Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Камантәи аберҭыԥ иаԥсҭазаашьоузеи?

Аҟәа ақалақь аҟынтәи 12 километр ахьыбжьоу, Каман аҳаблаҿы игылоуп аԥшьаҩы Иоаанн Ахьҿы ихьӡ зху аберҭыԥ. Уи есышықәса иаҭаауа аҭыԥԥшьаныҟәаҩцәеи атуристцәеи рхыԥхьаӡара 50 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит.
Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша ахантәаҩы, аигумен Игнати (Киут) ари аберҭыԥ ахылаԥшҩыс дыҟоуп. Уи Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, ари аныхабаа имариам аԥсҭазаара атәы еиҭеиҳәеит.


– Аб Игнати, сара иахьынӡаздыруа, ари аберҭыԥ уаанӡа аҳәса иртәын. Ианба, насгьы уи ахацәа иртәны ишԥаҟалеи?
– Ааи, шәара шәиашоуп. Камантәи аберҭыԥ аԥҵан 1898 шықәсазы. Уи раԥхьа Василиск-Ахьҿы ихьӡ зху аҳәса рберҭыԥ ҳәа иашьҭан. 1901 шықәсазы иаартын азеиԥшеиланхарҭатә аҳәса рберҭыԥ, уаҟа 1906 шықәсазы иҟаз адыррақәа рыла инхон 200-ҩык рҟынӡа аберҳәса. Аберҭыԥ акәзар, уи даараӡа иԥшӡан, араҟа иҟан хыԥхьаӡара рацәала аԥстәқәа, иҟан амахҽқәеи аԥсаркәтқәеи, еиуеиԥшым аҵиаақәа еиҭаҳан, аботаникатә баҳча ыҟан. Иԥшьоу аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәаразы адунеи зегьы аҟынтәи иаауан. Аха 1917 шықәсазы иҟалаз ареволиуциа ашьҭахь, ари аберҭыԥ адыркит, ауахәама дырбгеит, ари аҵакыраҿы игылаз ахыбрақәа еиуеиԥшым анхаратә ҭахрақәа рзы ахархәара роуит. 2001 шықәсазы аберҭыԥ ҩаԥхьа еиҭашьақәыргылан, аха шьҭарнахыс уи ахацәа иртәны иҟалеит.

– Избан, ари аберҭыԥ иԥшьоу ҭыԥны изыԥхьаӡоу?
– Ҳаамҭазтәи ауахәама ­V ­ашәышықәса анҵәамҭеи VI ашәышықәса алагамҭеи рзы ажәытәӡатәи аныхабаа ашьаҭаҿы иргылан. Асаркьаласырҭа аргылараан адгьыл аҵан ирыԥшааит ахаҳә иалхыз Иоанн Ахьҿы икардама. Уи зыкапан тоннак рҟынӡа инаӡо, еизадоу аҳаш гәал иагәылԥҟоу адамрачаԥа уажәы аныхабаа аҩныҵҟа ишьақәыргылоуп. Ҳара иҳамоуп аԥшьаҩы ицәеижь ҟәырҷаха зцу аныхачаԥа, иара убас ари ауахәама аҟынтәи километрақәак аабжьаны иҟоуп Иоанн Анаҭҩы ихы ахынтәраан архынҳәра ахьыҟалаз аҳаԥы. Иара убас ҳаамҭа аҟынӡа иааӡеит ахәаҿы игылоу ахыбрақәа ҩба рхыжәжәарақәа, урҭ руак Ацқьа ааӡабхгаҩы Василиск анышә дахьамадаз ҭыԥны иԥхьаӡоуп. Абри зегьы ари аныхабаа иԥшьоу ҭыԥны аԥхьаӡаразы аҭагылазаашьа аԥнаҵоит.

– Уажәы аберҭыԥ аҿы амаҵ зуа, аберра зҽазыҟазҵо ыҟоума?
– Иҟоуп, аха имаҷуп. Доусы рхатәы ҭакԥхықәра рыдуп. Дара ашәырҵлақәа ирхылаԥшуеит. Сынтәа еиҭаҳан 100 шьапык рҟынӡа аӡахәа, 100 шьапык инареиҳаны аҵәаҵлақәа, аҳаҵлақәа. Аматанеирақәа, агәабзиаразы аҳәара зну абӷьыцқәа ирыԥхьоит, аԥсырҭынчга иазку Анцәа иашьапкра нарыгӡоит, иара убас ихаҭәаау анцәамаҵзуратә цикл мҩаԥыргоит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, иахьа ҳара иҳамаӡам апапцәа, адикәанцәа, пономар ҳәа изышьҭоу, анцәаиныҳәарақәа раан ацхыраара ҟазҵо, асаркьал иасуа ауахәама амаҵзуҩцәа. Адоуҳатә кадрқәа рганахьала акризис ҳамоуп ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Апап ичын аиуразы жә-шықәса инарзынаԥшуа аҽазыҟаҵара ахысра ахәҭоуп, ари даара иуадаҩу процессуп, убри аҟнытә, Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа апапцәа разымхара ӷәӷәала ианыԥшуеит.

– Аҭыԥԥшьаныҟәара ианбалаго?
–Аԥхынтәи аамҭахәҭа ԥхынгәымзеи жьҭаарамзеи ирҭагӡахоит, аӡынтәи – ԥхынҷкәынмза анҵәамҭа инаркны ажьырныҳәамза анҵәамҭанӡа. Ҳара ҳахь иаауеит Гагра, Гәдоуҭа, Пицунда, Тҟәарчал, Очамчыра ақалақьқәа, иара убас Урыстәыла арегионқәа жәпакы рҟынтәи ауахәама аҭааҩцәа. Ауаа Анцәа имҵаныҳәоит, анцәаныҳәарақәа ирҭаауеит.

– Аб Игнати, шәара шҿы иуԥылоит имаҷымкәа аекзотикатә ԥстәқәеи аԥсаатәқәеи. Урҭ араҟа иабантәиаанагеи?
– Ҳара иаҳҭаауа аҭыԥшьаныҟәаҩцәа даара ргәы разуп. Иаагозар, аԥсаркәтык Воронеж ақалақь аҟынтәи иаҳзааргеит, егьырҭ сара ҳамҭас исылҭеит доуҳала ԥҳас исымоу Иннеса Жьиба. Иара убас, ҳара иҳамоуп Кисловодск ақалақь аҟынтәи иаагоу ҩ-бынҽацәки ҩ-бнакәтыки. Резо Занҭариа ҳамҭас иҳаиҭеит иԥштәылоу аԥсаркәты, убасгьы аберҭыԥ аҿы иҟоуп хә-ҭсыск. Ахәыҷқәа даара бзиа ирбоит аԥстәқәа, ианырбо иреигәырӷьоит. Урҭ рахьынтә аӡәырҩы рзы – ари аԥстәқәа рбаразы лшара заҵәык ауп, избан акәзар, урҭ ақалақь аҿы иуԥылаӡом.

– Қьырсаныҳәа, Аӡаахра Амш азгәарҭеит, Анцәа дхазҵо ауаа ирзеиӷьашәшьозеи?
– Зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, аҭынчра, ахирра. Дарбанызаалак аиашахаҵара дин ныҟәызго ақьырсианцәа ҷыдала ари аныҳәа рҽазыҟарҵоит, ачгара, аҽанраалара, аҳәатәхаҵара, ақьиара, абзиабара аарԥшрала Иаса Қьырса Иира Амш азгәарҭеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me