Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аишьцәа – Афырхацәа

Аҧсуаа ражәа иалоуп: «Аиашьа рыцҳарак дақәшәар, аиаҳәшьа лылаҕырӡ ахькаҭәо ашьац былуеит» ҳәа. Иҟам еиҳау ахьаа аиашьа игәырҩара аҵкьыс.


Сара акыр исцәыхьанҭан Ҳџьынџьтәылатә еибашьраан ҩыџьа зашьцәа ҭахаз аҧҳәызба лыҿцәажәара, исцәыхьанҭан ҿыц лыхәрақәа раартра. Аха, аамҭа наскьацыҧхьаӡа, урҭ ргәалашәара агәхашҭра иамгароуп, лассы-лассы иаҳгәалаҳаршәалароуп рфырхаҵара, рыгәаҕьра…
Иахьа Аҟәатәи аҧшьбатәи абжьаратә школаҿы рҵаҩыс аус зуа аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы Альдона Заканбеи-иҧҳа Бакелиа ақырҭуа-аҧсуа еибашьра илцәалаӡит ҩыџьа лашьцәа: Адгәыри Заури Бакелиаа.
Аамҭа рацәа шцахьоугьы, урҭ лашьцәа рыӡбахә анылҳәо лыблақәа алабжыш рхыубаалоит. Лашьцәа рыгәхьаагара лхы-лҿы гәыкы ианубаалоит.
Альдона Закан-иҧҳа хрыжь-хрыжь иаҳзеиҭалҳәон:
– Ҳара ҳазлыҵыз Абҕархықә ақыҭоуп, аха аибашьра ианалагаз ҳанхон Аҟәа ақалақь Аҳабла ҿыц аҟны. Аҳҭны-қалақь иалалаз ҳаҕацәа раҧхьаӡа ирҧылаз дыруаӡәкуп сашьа аиҵбы Адгәыр, иара усҟан 20 шықәса ракәын ихыҵуаз, ҩызцәас дрыцын Беслан Џьелиеи, Реваз Аргәыни, иагьеизааигәан, Аҟәа Ацҳа ҟаҧшь аҿы атанк анааныркылоз уа дрылан.

Уи ашьҭахь аҩнеихагыла аҵаҟа рҽыҧхьакны, артҟәацгақәа шыҟарҵоз, еилыркааит, аҭыҧантәи ақырҭцәа роуп дызшьыз август 16 рзы. Сашьа Адгәыр Аҧсны азын илшараны дыҟаз дахьырмыгӡеит. Ахәышәтәырҭаҿы даныҧсы Сергеи Шамба ицхыраарала иҧсыбаҩ Абгархықәҟа иааргеит. Уи мца қьоуқьадха ицралеит егьи сашьа Заур. Иара 26 шықәса ихыҵуан, аҭаацәара аҧиҵахьан, ҩыџьа ахшара драбын. Аибашьра актәи амшқәа инадыркны Абҕархықәаа рвзвод аҿы командирс дыҟан. Даара деилҟьа-еилҕәыцәын. Иара ицеибашьуаз Хәымса Оҭырбеи (иахьа идунеи иҧсаххьеит, аибашьра иҵнашәааз игәабзиара иахҟьаны), Дарофеи Џьынџьолиеи иргәаладыршәон: «Заур игәыҧ иалаз зегьы дрыхӡыӡаауан, раҧхьаҵәҟьа есымша дгылон, аиакәым ныҟәызго дибаргьы дишаҭомызт…

– Заур икоманда иарбан жәыларақәас излахәыз ҳәа азҵаара илысҭаз аҭак ҟаҵо илҳәеит: «Ҳәарада, урҭ злахәымыз жәыларак ыҟамызт, иалахәын марттәи ажәылара. Иара изы Аҟәа ахақәиҭтәра зегь раҧхьа игылан, аха уи дахьымӡеит. Аиааира аагара ҩымз шагыз, ииуль мза ҧшьба рзы Шьроматәи ахырхарҭаҿы мҽхакы ҭбаалатәи ажәылара алыршахарц, аҕа дара рышҟа дхьадырҧшырц азы, идырны аҧсра иазцаз дыруаӡәкхеит. Ииуль ҧшьба рзы Гәымсҭа лбаатәи ацҳала ижәылоз драҧхьагылан. Иҧсҭазаара қәыҧшгьы ахҭниҵеит Аҟәа ахақәиҭтәра. Абас, агәырҩа хьанҭа ахаҧеит анхаҩ бзиа Закан Бакелиа иҩнаҭа, ҩыџьа иҵеицәа иҵәҩаншьап азырсшаз, рыҧсадгьыл рхы ақәырҵеит.
Акызаҵәык ҳгәы збаауа, сашьа Заур иҭынхаз иҧҳацәа Алисеи Альбинеи роуп, ҳаицхыраан иҳааӡеит. Аҵарақәа ирылҳаргеит, урҭ роуп гәыҕырҭас иҳамоу – лҳәеит ҩыџьа зашьцәа агәлымҵәахқәа зыгхаз Альдона Бакелиа.
Заур Бакелиа Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Иусҧҟала данҭаха ашьҭахь Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп. Ҳәарада, аиаҳәшьа дрызгәдууп, аҕа зызқәа еимырхаӡакәа, зыҧсадгьыл ахьчара зыҧсҭазаара ахҭнызҵаз лашьцәа. Урҭ рҿырҧшы аҵакы еилыркаауазароуп еиҵагыло абиҧарақәа Хашҭра рықәымлааит ахақәиҭра ҳзаазгаз Аҧсны Афырхацәа. Урҭ хьтәы нбанла рыхьӡ ҳҭоурых иазынхоит.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me