Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Атәыла ашәарҭадара аекономика иахьԥшуп

Аусурҭадара апроблема, аус зуа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәра, аҳәынҭқарреи абизнеси русеицура аԥеиԥш иалацәажәеит Ахада Аслан Бжьаниеи анападкылаҩцәа рхаҭарнакцәеи реиԥылараҿы.
Атәыла Ахада аиԥылара иалахәыз ҭабуп ҳәа реиҳәеит аекономика арҿиара иацхрааз, аҳәынҭқарратә биуџьет аҟаҵарбақәа акырӡа еиӷьызтәыз лыҵшәа-бзиала русуразы.


«Уаҩ деигәырӷьоит атәыла абиуџьет аҟны иахьа шәара шәлагаламҭа Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраара аасҭа иахьеиҳау. Шәџьабаа ахә ҳаракны иаҳшьоит, иара убас Аԥсназы иҟашәҵо рацәоуп», – иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Ахада ихшыҩ рзишьҭит апроблемақәа. Урҭ рҭыԥ рықәҵара иаҭахнатәуеит аҳәынҭқарреи абизнеси русеицура. Уаанӡа аиԥш, иҵарны иқәгылоуп аусурҭадара апроблемақәа. 70 нызқьҩык аусура зылшо усурҭала еиқәыршәам.
«Ари ас иаҳзааныжьуам. Ҳәынҭқаррак иадамхаргьы, уи моу аҿиара змоу аҳәынҭқарраҵәҟьа ари аҭагылазаашьа ас иааннажьуам», – иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа, иагьациҵеит ақыҭақәа рҟны аусурҭа ҭыԥқәа рыҟаҵара иаҵанакуа шмаҷым.
«Ақыҭанхамҩатә аалыҵ аганахьала иҟоу аҭахра ақыҭақәа реиҭарҿиара ԥхьаҟа изго акакәны иҟалар ауан. Абраҟа абизнес-хеидкылақәа иҟарҵо ацхыраара ада ԥсыхәа ыҟам. Абри азҵаара аҭыԥ ақәҵарагьы ахатәҷыдара змоу аԥсуа культура аиқәырхарагьы иацхраауеит. Ақыҭа еиҭарҿиауа, ҳара иҳарӡуам аԥсуа культура», – иаҵишьит Аҳәынҭқарра Ахада.
Атәыла ашәарҭадара хахаҵәҟьа иахьыԥшуп уи аекономикатә ҭагылазаашьа. Абизнес Аԥсны еснагь иацхраауан, иахьчон уи аекономикатә суверенитет.
«Уӷәӷәаны уҟаларц азы, ушьапы аӷьараҳәа уқәгыларц азы убеиазароуп, – иҳәеит Ахада. – Аамҭақәак рзы аполитика аекономика анапхгара анаҭар ауеит. Аха иахьугалакгьы зегьы мҩақәызҵо, анапхгара рызҭо аекономика ауп», – иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Анаҩсан, Аслан Бжьаниа аиԥылара иалахәыз ргәаанагарақәа дырзыӡырҩит.

Ахада апроблемақәеи ақәҿиарақәеи ртәы изеиҭеиҳәеит зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара «Еко Фиш» аԥҵаҩы Инал Алборов.
«Иааидкыланы ҳусура уалацәажәозар, аилахәыра қәҿиарала аус ауеит, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟала иалҳаршаз рацәоуп, ииасхьоу 30 шықәса рыҩныҵҟала аасҭа. Аус руеит х-мшԥҵәак, зны-зынлагьы шьамхахьы аӡы иӡаагыланы», – иазгәеиҭеит Алборов.
Иара иажәақәа рыла, апроблемақәа ыҟоуп валиутала, мааҭла аԥарашәарақәа рганахьала. Зны-зынла џьыбаҭыхла аԥарашәараа ҳақәшәоит абанктә хыԥхьаӡаларақәа рганахьала иҟоу апроблемақәа ирыхҟьаны. Аха Алборов агәыӷра имоуп абарҭ азҵаатәқәа рҭыԥ ишықәҵахо ала.
Аилахәыра «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи» аиҳабы Николаи Ачба иазгәеиҭеит ҳазну ашықәс азы раалыҵ ахәԥса шышьҭыҵыз 7-8 процент рыла.
«Акадрқәа рганахьала проблема ҳәа акгьы ҳамам. Аха даара иуадаҩуп иазыҟаҵоу аспециалистцәа рыԥшаара, урҭ уацәымшәакәа акыр иаԥсоу ашьақәгылашьа знапы иануҵаша. Ашьақәгыла ахәгьы зны-зынла 50 нызқь доллар рҟынӡа инаӡоит. Ауаҩы атехника аус аируеит, нас мызқәак рыла уи аус азымуа иаақәхоит, иара ахара ҳәа акагьы идым – мацара аус аирурц азы аҵара далымгац. Абраҟа агха-ԥхақәа ҳамоуп», – иазгәеиҭеит абизнесуаҩ.
Николаи Ачба агәҭынчымра шимоу иҳәеит, иҟоуп мызкы 45-50 нызқь мааҭ ауалафахәы мап ацәызкуа, аха иаҭаху ақыҭаҿы аусура ауп. Абри аҟнытә анападкылаҩцәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи аусуҩцәа раагара рықәшәоит.
«Ҭаџьықьысҭан, Узбекисҭан, Аҩадатәи Кореиа руааԥсыра аусурахь инаҳамԥхьар ада ԥсыхәа ҳауам, идырҳауа аԥарақәа зегьы Аԥсны акәӡам иахьнызхуа», – иҳәеит Ачба.

«Аԥсуа ҩы агьама ахьыбзиоу азы аџьармыкьаҿы ӷәӷәала ирҭахуп. Аҭира аганахьалагьы проблема ҳамаӡам», – иҳәеит иара.
Николаи Ачба ажәалагала ҟаиҵеит аҩыҟаҵара иаҿу аԥсуа нападкылаҩцәа иҵегьы активла ирыдгылаларц, аӡахәаҭрақәа рымҽхак дырҭбааларц. Абри аганахьала ахықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа арҿиара» инақәыршәаны, ақыҭанхамҩа Аминистрра иалшон шықәсык 15-20 гектар аӡахәаҭрақәа рыҟаҵара апроектқәа рыдгылара. Ачба иажәақәа рыла, гектарк аӡахәаҭра 2,5 миллион мааҭ рҟынӡа итәоит. Ԥшьышықәса рыла ҳара иҳаур ауан 100 гектар рҟынӡа аӡахәаҭра ҿыцқәа», – иазгәеиҭеит Аԥсны аҩыҟаҵаҩ хада.
Аиԥылараҿы иқәгылеит егьырҭ анападкылаҩцәаггьы. Урҭ атәыла Ахада ҭабуп ҳәа иарҳәеит аԥсуа бизнес ахаҭарнакцәа рышҟа иҟаиҵо ахшыҩзышьҭразы.
Аҭакс Аслан Бжьаниа иҳәеит абизнес-хеидкылақәеи амчреи ҳаԥхьаҟагьы лыҵшәабзиала русеицура дшақәгәыӷуа.
«Ҳхы неидкыланы, шәара ишәымоу аԥышәа ииашан иаларҵәаны, ҳара ҳазкылсроуп аекономика арҿиара даҽа ҽаӡарак. Уи агәра згоит», – иазгәеиҭеит Ахада.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me