Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҭамзаара шьҭаҵазаргьы…

Аҧсны тәылауаҩык аӡәы ихашҭхьеит ҳәа сыҟам,1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсны ахьчараз аҧсуаа ирывагылан еибашьуан, хатәгәаҧхарала абџьар шьҭызхыз Аахыҵ - Уаҧстәылантә, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рҟынтә иааз.
Убарҭ рхыҧхьаӡараҿ дыҟан, фырхаҵарыла еибашьуаз, иахьа легендаҵас зыхьӡ рҳәо аибашьҩы Владимир Карданов (Гена ҳәа зарҳәоз). Иара Аҧсны аибашьра ианалага, Ҟабарда-Балкариантәи зхатәгәаҧхарала аибашьрахь иаауаз дрыцны даауеит.

Уи аибашьратә гәыҧ «Ҟабарда» командирс дыҟан. Дрылахәын еиуеиҧшым ажәыларақәа. Фырхаҵарыла иҩызцәеи иареи ҭахоит Гәымсҭатәи афронт аҿы 1993 шықәса апрель 13.рзы.
Иазгәаҭатәуп Аҧсны есышықәса август 15 рзы ишазгәарҭо зхатәгәаҧхарала еибашьуаз имш. Ари аҽны иргәаладыршәо афырхацәа раҧхьа дгылоуп Гена Карданов.
Аҭоурых агәылалара ара иаҭыҧым, аха сазааҭгылоит, ааигәа иҟалаз, Аҧсны жәлар зегьы ргәы рзырхьыз ахҭыс. Уи иақәҿызымҭыз уаҩы дыҟам. Аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ахеилакқәа. Саргьы ҳредакциа ахьӡала ҧыҭҩык еиуеиҧшым аусҳәарҭақәа русзуҩцәа ргәаанагара анысҵарц сыӡбеит. Аха уахь сиасаанӡа, ишәгәаласыршәар сҭахуп иара ахҭыс шыҟалаз.

Ажьырныҳәа 14-15 ауха Аҟәа ақалақь Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны – Аҧсны зхы ақәызҵаз афырхацәа анышә иахьамадоу, Аҧсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны аус зуаз, амилициа алеитенант Назар Карданов машьынала апарк дықәлеит. Анаҩс, адырҩаҽны, еиуеиҧшым аинтернет асаитқәа рыла иубарҭан Н. Карданов Аҧсны жәлар рахь ихы нарханы, зегь раҧхьаӡа зхәыҷқәа анышә иамадоу Ахьӡ-аҧша апарк аҟны рҭаацәа рахь, анышә иамадоу афырхацәа рбаҟа аҧхьа дшьамхышгыланы аҭамзаара шышьҭаиҵо.
Абри ахҭыс инамаданы Ауаажәларратә палата иҟанаҵоит аҳәамҭа, иара убас хықәкыла Аҧсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иабжьанагеит Аҧсны азакәан инақәыршәаны ахылаҧшра аиҭарц, аҧхьаҟа уи еиҧш иҟоу ахҭысқәа ҟамларцаз.
«Аҧсны атәылауаҩ Н. Карданов ихымҩаҧгашьа ҿаасҭала аҳаҭыр лаирҟәит иҧшьоу аҭыҧ – Ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара. Убарҭ дрылан легендаҵас зыӡбахә рҳәо ижәлантәы – Аҧсны Афырхаҵа Гена Карданов», - абас азгәаҭоуп Аҧсны Ауаажәларратә палата иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Назар Мусса-иҧа Карданов аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҟынтә ихы дақәиҭтәуп «Амилициазы» азакәан ахәҭаҷ 17 инақәыршәаны.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҟны амаҵзура аныҟәгаразы аилаӡара аҧыхын аҿҳәара аҟынӡа инамгакәа, 16.01. 2024 шықәсазы амаҵзуратә гәаҭара алҵшәақәа рышьаҭала. Карданов ихы иақәиҭтәразы адҵа инапы аҵаиҩит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ианвар 17 азы.
Абри ахҭыс иазкны игәаанагара еилыскаарц снеит 1992-1993 ш. рзтәи Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа ибиуџьеттәым рфонд аиҳабы Дмитри Ҭарба иахь. Ҳаиҿцәажәараан иҳәеит зегь раҧхьаӡа уи арҧыс иҧшаара зыбзоурахаз дара шракәу. Аиашазы, даараӡа ргәы иалсит, аха аҭамзаара шьҭеиҵеит изныкымкәа-иҩынтәымкәа. «Аҧсуаа ҳменталитет злаҟоу ала, арыцҳашьара шҳалоу ала, ҳгәы шҳахьызгьы даҭаҳҵом», – иҳәеит уи. Дазааҭгылеит аҧсҭазаараҿы убри ахҭыс заҵәык аҵыхәтәантәи акәны иаанхарц шырҭаху аибашьра аветеранцәа. Иазгәеиҭеит иахьатәи ҳаамҭазы аветеранцәа рыӡбахә ҧыҭҩык ишырхашҭхьоу. «Аҧхьаҟа Аҧсны зхы ақәызҵаз аҵеицәеи зыҧсы ҭаны иҳамоу аветеранцәеи рхамышҭуа иҟалааит», – иҳәеит уи.

Аҟәа ақалақьтә Аԥсны анацәа Рхеидкыла аиҳабы Фируза Қапба-Чамагәуа илҳәеит: «агәра сызгом ихала иҟаиҵеит ҳәа, иарбан мзызс изыхҟьазаалакгьы аӡәы далаимҟьашьыкәа иҟаиҵарымызт. Иара занааҭла азакәан ацныҟәараҿы аус злаиуаз ала, ус, ихала иҟаиҵарымызт.
Аиашазы, ргәы днархьит анацәа зегьы, аха уи арҧыс гәык-ҧсык ала изныкымкәа-иҩынтәымкәа аҭамзаара шьҭеиҵеит, убри азы, маҷк хырҩа аҭатәызар ҟалап. Аҧхьаҟа Ахьӡ - аҧша апарк аҟны ахылаҧшра ду аҭахуп. Избанзар аҿар зны-зынла иахьтәо аҭыҧ рхашҭны араҟа рхымҩаҧгашьа ҧшӡамкәа иаадырҧшуеит. Ацқьара атәы уҳәозар, аҧссарақәа шымҩаҧыргогьы, аҿар азараҟьа ацәа нкаҧсаны, иржәуа аӡы хаақәа рыҭрақәа нкажьны ицоит. Убри азы лымкаала ахылаҧшра аҭахуп.
Анаҩс, ақалақьуаҩ, аибашьра аветеран, зыхьӡ сҳәар зҭахымыхаз игәаанагара еилыскааит. Аиашазы, уи гәыла ишилсыз убарҭан иҟалаз ахҭыс, даара емоциала дахцәажәеит. Иҳәеит ус еиҧш иҟоу ауаҩы иҧсадгьыл даларгылатәӡам, дахцаны дышьҭтәуп ҳәа. Ҿырҧштәыс иааигеит Урыстәыла Иҿымцәаауа амца ахьыҟоу ааигәара ауаҩы днеины иҭаҭын аиркырц агәаҳәара иоургьы дышҭаркуа. «Аҟәа иҟалаз ахҭысгьы даара угәы ҭнашьаауеит, ус иҟоу дҭактәӡам, иуаажәлар дрыламгыло дҟаҵатәуп. Анаҩс инаҧшуагьы, шьыгатә маҭәашьарқәа рхы ианадырхәо рхаҿы иааилоит уи аҿырҧштәы», – азгәеиҭеит уи.

Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me