Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Инарҵауланы аилыркааразы

Декабр мза аҵыхәтәантәи амшқәа раан Сириатәи Арабтә Республика аҳҭнықалақь Дамаск, Рукен ад-Дина ҳәа иахьашьҭоу, Ачерқьес ассоциациа аштаб-квартира аҟны хымш ирҭагӡаны имҩаҧысуан «Ачерқьес шәҟәы ацәыргақәҵа» захьӡыз аусмҩаҧгатә.

 

Адунеи иҧсаҟьаны иалаҧсоу, миллионла зхыҧхьаӡара наӡо, шамахамзар аҳәынҭқаррақәа зегь рҟны зхаҭарнакцәа уҧыло ачерқьесқәа – адыгақәа рхаҭареи, рҭоурыхи, рыбзазара иауасхыру рдоуҳаи инарҵауланы еилызкаарц зҭаху рзы акыр ихырҳаган ари ацәыргақәҵа. Уаҟа улаҧш иҵашәон хырхарҭа рацәала ачерқьес библиотека иеиднакыло аҭыжьымҭақәа: алитературатә, аҭоурыхтә, аҵарадырратә, арҵаратә ахәыҷтәы… уҳәа еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҟны иҭыҵхьоу ашәҟәқәа. Иара убас,араҟа ицәыргақәҵан документалтә експозициак аҳасабала, ассоциациа аусура аазырҧшуа есышықәсатәи амзарқәа.
Ацәыргақәҵа ааиртит ассоциациа ахада адоктор Гасан Шура, аҭааҩцәа рҿаҧхьа иқәгылеит убасгьы ачерқьесқәа реиҿкаара уаанӡатәи ахадацәа, абжьгаратә хеилак ахантәаҩы Самир Рамадан уб. иҵ.
Аусмҩаҧгатә аартра иалахәыз реиҧш, анаҩстәи амшқәа раан иаҭаазгьы гәахәаҳаракыла ирыдыркылеит ибзырӡы ргагоу ари ашьаҿа.

Ахатәы инф.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me