Владимир Қапба диижьҭеи 75 шықәса ҵит

Ҧшьышықәса уажәаҧхьа, иаалырҟьаны изцәырҵыз ачымазара иахҟьаны иҧсҭазаара далҵит Аҧсни, СССР-и, нас Урыстәылеи ржурналистцәа Реидгылақәеи Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи ирылаз, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩыс, агазеҭ «Аҧсны аредактор хадас аус зухьаз, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, 40 шықәса инареиҳаны ажурналистика иазааҧсахьаз Владимир Никәала-иҧа Қапба.


Аҧсра хьшәашәа даҳҧырнагеит аҩыза нага, анапхгаҩы, агазеҭ адаҟьақәа рҿы аҩымҭа шьахәқәа нзыжьыз ажурналист.
Владимир Қапба диит 1949 шықәсазы Арасаӡыхь ақыҭан. Уи амшгьы даҽа мшык иузадкылом. Ақьырсиан жәлар зегьы иазгәарҭо, Иаса Қьырса иирамшны ирыҧхьаӡо ажьырныҳәа 7 азы. Иахьа иҧсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 75 шықәса ихыҵуан.Иқәра дуум.
Дшыхәыҷыз иаб машәырла диҧхеит. Ахәыҷы иааӡара иан Ҷуҷу Иуана-иҧҳа Дарсалиа лнапы иаанхалеит. Аамҭақәа џьбаран, рлеишәа цәгьан. Аколнхараҿы аус утәын, уагхар ҟаломызт. Убри иахашәалоз аамҭа лынхамҩа-лынҵымҩа иазылкуан. Иан длывагыланы длыцхраауан, иҵатәхәқәа аҽырзыҟаҵарагьы дахьӡон. Егьырҭ иҩызцәа хәыҷқәа, иқәлацәа реиҧш ахәмарха имамызт. Аџьаус шымариамызгьы еиликааит заа.
Аҧсабара блахкыга иааӡаз, ашьха ӡыхьқәа ирҿыхәоз ахәыҷы дкалаӡа, деинаалаӡа изҳауан. Иқәра анааи ашкол дҭалеит. Аҵараҿы аӡәгьы ишьҭахь дгыламызт, адыррақәа рышьҭкаара изымариан, ирҵаҩцәа ражәа гәникылон.
Ашкол далгеит. Иан аҵарахьы ихы лырхеит лџьабаа шырацәазгьы, ҧҳәысеибак лзы астудент иныҟәгара иацыз ахарџь-ҧарџьқәа хьаас имкыкәа. Аҩра, аҧхьара бзиа ибон, ихаҭагьы ажәеинраала хәыҷқәа рыҩра, аҩымҭа маҷқәа раҧҵара ихы азцон, иҽҧишәон.
Владимир Қапба 1960-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт дҭалеит. Дналагылеит астуденттә ҧсҭазаара, ирҳаит аҩызцәа, ақәлацәа. Илаҧшҳәаа аҽарҭбааит,дырра ҿыцла иҧсҭазаара хаҭәаауа аҿынанахеит. Аинститут аҟны еиҿкааз,Владимир Платон-иҧа Анқәаб напхгара зиҭоз, аҧсуа студентцәа еидызкылоз алитературатә кружок ду аусура активла далахәын.Иҭыҵуаз анапылаҩыратә журнал «Арҩаш» иҩымҭақәа анылон, аамҭаказгьы редакторра азиуан. Данстудентыз инаркны аџьа аҧхьагылаҩцәа, ахандеиҩцәа, астуденттә ҧсҭазаара иазикуаз анҵамҭақәа рнылон агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», ахәыҷтәы журнал «Амцабз», урҭ цон Аҧсуа радио аефир ала.

Владимир Никәала-иҧа Қапба 1972 шықәсазы Аҟәатәи арҵаҩратә институт далгеит. Убри ашықәсан Аҧсуа радио аредакциаҿы корреспондентс аусура далагеит. Акыр зыкапан хьанҭаз адиктофон ду ижәҩахыр ихшьны ақыҭақәа, анхамҩақәа, анаплакқәа дрылсит. Ауаа рыҿцәажәара, аинтервиуқәа рымхра иаргьы илаҧшҳәаа арҭбаауан, аҧсҭазаара дагәыладырҧшуан, радиожурналистк иаҳасабала ишьақәгылараҿы ихәарҭан.
1981 шықәсазы аҧсуа журналистика ахәышҭаара ду – агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аҟны аусура далагоит. Ари агазеҭ школ дуун арҿиаратә усзуҩцәа, ажурналистцәа ҿарацәа реиҵааӡараҿы. Убри иахысыз дреиуан Владимир Қапбагьы. Аредакциаҿы аҧсуа жәа «ршьалашьынуан», еибырҭон, агазеҭ ианылоз анҵамҭақәа гха-ҧха рымамкәа иҩызар акәын. Аинформациа кьаҿ акәзааит, анҵамҭа жыцә акәзааит, иара дахьиз-дахьааӡаз ишьҭикааз абызшәа цқьала аҧсы ахеиҵон, сахьаркырала ихирҷон. Уи аредакциа аусзуҩцәагьы, аҧхьаҩцәагьы еицгәарҭон. Аредакциа ду аҟны арҿиаҩцәа нагақәа рҧышәа журналистк иаҳасабала иеизҳара иацхраауан. Лассы-лассы ианылон иочеркқәа, иаҳарак аҟазара, акультура знапы рылакыз ирызкны. Анаҩс, агазеҭ акультура аҟәша акыраамҭа дахагылан.
1980-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы «асовет жәлар» еидызкылоз Асовет Еидгыла, иаҳарак М. Горбачов анапхгарахь даннеи, маӡа-аргама аҵаашшыларахь ахы архо иалагеит. 17% шәоуп иҟоу, шьҭа ишәҳарбап, уи аамҭагьы ааира иаҿуп ҳәа аҧсуа жәлар рыхәцә аҵкаара иалагеит ақырҭуа екстремистцәа. Ҳажәлар, аҧсуа патриотцәаҵәҟьа уи чҳашьа рзаҭомыз .

Владимир Қапба иҧсадгьыл дапатриотын. 1989 ш. ииуль 15-16 рзы усҟан ақырҭуа школ (уажәы – Б.У Шьынқәба ихьӡ зху абжьаратә школ) аҟны Қарҭтәи аҳәынҭуниверситет афилиал аартразы ақырҭуа ҿар аҧышәарақәа ддырҭирц аҧшьыргеит. Аригьы чҳашьа амамызт. Ахыбра иакәшаз дрылагылан имахәҿақәа ҧхьарҵәаны, ақырҭуа екстремистцәа ҧхарсны амшын иалазцалоз аҷкәынцәа рыгәҭаҵәҟьа дгылан. Уи аҵыхәала амилаҭеилыхыҩцәа иҩныҟа дзымнеиуа иҟарҵеит. Ааҭакала иҽыҧхьакны дыҟан.
Иааҧымҵәаӡакәа аиҿагылара иахьабалак аибашьрахь икылнагоит. Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага аамҭақәак Аҟәа далаханы дыҟан. Ахымш рыҽны, лада дыҟа, ҩада дыҟа, ҳажәлар рхы ахьеидыркылоз, Гәдоуҭаҟа ииасыз агазеҭ аредактор хада Борис Ҭыжәба ибзоураны араионтә газеҭ «Бзыҧ» атипографиаҿы зҭыжьра еиҿкаахаз «Аҧсны» ашҟа дхынҳәит. Ашьҭахь иара иеиҧш, аусзуҩцәа зегьы, Сулҭан Сосналиев инапы аҵаҩны, арратә корреспондент ҳәа аршаҳаҭгақәа ҳауит.

Агазеҭ атематика шьаҭанкыла аҽеиҭанакит, акьыҧхь ажәала иаарҧштәхеит аибашьра иаҿагылаз ҳажәлар, урҭ рҵеицәа рхымшаҭара, ргәымшәара, рхьамҵра. Агазеҭ аусзуҩцәа зегь реиҧш, Владимир Қапба иажәа ҵар аус ауан. Иара иоуп, раҧхьаӡа акәны агазеҭ «Аҧсны» аҟнытә, амацәаз иҭакыз Тҟәарчалҟа дҧырны, усҟан ацара-аара шуадаҩызгьы, ашәарҭара шацызгьы, агәыҕьра аазырҧшыз, ахырҕәҕәарҭақәа рҿы днеины, аибашьцәа дрыҿцәажәаны анҵамҭақәа ҟазҵаз.
Владимир Қапба убра дшыҟаз ауаҕеимшхара ҟалеит. Амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтәи иҧыруаз, аҳәса, ахәыҷқәа, абыргцәа зықәтәаз аверталиотқәа руак ҭадырхеит аҕацәа. Еиҭаҳәашьа змам ахьаа ду Тҟәарчалаа ишрыдыркылаз, аха ишхьамҵуа атәы зҳәо, ажәа гәыҭшьаагала иеиҿартәу иҩымҭақәа Гәдоуҭа иҭыҵуаз ҳгазеҭ ианын. Аверталиотқәа рыҧырра аанкылан, нас даҽа ҧрыгақәак рыла Нхыҵ- Кавказнтәи ҳгазеҭ гәакьахь дхынҳәит.
Владимир Қапбеи Фируза Расим-иҧҳа Чамагәуеи рыҷкәын заҵә, ҵәҩаншьапыс изхәаҧшуаз Алмас иқәра шаҵанамкуазгьы абџьар шьҭихит. 1993 ш. ииуль 4 азы Ахбиук аверталиот иҭаблыз дрылан. Адунеи аҿы иҟамло егьыҟам – ани аби рыбла ҭраа иҧшын. Алмас иқәра иаҵанамкыртә дҭыгга изҳахьан, аҧышәа ду змоу иан аполиграфист длывагылан аус иуан агазеҭқәа ахьыркьыҧхьуаз Аҟәатәи атипографиаҿ.
Иҷкәын данҭаха ашьҭахь, Владимир еибашьра дцоит, иааилгаанӡагьы иабџьар икын. Уи шьҭеимҵеит Урыстәыла абжьаҟазаратә мчқәа Егры аҳәааҿы игылаанӡа, уи зыхьчоз аҷкәынцәа дрылагылан.
Аибашьра анеилга, аверталиот иҭаблыз рыҧсыбаҩқәа ҟәшәаны Аҟәа агәаны игылоу аибашьцәа рбаҟа аҿаҧхьа анышә иарҭеит. Шықәсқәак анҵы ашьҭахь, аҧсыбаҩқәа зтәу зусҭцәоу реилкааразы аҭҵаарақәа мҩаҧган. Убра иааҧши т Алмас иҧсыбаҩгьы. Иҿыцҳҳараӡа ицәырҵит агәырҩа, ахьаа, алаҕырӡ. Ани аби иқә-иҵас мҩаҧыргеит ишаҧу ала. Аригьы хаҵароуп.
Аибашьра ашьҭахь иҟаз ауадаҩрақәа аколлектив зегьы еицаҳхаагеит, акыраамҭа ҩ-чахык ҳәа аус ҳуан, агазеҭгьы шҭҳажьыц иҭҳажьуан.
2010 шықәсазы Владимир Қапба Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩыс далырхит. Имҩаҧигон арҿиаратә конкурсқәа, аиҧыларақәа, излаилшоз ала ажурналистцәа реизҳара дацхраауан. 2012 шықәсазы акәзар, аҧсуа газеҭ заҵәы «Аҧсны» аредактор хадас дҟарҵоит. Аҭоурых ду змоу аҭыжьымҭа напхгара аҭара иацыз аҭакҧхықәра шдуз еиликаауан.

Аибашьра ашьҭахь иҳарҭаз ахыбра (Ажәанба имҩа, аҧшьбатәи аихагыла) ианууниверситетыз инаркны аремонт абацызт, аҭӡқәа цәыҧҧы, ақәа кылсуа, арҿиаратә усура акәым, аҩнадара угәы ахымло иҟан. Владимир Қапба, усҟан Аҧсны Ахадас иҟаз Алеқсандр Золотинск-иҧа Анқәаб иҟны днеины аҭагылазаашьа еиҭеиҳәеит, дагьахаҵгылеит. Техникалагьы, ҩнымаҭәалагьы ҳаиқәыршәан. «Евроремонт» ҳәа изышьҭоу ҳзыҟаҵан. Иахьа ҳзыҩноу ахыбра аҭоурых абас ауп ишыҟоу.
Владимир Қапбеи Фируза Чамагәуа-ҧҳаи еицынхеит, еицынҵит. Ҩыџьа рыҧҳацәа ҭаацәароуп, ирымоуп амаҳәцәа, ирызҳауеит амаҭацәа.
Арҿиаратә ус инаваргыланы – уи дынхаҩыҵәҟьан. Аҵыхәтәантәи имҩахь данынаскьаргоз илеиҵаз аџьықәреи ыҵыҳәҳә, азнашәа аҭаххартә иҟан.
Иҩнаҭа анеи-ааи агмызт,иҩцара ҭәын. Зегьы пату рықәҵашьа дақәшәон. Иҷкәын иҭахара ибҕа азмырхәеит, агәырҩа дыҵнамшәааит, иҟан илаф, ичча, ихәмарра. Урҭ зегьы ирыцын еимхәыцҵас еихышәшәоз иажәеиҿкаа. Абар иагьлафны, ахшыҩ аҵаны ҳамҭас исиҭаз раҧхьатәи ишәҟәы ишақәиҩыз: «Гәаҵәа хәыҷы ыҟам, гәаҵәа ду ыҟам. Уажәы абзара усвырбеит, уашьҭан – агәаҵәа». Алитератураҿы илшоз ҟаиҵеит. Ажәабжьқәеи, аповестқәеи, аиҭагақәеи еидызкыло ашәҟәқәа дравторуп. Иаҳирбозеи иҩымҭақәа рҿы? Аламыс, ауаҩра,абзиабара рыхьчара. Урҭ змам, зхы-зыҧсы мацаразы иҟоу, ауадаҩрақәа раан ихьаҵуа ауаа цәыригоит, иагьахьирхәуеит.
Владимир Никәала-иҧа илшамҭақәа гәыгәҭажьны иаанымхеит. Ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара, «Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналит» ҳәа ахьӡ ихҵоуп, аибашьраҿы иааирҧшыз афырхаҵареи агәаҕьреи рзы иҭоуп «Агәымшәаразы» амедал.

Борис Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me