Аԥацха аргылашьа иазкны

Иҟам ԥсыуак ишҭа аԥацха зҭагыламыз. Уи ахәышҭаара еиқәырханы измоу, аҭаацәа зегьы ҭыԥк аҿы еизызго ҩын дуун. Идуун шәагаала акәымкәа, идуун уи иамаз ҵакыла. Аԥсуа ԥацха иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ахәышҭаара, амца. Иара ашә анаауртлакгьы улаԥш зықәшәогьы иароуп. Ахәышҭаара - ныха ԥшьак иаҩызоуп, ҳаҭырла иазныҟәон ажәытәан, ус иҟоуп иахьагьы.


Алхас Ҵәыџь ҩажәи жәаха шықәса ихыҵуеит. Урҭ рахьынтә аашықәса иара ихатә ус дахагылоуп, амҿлыхқәа ҟаиҵоит, аҩнымаҭәа уҳәа, аха зегь реиҳа игәанала ицааиуа аԥацхақәа рыргылароуп.
Алхас Ҷлоу ашкол даналга ашьҭахь, Аҟәа аколлеџь дҭалоит, атуризм аганахьала азанааҭ алихуеит, аха уи иҽазыимкит. Иаб иашьа Рауль Ҵәыџь дидгыланы аԥацхақәа рыҟаҵара далагеит, ԥшьбаҟа шықәса аус еицыруан, анаҩс Алхас ихала ауасҭарҭа ааиртит. Иахьа Баӷмаран дахьыҟоу х-ҩык аус еицыруеит. «Аиҳабы ишысирбаз еиԥш ауп аԥацхақәа шыҟасҵо. Аԥацха аргылараҿы ихадоу аԥҟарақәа еилаҳгаӡом, аха уҟазара ааурԥшыр ахьалшо ахәҭақәа рҿы схатә знеишьа сымоуп»,–иазгәеиҭоит иара.
Аԥацха ахьаҵла иалырхуеит, аха ахыб ахь ирышьҭуеит аԥса. Аус ахы ркуеит амҿы еилыхра ала. Аӷәқәа изныкымкәа ауасҭагала ирцәуеит. Аԥацха аҿахьы ицо амҿы хазуп, ашьҭахь ирышьҭуа хазуп. Ашышразы иаҭаху аҷынҵла аархәоит ҿаҳәарала анхацәа рҿы. Иара уигьы еилырхуеит. Ахәажә ҷын акәзар, уи ахырхуеит. «Ҳтәаны ҳәызбала зегьы амаҳхуеит, ус иҟазымҵо дубап, аха иаҳа иԥшӡахоит. Ишамоу иҟауҵар, нас иамышәшәо иалагоит», - иҳәоит Алхас.

Арԥыс аҷын ааигоит Џьгьарда, Ӷәада уҳәа еиуеиԥшым ақыҭақәа рҟынтә.
«Аҷын ылызхуа еиҳарак аџьмақәа зааӡо роуп. Иасны исазҵаауеит иуҭахума ҳәа. Ианԥырҟо ԥхынҷкәынмзазоуп. Аӡын иаахәаны ишьҭасҵоит, аԥхын исымазарцаз. Аҷын шықәсык иҩароуп, еиҵоу аԥацха иасҭом, избанзар ишаӡоу иҟауҵар, ианҩалак акылҵәарсҭақәа духоит, усҟан иԥшӡахаӡом. Аусураҿы иҩоу уаргәаҟуеит, аха унапкымҭа угәы иахәартә еиԥш иҟауҵароуп», - иҳәоит Алхас.

Иара аԥацха шеибгоу иҟазарҭаҿы еибиҭоит, ианымазеихалак, иааимыхны аԥшәма иахь игоит. Уаҟа мчыбжьык ала иус хиркәшоит. Еиҳарак аԥацхақәа рҭахуп ақыҭақәа рҿы, иазҵаауеит ақалақь аҿы инхо ауааԥсырагьы, иахьдыргыло аҭыԥ рымазар. Иҟоуп акрыфарҭақәа рзгьы изҭаху. Шықәсык ианреиҵоу - ҩба, хԥа ҟарҵоит, иҟоуп хәба, фба андыргыло.
«Аусутә ҳамоуп, аҩназы ак аҟаҵара ахьӡара уадаҩуп, уигьы ансаҽԥнырҳәогьы ыҟоуп сҭаацәа», - иҳәоит дыччо Алхас. Иара иажәақәа рыла, аԥацха зыҩнаҭақәа рҿы изыргыларц зҭаху маҷым, Аԥсны ахы-аҵыхәантә ирыдҵаалоит, иҟоуп ҳамҭа дуны ирырҭарцаз аӡә ихьӡала иандыргылогьы.
Иҳәатәуп, аԥацха – аԥсуаа ижәытәӡатәиу рынхарҭахь ишаҵанакуа. Ԥшьганк зманы ицәырҵыз аргыларақәа иреиуоуп, даҽакала амасар-ҭӡы ҳәа иашьҭоуп.
Аханатә аԥсуаа идыргылоз игьежьу аформа змаз анхарҭақәа рышьҭахь, ԥшьганк зманы иааиз анхарҭа - аԥацха, аларҵәара бзиа аман, еиҳарак идыргылозгьы уи акәын. Иван Аџьынџьал ишәҟәы «Этнография абхазов» аҿы ибзианы иаарԥшуп уи шыҟарҵоз. Аԥацха ахәажә иалырхуан. Ишышны иҟаз аҭыӡқәа, еиҟараны ԥшьганкны ишьҭаз, хәыҷык иҟьаҟьаз ақыдқәа ирықәдыргылон. Ашьаҭа ахаҳәқәа рыла идырӷәӷәон, имбаарцаз. Аԥацха аханатә иаман иаарту абарҵа, ҩба ма ԥшь-шьаҟак рыла изкыз. Аԥацха ҩ-шәык ҿан - аԥхьатәи, иааиуаз асасцәа рзы, ашьҭахьтәи – аԥшәмацәа амҿы уҳәа абзазараҿы ихәарҭаз амаругақәа злаҩнаргалоз. Ашәқәа ҟарҵон аӷәқәа еидыԥсаланы, урҭ еибадыркуан еиҳа имаҷыз ӷәыла. Аԥацха шьақәгылан уадак ала, аха нас иадҟарҵало иалагеит аҿаԥара. Уи агәҭаны иҟан ахәышҭаара, аҵак ду аман аԥсуаа рҿы жәытә-натә аахыс. Ахәышҭаара иахакнаҳан архнышьна. Уи азааигәара идыргылон арымӡқәа. Аԥацхаҿоуп аҭаацәа зегьы раамҭа ахьырхыргоз, уа асасцәа рыдыркылон, акрырфон, рыԥсы ршьон. Аԥацха, аҩн ду ҳәа иашьҭан, уи асахьеи аҵаки ибзианы иаарԥшуп Баграт Шьынқәба ироман «Ахаҳә еиҩса» аҿы.

Иахьа аԥсуаа ахаҳәчаԥа иалху анхарҭақәа шрымоугьы, аԥацха ҳаҭырла иазнеиуеит. Аԥсуа ижәытәи-иҿатәи еидызҳәало акәны иаанхоит. Аргылараҿы азнеишьақәа рҽырыԥсахзаргьы, ихадоу, ишышу асахьа шамац иаанхоит. Алхас аԥацха аргылараҿы уи ауп еиҳаракгьы бзиа иибо.
Ԥацхак мызкы ахы-аҵыхәала иҟаиҵар илшоит Алхас. Еснагь амаҭәахә изышьҭоуп. Игәалашәоит, зны ҳамҭаны аԥацха иргылар акәхеит жәохә мшы рыла. «Уахынлагьы ҳацәамызт, убри ҳаҿын», -иҳәоит Алхас дԥышәшәарччо.


«Сусумҭақәа зегьы еилых рымамкәа бзиа избоит. Дара зегьы еиԥшым, доусы иара ишиҭаху еиԥш сазнеиуеит. Иҟоуп сыгәра зго, сара сгьама иацныҟәо, уара ишубо еиԥш иҟаҵа ҳәа сазҳәо. Усҟан ахақәиҭра сымоуп. Абарҵа аҟаҵараҿы амҿы ишысҭаху исцәуеит. Ажәытәан иҳамоу амаругақәа рхы иадырхәартә еиԥш алшара рымамызт, уажәы иаауҭаху ҟауҵар улшоит. Аԥацхақәа анҵыра бзиа рымазарцаз, аҵла ахьчараҿы ихәарҭоу зегьы ахьаҳшьуеит», - иҳәоит иара.
Алхас иҩызцәеи иареи идыргылахьоу аԥацхақәа Аԥсны анҭыҵгьы ицахьеит, акы Шәача иҟоуп, егьи – Краснодар. «Ари аус аҿы ицәгьоу акгьы ыҟаӡам, агәаԥхара умазар, иуҵоит», - иҳәоит Алхас.
Алхас дызҿу иус даара бзиа ибоит, аҩныҟа данцалогьы иусурахь ихоит. «Акыраамҭа амҿы афҩы ада исзычҳаӡом, сҭынчӡам», - иҳәоит иара.
Алхас Ҵәыџь иԥсҭазаараҿы иус иԥшааит ҳәа иԥхьаӡоит, уи игәы ахшәап ҳәа дыҟам. Амҿлых аҟаҵара, ауасҭара ада ихы ибом.

Альбина Жьиба 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me