Зыжәлар рҭоурых иаласоу

Еицырдыруа аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ, ҳажәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аҧхьагылаҩцәа ируаӡәку Марыхәба Игор Ражден-иҧа 78 шықәса ихыҵит. Агазет «Аҧсны» аредакциа аусзуҩцәеи аҧхьаҩцәеи ҳахьӡала гәыцқьарыла анҵыра рацәа изеиҕьашьо ишәыдаагалоит иара ианҵамҭоу, иҧсҭазаара зегь зызку аҧсуа жәлар, рҿаҧыцтә ҳәамҭақәак.

Ажьырныҳәа иазкны…

Аҧснытәи Бзыҧуаа рҟаны, аныҳәаҩ, ҽынлазар – амра ахьгыло – «Анцәа ду иахь» ихы нарханы, аныҳәара дналагоит: «…Анцәа ду! Улҧха ҳаҭ, угәаҧха ҳаҭ!.. Сынтәа агәи-агәаҵәеи усырбоит…» ҳәа, ажәақәа рыла. Уи аамҭазы, иарма напала икыуп х-цык змоу арасамахә иахоу ашьтәа агәи-агәаҵәеи, арҧҳаи. Аныҳәара-аныҳәҧхьӡы даналгалакь, иаҳәазбала ҽыҭк-ҽыҭк агәи-агәаҵәеи аамирфааоит, ачашә агәҭа – ҽыҭк игьежьӡа иааҭифааоит. Нас, урҭ зегьы инапсаргәыҵа ианҵаны, данныҳәоз, иарҕьа напала, аҩы зҭаны иикыз аҵәца аҟнытә, - аҩы ҿамаҩақәак нарықәиҭәоит. Арҭ афатә-ҽыҭқәа, аныҳәатә-чыс иахәҭаку, инаганы абаҳчаҿ игылоу ҵлакы амахә-еимҿаҧа, ма – иҩны, ица уҳәа ахәыблыра, инбжьеиҵоит, абас еиҧш ажәақәа ҳәо: «Абарҭ аныҳәатә-чыс, еиҩҟьҟьа-еиҩҵәҵәа ишаны, Ачбеи Чачбеи ирыхьгӡаны рызхара исырчаанаӡа, сызқәныҳәаз – инеишьҭракыу зегьы, Анцәа ду зҩа-ҧхӡы ҳзааумган!» - ҳәа.
Аҧсуа қыҭа Џьырхәа инхоз Бебиа Маҳаид иныҳәаҧхьыӡтә ажәақәа даҽакала иҟазаарын. Арҭ иаб иажәақәа еицамкӡакәан, иныҳәараан еиҭеиҳәит, уи иҧа – Едуард Бебиа, Аҧсны еицрдыруоз, аҧсуа кәашарақәа рызҟазаҩ дуӡӡа – ахореограф… Аҧсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра анцоз аамҭа азоуп: 1993 шықәса ианвар 21 азы, «Ажьира-ныҳәа», «Ажьырныҳәа» - «хьачхәама» аныҳәа мҩаҧигарц - иаб иҩнаҭа дааит Едуард Бебиа. «Иаб ижьирҭаҿы» уи иныҳәара хиркәшеит абас: «Ачбеи Чачбеи еиларҭхаџьны иноусыжьаанӡа шәиҧхьыӡ Анцәа иаҳзааумган!» - ҳәа. «Бзыҧан Ажьира ианахныҳәо ирҳәогьы сара уажәада исмаҳацызт!», - ҳәа аниҵеит, аибашьраан «Амшынҵақәа» зыҩҩоз, усҟан Бебиаа р-Жьира-ныҳәа иақәшәаз – Платон Бебиагьы…
«… Иара (Ажьира-ныҳәа, Ажьырныҳәа – И.М.) ианатәыҵәҟьаз ҷыдла (ианвар – И.М.) жәаха руха, зегьы Ашықәс Ҿыц ианаҧылоз – дара џьабон, Бебиаа рыҷкәынцәа уи аламҭалазы ирацәаҩны иҭамхази… Едик иаб Маҳаид рыцҳа, Ижьира акыр аҩны инацәыхараны, ақәаҵараҿы, цқьаҭыҧк аҟны иҟан. Уи ҟаурла икәыршан, ҟаурлагьы ихыбын. Аӡәы имацара дааҵагыларатәы, насгьы иҽеиҵыхны акәымкәа – иҽаархәаны. Анцәа имҵаныҳәо ауаҩы далашҩыкны дышцәажәо, дахьыҟоу ихашҭны диашахәҵәаӡа даагылар – ахыб лаҟәыми – иамуратәы… Шьамхахьы асы шьҭан, аҳәылыҳәа аурагьы иаҿын. Едуард Бебиа иаб излаиҿиҵаахьаз ала, иқыжә агәи агәаҵәеи Хыхь иҟоу иарбо, «аҩны иҟоу, абна иҟоу – зегьы уаҳхылаҧш, уара зхьышьыргәыҵа ҳакәхшоу!» ҳәа, аныҳәара даҿын, ибжьы неиҵхны, Анцәа илымҳа иагны, имаҳар ҳәа дшәаозшәа!... Вахтанги (Возбеи – И. М.) сареи ҳнаскьан, ишьҭахьҟа ҳгылан, ҳаҧсы ӡаны… Едик игәыблаа ианқәаз зегьы ракака амхны Ажьира ахы инықәиҵан, ҳара ихы нҳақәкны, акакагьы наҳиркит…»

«Лыхаа урыпҟар – ушыҟало убап!..»

Аацытәк, Еснаҭ зыхьӡыз, Лыхны еизарак аҿы дахьнеиз, излацәажәоз иҽалеигалан, иҽырҟасаны, «ахшыҩ дирҵо», аус еиҳагьы изырҕыҕкшаз, ажәақәа бжьегало далагыит… Ари ззымчҳаз лыхаа рыҷкәынцәа, еизаз ауаа даарыларган, Еснаҭ иҕәҕәаӡаны дырпҟеит!.. Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭагьы дҭашәит…
Асоветтә аамҭазы ауп. Усҟан Аацытәи ақыҭсовет хантәаҩыс иҟаз Қьец Чагә иакәын. Ари «ахҭыс» аниаҳа: «сқыҭатә ауаҩы иоуп, иакәымыз дақәшәит, ахәшәтәырҭаҿы дышьҭоуп, сцаны ибара сықәнагоуп» иҳәан, Гәдоуҭатәи ахәтәырҭаҿы длеит. Еснаҭ дахьышьҭаз апалата иҧшаан, дахьынаҩналаз, Қьец Чагә ибжьы неиҵыхны, Еснаҭ диазҵааит:
- Ушҧаҟоу, Еснаҭ?!
- Ушҧаҟоу? ҳәа, уҵаауеит, ыы?!.. Лхаа урпҟар, иудырп - сшыҟоу! – иҳәит Еснаҭ, Чагә иҵаашьа згәамҧхаз, даргәамҵын…
(Иҳәамҭоуп 77 шықәса зхыҵуаз Қьец Чагә иҧа Аркаша Қьецба).
Ианҵоуп: Аҟәа, ииуль мза 6 аҽны, 2022 шықәсазы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me