Лаҵара 22, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Иааирума» – қәҿиарала ихынҳәит

Леон иорден занашьоу Едуард Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» аҟны иаҧҵоу ахәыҷтәы хореографиатә студиа «Иааирума» еиҿкаауижьҭеи 25 шықәса инарзынаҧшуа иҵуеит. Уи еиҿыркааит изаамҭанымкәан зыҧсҭазаара иалҵыз Аҧсны жәлар рартист Вахтанг Возбеи, иахьа еиҵагыло абиҧара ҿа рҟазара ӡырызго Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист, ахәыҷтәы хореографиатә студиа анапхгаҩы, абалетмеистер хада Анжела Дбари.


Ахәыҷтәы хореографиатә студиа «Иааирума» еиднакылоит 200- ҩык инарзынаҧшуа ахәыҷқәа, урҭ 6-гәыҧкны ишоуп: 5 шықәса зхыҵуа инадыркны, 17 шықәса зхыҵуа рҟынӡа. Акәашацәа хәыҷқәа еихшоуп қәрала мацара акәымкәан еихьӡаралагьы, баҩхатәралагьы зхы бзианы иаазырҧшуа рыла.
«Иааирума» еицырдыруеит Аҧснеиҧш, уи анҭыҵгьы, рҟазарала изныкымкәан Аҧсны ахьыӡ ҭыргахьеит, иӡырыргахьеит.
Ҳазҭалаз Ашықәс Ҿыц аламҭалазы, ианвар 13-14 рзы Москва ақалақь аҟны имҩаҧысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль «Лидеры России» афинал хада аҟны ари аколлекетив аҧсахеит иреиҳау аҧхьахә «Гран-при».
«Иааирума» Аҧсныҟа ишыхынҳәыз еиҧш, ари афестиваль ахь рцара шеиҿкаахази ишымҩаҧысызи реилкааразы ҳаҽлымаҳдеит ахәыҷтәы хореографиатә студиа «Иааирума» асахьаркыратә напхгаҩы Анжела Дбар. Уи ҳаиҿцәажәара хацыркуа иазгәалҭеит ҩынтәны ишалахәхаз напхгара зылҭо аколлектив.
 

«Иҳаҩсыз ашықәс азы Жәларбжьаратәи афестиваль – «Лидеры России» иалахәын аиҳабыратә гәыҧ: 12 шықәса зхыҵуа инадыркны 16 шықәса зхыҵуа рҟынӡа зықәра аҵанакуаз. Ҵыҧхгьы, ҳколлектив иреиҳау аҧхьахә «Гран- при» ранашьахеит. Аха, усҟан 50 коллектив ракәын иалахәыз. Сынтәа уи аҩаӡара еиҳа иҳаракын, даара хаҭабзиарала еиҿкаан, иалахәыз арҿиаратәи аҟазаратәи коллективқәагьы рхыҧхьаӡара наӡон 100 рҟынӡа. Жанр рацәала, еиуеиҧшым ҟазара хкыла еиҿкааз «Лидеры России» афинал хада аҟны еиуеиҧшымыз аноминациақәа рацәаны иаҧҵан.
Хаҭала, 36-ҩык акәашацәа қәыҧшцәа еидызкыло, 5 шықәса зхыҵуа инадыркны, 12 шықәса зхыҵуа рҟынӡа зхыҵуа, абжьаратә гәыҧ иаҵанакуа «Иааирума» акәашацәа ихадаз аноминациа «Лидеры России» аҟны иранашьахеит иреиҳау аҧхьахә «Гран-при, иара убас, уи инаҷыданы актәи аҭыҧқәа хҧа ирыҧсахеит», – лҳәеит уи.

Хаҭала, акәашацәа қәыҧшцәа разыҟаҵараҿы лҟазареи лџьабааи рыхә ҳаракны ишьаны, Тургенев иорден ланаршьеит Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист, ахәыҷтәы хореографиатә студиа «Иааирума» асахьаркыратә напхгаҩы Анжела Дбар.
Ҩымш имҩаҧысуаз, зымҽхак ҭбааз Жәларбжьаратәи афестиваль «Лидеры России» ихадоу афинал аҟны Аҧснытәи акәашацәа қәыҧшцәа инарыгӡеит х-номерк: «Аҧсуа кәашара», «Ҳџьынџьуаа рыкәашара», «Абазаа рыкәашара».
Акәашацәа қәыҧшцәа афестиваль аҟны ралахәхареи иранашьахаз аҧхьахәи инарҷыдангьы, Урыстәыла аҳҭнықалақь аҟны рыҟазаара аамҭазы, хаҭала, аныҳәа аламҭалазы ирбаз-­ираҳаз ҳәаа амам. Ихынҳәит ари ахҭыс ргәы иҭымҵәо агәалаҟазаара бзиа рыманы.
Аиашазы, Аԥсны абираҟ ҳаракны ишьҭыхны, ҳажәлар ркультура, рҟазара егьырҭ амилаҭқәа идзырбо, иӡырызго, ирылазырҵәо абиҧара ҿа ахьеиҵагыло акырӡа аанагоит, уи аҧеиҧш бзиа иазҳәоуп.
Ахаҵгылареи, ахылаҧшреи, агәцаракреи рыгымхар уаҵәтәи ҳҧеиҧш знапы иану абиҧара ҿа иаԥсаны рыԥсадгьыл ахьӡ-аԥша иаздырҳалоит.

Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me