Аҧеиҧш азы агәыҕра

Ашықәс ҿыц аҧеиҧш лаша адҳәалоуп ишдыру еиҧш, баша ирҳәом «аҧсҭазаара гәыҕрала еибаркуп» ҳәа. Ианакәызаалак имҩасуа ашықәс ахыркәшамҭахь инеиуа ианалагалак, иарбан тәылазаалак аҟны ауаажәларра рыбзазара мҩақәызҵо аусбарҭақәа ирхықәкызи, анаҩс урҭ рынагӡашьа иалҵшәахази рзы аихшьалақәа ҟарҵоит, ус ауп хымҧада ҳара ҳҳәынҭқарраҿгьы.


«Ауаҩы иеиҳау мал ыҟам», ишырҳәо еиҧш. Иаҳхысыз ашықәс иалагӡаны Аҧсны шаҟаҩы иизи шаҟаҩы рыдунеи рыҧсахзи, шаҟаҩы аҭаацәара аҧырҵази, шаҟаҩы еилыҵзи… уҳәа ахыҧхьаӡаратә лкаақәа ҟарҵеит есышықәсеиҧш ареспублика АҬАР-қәа. Урҭ аихшьалақәа ҳзыздырхәыцуа маҷымзар акәхап, ҳәарада?!
2023 шықәса декабр 20 рзтәи адырраҭарақәа рыла ашықәс иалагӡаны иит ҳтәылаҿы зынӡа – 523-ҩык арҧарцәеи, 430-ҩык аҭыҧҳацәеи. 2022 шықәса аҿырҧшрала иаагозар 189-ҩык рыла еиҵаны. Ааи, араҟа игәааумыгӡар залшом «30% инарзынаҧшуа ҳтәылауаа ахшараиуразы, атәыла анҭыҵ ицоит, иаҳҳәозар Шәача (еиҳаракгьы аҧсуаа). Избанзар асоциалтә еиқәыршәара аганахьала ирыдыргало аусқәа рымҽхак акыр иҭбаауп аҟнытә» ҳәа, Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиура аҟәша аиҳабы Бела Ҧлиа лықәгыларақәа руак аҟны иазгәалҭо лгәаанагара. Ҳәарада, урҭ рхыҧхьаӡара аҭыҧантәи астатистикатә еихшьалақәа ирылам, аха егьа ус акәзаргьы урҭ мыцхәы ирацәацәоуп ҳазҳәарым!?!
Аҵеи рира ҳақалақьқәеи ҳраионқәеи рыла еихшаны ҳахәаҧшуазар, зегьы иреиҳауп 235-ҩык ахьиз Аҟәа ақалақь, уи иашьҭанеиуеит 181-ҩык (96-ҩык арҧарцәеи, 85-ҩык аҭыҧҳацәеи), ауаажәларра иахьрыцлаз Гәдоуҭа араион, анаҩс, 147-ҩык (80-ҩык арҧарцәеи, 67-ҩык аҭыҧҳацәеи) асабицәа ахьиз Очамчыра араион. Егьырҭ административтә ҵакырадгьылқәа рҟны 100-ҩык иагьырзааигәамхеит. Ииашоуп, урҭ рҟны иқәынхо ауаатәыҩса рзеиҧш хыҧхьаӡареи рықәратә шьақәгылазаашьеи, рсоциалтә бзазареи… уҳәа иҵаҵҕәырку амзызқәа ирыхҟьогьы маҷым, аха…?! 245-нызқьҩык инарзынаҧшуа ауаатәыҩса ахьынхо аҳәынҭқарраҿы, аҿиара аизҳара даараӡа ишхьысҳау дырҵабыргуеит арҭ арбагақәа. Насгьы ҳаҧсадгьыл иаҧшәымацәоу ҳзы иабанӡанаӡо урҭ ахыҧхьаӡарақәа?! Даҽа жәашықәсақәак рнаҩс ишҧаҟало ҳҧеиҧш?! Иуҭахы-иуҭахым, зыхдырра аҭыҧаҿы иҟоу дарбанзаалак, «сара саҧсыуоуп» ҳәа иеилкаарала уи аҵакы здызкыло инарҵауланы дыдмырхәыцыр залшом!?
Ииашоуп, Аминистрцәа Реилазаара ашықәс аҵыхәтәантәи реилатәараҿы ишьақәдырҕәҕәеит аҧсуа милаҭ иреиуоу ахәыҷы ииразы Аҧсны инхо аҭаацәара аҧара зныктәи рызшәара иазынархоу аусбарҭабжьаратә хықәкытә программа «Адемографиа аҿиаразы», зышьаҭала 2024 шықәса инаркны аҧсуа ҭаацәарақәа рҟны актәи, аҩбатәи, ахҧатәи ахәыҷқәа риразы – 100 000 мааҭ рзыршәало; аҧшьбатәии ишьҭанеиуеи рзы – 200 000 мааҭ. Ицхыраагӡа бзиоуп ҳәарада, аха зныктәи шә-нызқь..., иабанӡанаӡо есымзатәи асоциалтә ҧарашәарақәа, насгьы, хҩыки, инареиҳаны ахшаара ахьырааӡо аҧсуа ҭаацәарақәа шаҟаҩыда?! Аамҭақәак рнаҩс «ача анынҵәа аишәа иқәсуаз» ҳарҩызцәамхааит?!

Абраҟа иҟазшьарбагоу даҽакгьы, иеилкаау усуп аҳәынҭқарреи уи ауаажәларреи рҭышәынтәалареи рыҿиареи ахы ахьыҵнахуа, ашьаҭа ахьаҳауа аҭаацәара аҟны шакәу. Аҭаацәара – хаҵеи ҧҳәыси шаҟа рҳәоу еиқәшәаны рыбзазашьа мҩақәырҵо аҟара ауаажәларратә еилазаара шьаҭаны иззышьҭоу аҳәынҭқаррагьы ашьақәгылара маншәалахоит. Аҵәа ахьуҧшаауа аҵәаҵла аҵаҟа ауп ҳәа баша иаурҳәахуа.
2023 шықәсазы 634 ҭаацәара аҧҵахеит Аҧсны, уи 36 рыла еиҳауп 2022 шықәса аасҭа. Аха, убри аан угәы еихьнамшьыр залшом «аҧҭазааратә уыҕә ҳзеицнагом» ҳәа еилыҵуа аҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара. 2022 шықәсазы урҭ рҩызцәа зынӡа 162 ҭаацәара ракәызҭгьы иҟаз, иаҳхысыз ашықәс азы ус еиҳа «иаҳзыманшәалоуп» ҳәа азырҧхьаӡеит 514 ҭаацәара (урҭ рахьтә шаҟа аҧсуа ҭаацәарақәоу ҳамҳәап иааҭкааны). Ҿырҧштәык аҳасабала иаҳҳәозар, Гәдоуҭа араион аҟны иаҧҵахеит 130 ҭаацәара; еилыҵит – 135 ҭаацәара. Аҟәа ақалақь аҟны рыҧсҭазаара еиларҵеит – 104 ҭаацәара, аха аицынхара залшом ҳәа азырҧхьаӡеит – 149 ҭаацәара уб. егь.

«Аира зшаз аҧсрагьы ишеит» ҳәа баша ражәа иалам ҧсабарала ҟәыҕара згым ҳажәлар. Иаҳхысыз ашықәс иалагӡаны, Аҧсны рыҧсҭазаара иалҵит зынӡа – 1234-ҩык, уи 2022 шықәса аасҭа 244-ҩык рыла еиҵоуп Анцәа иџьшьаны. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы имаҷҩым Аҧсни аҧсуа жәлари рҟнеиҧш, ҳтәыла анҭыҵгьы еицырдыруаз, зыхьӡ ахара инаҩхьаз аҵарауаа, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи аусзуҩцәа, аспортсменцәа, амилаҭтә доуҳа аиқәырхареи аихаҳареи рзы зџьабаа рацәаз ахаҭарақәа: Аҧсны жәлар рартист Тото Аџьапуа; аҵарауаҩ – археолог Игор Ҵнариа; ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭра иеиуаз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Жәларбжьаратәи Афонд «Аҧсны» Ахада Сенер Гогәуа; ААУ адоцент Иван Цәышба; агәабзиарахьчара аусхк аҟны злагала маҷмыз Лиудмила Аҩӡҧҳа; Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист, ажурналист Валери Ҷолариа; Аҧсны Афырхаҵа, аҧырҩы Виачеслав Ешба; Аҧсны абаҩрҵәыреи аспорти зҽаҧсазтәыз русзуҩ, Ареспубликатә хәыҷтәы-спорттә школ аиҳабы Иури Логәуа; аҵарауаҩ – афольклорист, Аҧсны зҽаҧсазтәыз аҟазара аусзуҩ Иуана Шамба; апоет, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хада Инна Аҳашҧҳа; атлетика хьанҭазы Жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза Руслан Ҭаркьыл уҳәа аӡәырҩы.
Ишаабо еиҧш, аихшьаалатә хыҧхьаӡарақәа иаҳдырбо гәахәарам. Ииашоуп, еиуеиҧшым аусбарҭақәа рҟнытә иҳауа астатистикатә дырраҭарақәа ахьеиқәымшәо маҷым, урҭ иҳарҭо, аҧсадгьыл ақәҕьацаразы зҵакы ҵаулоу аҭагылазаашьақәа маншәалахартә рымҩақәҵаразы иӡбатәу шмаҷым еиҧш.
«Агәыҕра умоуп аха, узықәгәыҕуа мап» ҳәа аҭак зауз ҳаиҩызамхарц, ҳус злам ҳамҳаҵә налаҵо акәымкәа, досу ҳахдырра ҳнапаҿы иааганы ахеиқәырхаразы ихымҧадатәу амҩахәасҭақәа ылгатәуп ҩнаҭа-ҩнаҭала, аҳәынҭқарра амҩақәҵарала, Ҳазшаз илыҧха-игәыҧха ҳацны.
Иаҳхаҳмыршҭлап жәлар рпоет иажәақәа:
«Адунеиажә цәгьа уеижьагоуп,
Еҳ, ҳаҕоу дуҭоуп.
Џьоук рзыҳәа уҧсыршьагоуп
Џьоук рзы ухьанҭоуп».
Ихьанҭахо Анцәа иҟаимҵааит зҭоурых азқьышықәсақәа иргәылгоу ҳажәлар рҧеиҧш!

Ахра Анқәаб

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me