«Аҧеиҳаб»

Ишдыру еиҧш, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр изныкымкәа-иҩынтәымкәа рықәгыларақәа рыла ахәаҧшцәа дыршанхахьеит. Урҭ рспектакльқәа рызкуп: абзиабара, аиҩызара, аибашьра уҳәа.


Абжьааҧны еиҧш, ҳазҭалаз ашықәс аламҭалазгьы, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр Александр Вампилов ипиеса иалхны акомедиа «Аҧеиҳаб» ахәаҧшцәа ирызнархиоит. Уи аус адуларазы Урыстәылантәи дааҧхьан арежиссиор Наталиа Николаева. Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аиҳабы, Аахыҵ - Уаҧстәыла зҽаҧсазтәыз артист Аслан Еныкь излаиҳәаз ала, лара хынтәуп Аҧсныҟа даарыҧхьоижьҭеи. Раԥхьаӡа данаарыҧхьаз ахәаҧшцәа идырбан «Амбжьах лыбжьара» – Шекспир иҩымҭа, аҩбатәи аан «Аҳәынҭқар ҟьантаз» – Шварц иҩымҭа, ахҧатәи – аҵыхәтәан аус здыруло «Аҧеиҳаб». Иазгәаҭатәуп Александр Вампилов – адунеи аҿы еицырдыруа аклассик, адраматург ҳәа дшырыҧхьаӡо. Убри инамаданы, аус здыруло акомедиагьы аҩаӡара ҳаракхоит.
«Аҧеиҳаб» аҿы ихәмаруеит 9-ҩык актиорцәа: Сарафанов ироль наигӡоит Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Аслан Анқәаб, Бусыгин – Ахра Кәарҷиа, Сильва – Вадим Абыхәба, Кудимов – Мдар Сақаниа, Нина – Есма Шуген, Макарскаиа – Диана Абыхәба, Васенка – Леон Барчан, агәылацәа – Дмитри Гәниа, Ҳаџьараҭ Џьопуа.
Иара убас иазгәаҭатәуп арольқәа назыгӡо рыдагьы аџьабаа ду шадырбало: аиҭагара – Г. Аламиа, арежиссиор - ақәыргылаҩ – Н. Николаева, асценаҿ ашәҵатәқәа –Н. Николаева, асахьаҭыхҩ-анагӡаҩ – Г. Дочиа, лашарала асахьаҭыхҩ – М. Манџьгалаӡе, С. Ҧачлиа, абжьы арежиссиор – Д. Шьоуа.
Апремиера ҿыц «Аҧеиҳаб» ахәаҧшцәа идырбахоит ианвар 23-24 рзы

Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me