Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адоуҳатә культура ацәыӡ ду

Ианвар 21 ауха, инықәырԥшшәа ашьыжь асааҭ ԥшьба рзы амца акит Лакоба имҩаҿ игылоу Ацәыргақәҵарҭатә зал хада ахыбра. Уи арцәара иалахәын аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра амцарцәаратә машьынақәа. Амцабз иамҽханакит ҩбаны еихагылоу ахыбра, Аԥсныпресс акорр. адырра ҟаиҵеит ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟнытә.


«Ашәарҭара ӷәӷәа иҭагылоуп аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рыхьтәы фонд. Амилаҭтә сахьатә галереиа абылра иаҿуп. Ҳаӡит», ¬- лылаӷырӡқәа лыбла ихыҳәҳәыло имҩаԥысуа ахҳәаа азыҟалҵеит акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡауа Динара Смыр.
Аԥсны Ахада Аслан Бжаниа амца зкыз Ацәыргақәҵарҭатә зал хада ахь днеит.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Аҳәыҭқарра Ахада иеиҳәеит амца шацралаз азы адырраҭара шыҟаҵаз 03:38 азы Аминистрра аҷаԥшьарҭахь. Амца дырцәон Аҟәеи, Гәдуҭеи, Гәылрыԥшьи, Очамчыреи рҟнытә амцарцәаратә машьынақәа 11. Ашьыжь сааҭ 7 азы амца ырцәан.
Атәыла Ахада апрокуратура хада анапы ианиҵеит амцакра зыхҟьаз амзызқәа зегьы инҭкааны иҭырҵаарц.

Ауха иҟалаз амцакра иахҟьаны Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афоднқәа ирылхәдахеит.
«Снеи-ааиуа аҵәыуара саҿуп. Ари хлымӡаахроуп. Амцарцәаҩцәа ражәақәа рыла, ахыб амца акит́, иҟалап, афымцацәаҳәақәа еидкьыслазар. Асахьақәа зегьы блит. Ари харҭәаашьа змам цәыӡуп. Аԥсуа культура иаиуз аԥхасҭа ахәшьара узаҭом» - абас иҳәеит Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа.
«Иуҳәар ауеит зегьы блит ҳәа. Ацәаргақәҵарҭатә зал аҩбатәи аихагылаҿы ишьҭан 4000 екземплиар инареиҳаны Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа 300 рҟынӡа. Ари цәыӡ дуӡӡоуп. Сылаӷырӡқәа сырхәаҽуеит, ацәажәара сцәыуадаҩуп».
Маҷк аҭоурых. 1963 шықәса август 20 азы Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Рсовет ақәҵара аднакылеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи афилиал азинқәа аҭаны Аҟәа, Асахьатә галереиа аԥҵаразы.
Агалереиа аиҿкаара ихалаирхәт аҟазара бзиаӡаны еилызкаауаз Аҟәатәи аҳақьым Езекиель Лазар-иԥа Фишков. Уи агалереиа ҳамҭас еиҭеит иҩны ахәҭаки (Пушкин имҩа, 24) 60 асахьақәеи. Фишков иколлекциаҿы иҟан аурыс сахьаҭыхыҩцәа Б.Петров, В.Контарев, О.Сегаль уҳәа егьырҭгьы. Урҭ Аԥсны иаҭаахьан XX ашәышықәса алагамҭазы.

1964 шықәса март 17 азы имҩаԥысыз агалереиа аартраҿы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа М.Ешба, О.Брендель, И.Цомаиа, В.Иуанба уҳәа егьырҭгьы русумҭақәа ҳамҭас иарҭеит. Х-залк рҟны икнаҳан аҭыхымҭақәа 100, иара убас аскульптуратә усумҭақәа 20.
Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа агалереиа афондқәа хаҭәаауан Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рыла.
1985 шықәса маи 17 азы, иналукааӡаша аԥсуа сахьаҭыхҩы А.К.Чачба-Шервашиӡе (1867-1968) иԥсыбаҩ ааганы Аҟәа анышә ианамардоз аҽны, Асахьатә галереиа аекспозициа ииаган Лакоба имҩа, 31 ахь. Уброуп уажәы иахьыҟоу Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь агалереиа аекспозициа аркын.
1994 шықәсазы Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи Асахьатә галереиа ахьӡ еиҭакын Амилаҭтә сахьатә галереиа ҳәа, насгьы зхала иҟоу ҳәынҭқарратә усҳәарҭаны иҟалеит.
1997 шықәсазы Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба иқәҵарала Амилаҭтә сахьатә галереиа иазалхын Пушкин имҩа, 8 аҟны иҟаз ареволиуциа ҟалаанӡатәи аҳәса ргимназиа ахыбра. Иаарласны, раԥхьаӡа акәны арҽеиратә усурақәа ирылагеит, аха амалқәа ахьазымхоз аҟнытә иаанкылатәхеит.

Агалереиа афонд аҿы иҵәахын Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе, Варвара Бубнова, Борис Петров, Владимир Конатарев, Марина Ешба, Витали Лакрба, Валери Гамгиа, Витали Џьениа, Амиран Адлеиба, Ольга Брендель уҳәа еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхра азҟазацәа русумҭақәа ԥшьнызқь инареиҳаны.
– 150 раҟара аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа еиқәхеит, – абас лҳәеит «Абаза-ТВ» иалҭаз аинтервиу аҿы Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр. Урҭ иреиуоуп Виктор Шьчеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габелиа, Виссарион Ҵәыџьба уҳәа егьырҭ авторцәа.
Акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо лажәақәа рыла, Алеқсандр Чачба иусумҭақәа акызаҵәыкгьы еиқәымхеит.
Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аматериал аизгара иаҿуп амца зыцралаз асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵарҭатә зал хада аҟны. Ишьақәыргылоуп абылра-техникатә експертиза.
Амца ацраҵара инаркны абылра зыхҟьаз аганахьала еиуеиԥшым аверсиақәа ирыхәаԥшуеит.
Акьыԥхь иазирхиеит
Борис Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me