Ақәыҧшцәа рыҩны аҟны

Абар, шықәсыбжак инеиҳаны иҵуеит Очамчыратәи ақәыҧшцәа рыҩны аҟны еиҿкаауижьҭеи афольклортә сектор, уи напхгара азылуеит Аҧсны зҽаҧсазтәыз артистка Марина Шинелиа. Еиҳараӡак азҿлымҳара арҭоит ачамгәыр.


Есымчыбжьа Очамчыра араион ақыҭақәа рҟынтә ачамгәыр аҵаразы иаауан аҿар. Анаҩс ииасит жәлар рашәақәа рынагӡарахь.
Ашықәс аламҭалаз иаҭааит ашкол-интернат, ачамгәыр ацнагӡарала инарыгӡеит еиуеиҧшым аҧсуа ашәақәа.
Очамчыратәи ақәыҧшцәа рыҩны адиректор Сельма Зантариа лажәақәа рыла, «Аҿар Аҧсны аҧеиҧш» роуп ҳәа азылҧхьаӡоит. Абасала, Аҧсны атрадициақәа рылааӡалатәуп.
Иазгәаҭатәуп ашәаҳәараҿы рхы иадырхәо аинструментқәа еиқәыршәаны иҟазҵо, Очамчыратәи ақәыҧшцәа рыҩны иҟоу асектор амҿлых азҟаза Беслан Воуба шиакәу.

Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me