Аҿар рықәҿиара

Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Очамчыратәи ахәыҷтәы ансамбль «Абжьыуаа» аҽаланархәит Москва имҩаҧысуаз Жәларбжьаратәи аконкурс-фестиваль «Танц-пространство» захьӡыз. Уаҟа иранашьан иреиҳау аҧхьахә «Жәлар рытрадициақәа рыхьчаразы», иара убас еиуеиҧшым аноминациақәа рҿы актәи аҭыҧқәа ахьааныркылаз адипломтә ҳамҭақәа хҧа.


Аконкурс иалахәын Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи еиуеиҧшым ансамбльқәа. Уи еиҿкаан ақәгыларақәа 70 рыла. Ажиури рхыҧхьаӡараҿ иҟан Урыстәыла зҽаҧсазтәыз арҵаҩцәа, апедагогцәа-ахореографцәа, атеатри абалети рсолистцәа, аестрадатә балеттә студиақәа рҟынтә.
Асахьаркыратә напхгаҩы Тимур Туиба иажәақәа рыла, ансамбль иалоу ахәыҷқәа рықәгыларала аҩаӡара ҳаракны аадырҧшит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны ас еиҧш аҩаӡара ҳаракны рҟазара аадмырҧшыцызт. Уи зегьы зыбзоуроу иара идагьы ахәыҷқәа рҭаацәа адгылара ахьарҭаз ауп.
Ансамбль «Абжьыуаа» аконкурс аҟны инарыгӡеит х-кәашарак: ашьхарыуаа рыкәашара, аҭыҧҳацәа рыкәашара, ачара кәашара. Иазгәаҭатәуп рыкәашаратә маҭәақәа ҿыцны ишӡахыз.

Стелла Сақаниа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me