вахтанг Цыгәбеи дрыдрымкылеит, дахьабиҧазаҵәыз иахҟьаны. Сара сҿы данааигьы, ус сҳәеит, аха имухаҭеит, асиа данысҵар акәхеит. Аполк Охәыреи иангылазгьы иҽаликааит, даара ҭакҧхықәрала, арраҿ ишаҧу еиҧш алеишәа ааирҧшит. Аҳаҭыртә шәҟәгьы иаҭәаршьахьан аполк акомандаҟаҵаҩцәа рҟынтәи. Аибашьраан зынӡа амцаҧшь даҩызан ихы ааирҧшит… Август аибашьра иалагеит иара сентиабр азы дҭахеит. Аибашьра аамҭа иҵегь иаӡар, ома ҟаиҵараны дыҟан… Имаӡеит…Уи иҭахара, уи ицәыӡра имӷьаӡо ахәра бааҧсы сгәаҵа ианнаҵеит…

Хәыхәыт Бганбеи сареи ҳаиқәшәацыҧхьаӡа дааҟәымҵӡакәа зыӡбахә иҳәоз Рустам Сергеи-иҧа Цәышба изкны иаҧысҵеит адокументалтә фильм «Аби аҧеи» ҳәа хьӡыс изысҭаз. Хымҧада, ари афильм аҟны аҧа Рустам еиҧш иӡбахә нарҭбаан иҳәоуп аб Сергеигьы. Ари афильм аҧҵараан зыҿцәажәара мҩаҧызгаз дреиуан Хәыхәыт Бганбагьы. Ибзиан исгәалашәоит, шаҟа ихы ахибаауаз Хәыхәыт аб Сергеи Цәышба иҷкәын заҵәы илымкаа, иара деиқәханы иҿаҧхьа дахьгылаз.
Хәыхәыт Бганба иалкаан пату рықәиҵон хатәгәаҧхарала иааны иҳацеибашьуаз арҧарацәа. Урҭ ирыхәҭаз ажәа аҳәара мацара акәымкәа, Мрагыларатәи афронтахь инанагоз аибашьцәа, аамҭа ҧшааны иқыҭа Арасаӡыхьҟа игон, аишәа чыс рзыҟаиҵон. Аибашьра шцозгьы иаҧсуара, исысдкылара ихаиршҭуамызт. Убас Хәыхәыт иааигәаны иидырыз, нас иҩыза гәкьахаз иакәын Аскьер Ӡагоев. Уи данҭаха ашьҭахь игәакьацәеи иареи аиҩызара, аиҭынхара рыбжьан. Аҟабарда арҧыс Аскьер Ӡагоев изкны изныкымкәа ианысҵахьан Хәыхәыт Бганба игәалашәарақәа. Урҭ зегьы рхатәы ҭыҧ рымоп сара сархив аҟны, изныкымкәагьы Аҧсуа телехәаҧшра аефир ала ажәлар ирбахьеит. Аскьер Ӡагоев изкны Хәыхәыт Бганба игәалашәарақәа руак аҟны иҳәон:

– Жәытәла иааӡоу аҟәыӷа дуқәа ҟамлои, убас иҵаулаз, иҟәыӷаз арҧысын Аскьер. Иқәра оумак идуцәамкәа, аха зҟазшьа акырӡа ишьақәгылахьаз, иҭҭәаахьаз, иҭышәынтәалахьаз иакәын иара. Еибашьышьа атәы еилкаауп, аха аибашьра адагьы иҟамлоз азҵаара дуқәа аныӡбатәхоз, убысҟан акәын Аскьер иҟәыӷара еиҳагьы иҵаулан ианааҧшуаз. Аимак зауаз аҩганкгьы дрыхәаҧшны, аӡәгьы дламырҟәыкәа, зегьы раҳаҭыр баны, аха аиашара аҧыжәара аҭаны, аҵабырг ӡыригон. Аҟабардақәа мацара ракәым, Нхыҵ-Кавказынтәи Аҧсны еибашьуаз аӡәгьы дсызилаҵом Аскьер Ӡагоев….
Арадиои ателехәаҧшралеи ицәажәарақәа азмырхакәа Хәыхәыт Бганба ҳара ажурналистцәа ҳахь иҩны иааигон ҳҵеицәа рфырхаҵара атәы зҳәоз инапҩымҭақәа. Убас, сара сархив аҟны инханы иҟоуп Очамчыра ахақәиҭтәраан иҭахаз Нодар Кәарҷиа изку Хәыхәыт Бганба инапҩымҭа.
Аибашьра ашьҭахьгьы Хәыхәыт Бганба акыр шықәса ар маҭәа ишәимхит, абџьар шьҭеимҵеит. Аҧсны иахьшәарҭаз акәакьқәа рҟны деиқәных, ирмаҭәа далыҷаауа дубон. Уи аамҭа кьаҿла арра зыҟаҵара ду змоу стратегк иаҳасабала дшьақәгылеит Сулҭан Сосналиев еиҧш иҟаз аруаа днарываҟәыло хшыҩлеи, гәаҭалеи, ҵауларылеи деибыҭан, ихатә ҭыҧгьы ӷәӷәаӡа иааникылеит аҭоурыхаҿы.
Аибашьратә шәарҭарақәа еиҳа ианеиқәтәа, Аҧсны аҳәынҭқарра ҿыц аргылараҿгьы аӡәы ҳәа днагылеит Хәыхәыт Бганба. Еиуеиҧшым аусқәа инапы рылакын, аамҭаказ Аҟәа ақалақь ахада дихаҭыҧуаҩын, аҳҭнықалақь ахаҿы ҧшӡа азырхынҳәра иџьабаа адиҵон.
Аибашьра аҧхьатәи ашықәсқәа рыхьанҭара, аибашьра аамҭазтәи аџьамыӷәа цәгьа, уи ашьҭахьтәи ахыҧсыра уҳәа ирыцыз ауадаҩра дуқәа иҧсҭазаара дыркьаҿит ауаҩы лаша, апатриот цаҳә-цаҳә Хәыхәыт Бганба. Ихьӡ Ачадара амҩақәа руак иахуп, аха агәаанагара сымоуп Хәыхәыт Бганба ихьӡ иҵегь еихаҳатәуп, иӡбахә нарҭбаан абжьаратә школ арҵага шәҟәқәа ирынҵатәуп, дахьиз, дахьааӡаз Арасаӡыхь ибаҟа аргылареи, ихьӡ Арасаӡыхьтәи амҩақәа руак ахҵареи азҵаарақәа ирзааҭгылатәуп ҳәа.
Екатерина Бебиа,
апрофесср, ажурналист

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me