Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашықәс ҿыц иалагӡаны

2024 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны Оҭаԥтәи Абрыскьыл иҳаԥы иаҭааит 200-ҩык инарзынаԥшуа ауаа.


Аҳаԥы аусзуҩы Елисо Ҳаџьымба лажәақәа рыла, ҽнак аҳаԥы иаҭаауан 20-ҩык инарзынаԥшуа ауаа, урҭ зегьы рзы имҩаԥган аныҟәарақәа. Лара лгәаанагарала, иаҭаауаз асасцәа рхыԥхьаӡара еиҳахарц алшон, аха амшцәгьақәа ирыхҟьаны аӡы ахьышьҭыҵыз аҟнытә аҳаԥы ҩымш иаркын. Аҭааҩцәа бжеиҳан аҳаԥы аӡбахә раҳауеит рҩызцәеи ирдыруа ауааи рыҟнытә, убри азы аусзуҩы лажәақәа рыла, аҳаԥы иаҭаауан рхатәы транспорт ала.
Абрыскьыл иҳаԥы – ари рацәак иҭҵаам абжьындахыбтә хкы ахь иаҵанакуа акарсттә ҳаԥқәа иреиуоуп. Аҳаԥы аҩнуҵаҟа иуԥылоит ирацәаны аҳашкнаҳақәеи аҳашҳашьаҟақәеи. Аҳашҳашьаҟақәа руак аҳаракыра наӡоит жәаметрак рҟынӡа. Алегенда излаҳәо ала, убра акәын дахьадҿаҳәалаз Анцәа иҿаԥхьа ахырхәара зхы иаҭәазымшьоз Абрыскьылгьы. Аҳаԥы аҩнуҵаҟа иҵыҵуеит аӡиас маҷ.
Абрыскьыл иҳаԥы аартын XIX ашәышықәса азбжазы. Усҟан аҳаԥы ҭырҵааит ҩбеи бжаки киломерт, иахьа аныҟәарақәа рзы иаартуп 800 метр рҟынӡа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me